COVID-19 иадҳәалоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз иахҟьаны Аԥсны иахьаҵанакуа аԥкыра ҿыцқәа алагалоуп.

Акоронавирустә чымазара ҿкы алаҵәара иаҿагыло аԥкырақәа алагалоуп Аԥсны аҵакыраҿы. Дара амчра роуит жьҭаара 5 инаркны. Абри азы адҵа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит цәыббрамза аиҩшамҭазы.

Адҵа инақәыршәаны, жьҭаара 5 инаркны атәылаҿы рымҩаԥгара ҟалом амассатә, аспорттә, арлахҿыхратә, алабаратә, ацәыргақәҵатә усмҩаԥгатәқәа ахыбрақәа рыҩныҵҟа, акультура аусҳәарҭақәа аламҵакәа. Иазгәаҭоуп, арҭ аусҳәарҭақәа русура мҩаԥыргар ҟалоит ҳәа аусзуҩцәа хаҭалатәи ахыхьчагақәа ныҟәыргозар, иара убас аусмҩаԥгатәқәа зныкала ирҭаауа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ԥкызар «ҩба-ҩба ҭыԥ рыбжьаҵаны» ҳәа. Ауадақәа рҟны есҽны апрофилактикатә рыцқьарақәа мҩаԥгалатәуп.

Иҟалом ачарақәеи егьырҭ агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәеи рымҩаԥгара. Абжьагара ҟаҵоуп алахьеиқәратәи агәаларшәагатә усмҩаԥгатәқәеи зыҽрылазырхәуа ахаҿқәа рхыԥхьаӡара ԥкызарц. Аԥкрақәа ирыҵанакит акрыфара-чаратә обиектқәагьы.

«Ауаажәларратә крыфарҭақәа рҟны аишәақәа рыбжьара асоциалтә дистанциа (1,5 метра иреиҵамкәа) бжьазарци амаҵ зуа аусуҩцәа хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәеи амедицинатә напҭарԥақәеи) ныҟәыргалартәи русура еиҿкаазароуп», – ҳәа аҳәоит адҵа атекст.

Адокумент инақәыршәаны, Аҟәа ақалақьи Аԥсны араионқәеи рҟны иҟоу афатәҭирҭатә, ақыҭанхамҩатә, ашәҵатәы џьырмыкьақәа радминистрациқәа есҽны апрофилактикатә дезинфекциа рзыруроуп аџьармыкьақәа рҵакыреи уурҭ рыкәша-мыкәшеи. Аџьармыкьаҿы акрызҭиуа, ма даҽа ус знапы алаку зегьы хаҭалатәи ахыхьчагақәа ныҟәыргалароуп.

Аҭыԥантәи администрациақәа рнапы ианҵоуп ауаажәларратә транспорт аҩныҵҟа есҽны апрофилактикатә дезинфекциа амҩаԥгара, амашьынарныҟәцаҩцәа хаҭалатәи ахыхьчагақәа ныҟәыргалартә еиԥш ахылаԥшра.

Аминистррақәеи аусбарҭақәеи рнапы ианҵоу

Адокумент инақәыршәаны, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иадҵоуп 2020 шықәса жьҭаара 15-нӡа Аҟәа ақалақьи Аԥсны араионқәеи рҟны иалкаазарц амедицинатә усҳәарҭақәа, зыҟны акороновирустә ҿкы змоу ахаҿқәа рышьҭаҵаразы иԥкаау аҭыԥқәа аартхо. Иара уи арыцхә азы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҿкытә ҟәшаҿы аҵәыҵәри аҭаразы аиҿкаара-техникатә усмҩаԥгатәқәа хыркәшазароуп.

Аԥсны Афинансқәа рминистрра иалнаршароуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра иатәу Аҳәынҭқарратә санитартә-епидемиологиатә маҵзура аусзуҩцәа рыштаттә хыԥхьаӡара ааҩык рҟынӡа аизырҳаразы иаҭаху афинансыркра амҩаԥгара. Иара убас ахахьы иагароуп акороновирустә ҿкы аарԥшразы алабораториаҿы имҩаԥырго зхыԥхьаӡара иацло амедицинатә ҭҵаарақәеи атестқәеи рзы иҷыдоу амыругақәеи аныхтә материалқәеи раахәаразы иаҭаххо ахарџь.

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра иадҵоуп аҭыԥантәи администрациақәеи иареи еинырны иааиԥмырҟьаӡакәа ашколқәранӡатәии азеиԥшҵараиуратәи усҳәарҭақәа хаҭалатәи ахыхьчагақәеи, арзҩыдатәгақәеи, ашоурашәагақәеи рыла еиқәдыршәаларц.

Ауааԥсыра акоронавирустә чымазара ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, иҳаҩсыз уахыки ҽнаки ирылагӡаны акоронавирус рыдбалоуп 49-ҩык ауаа, агәаҭара иахысит 192-ҩык. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы иахьазы ишьҭоуп 138-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 117-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 17-ҩык, ибжьаратәуп 46-ҩык. Илҩаауп 19-ҩык апациентцәа.

Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 1765-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 640-ҩык, 15-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.