Хыхь иҟоу Анцəаду, сукəыхшоуп! Улыҧха ҳаҭ, угəыҧха ҳаҭ! Аамҭа бзиа ҳзыҟаҵа, аҽаҩра беиа ҳаҭəашьа, дасу иааирыхуа ҧшӡала иҭегалартə, иҭаацəа ниҟəигартəы, абзиа аганахь ала ифартə-ижəыртə дҟаҵа! Ақəа анауша, ақəа ару, амра аныҧхаша, амра рыҧха, аҧша бааҧс аумырсын, акырцх аумыруын, ҳахьча! Улыҧш-хаа ҳхумбаан, уҳхылаҧш, ҳрыцҳашьа, суҳəоит!