Ҟарачы-Черқьессиантә автоколонна Аԥсныҟа иааит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рныҳәамш 25 шықәсазтәи аиубилеи азгәаҭара алахәхаразы.

Саид Барганџьиа

Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика ақыҭа Гәым аҟынтә автоколонна Аԥсныҟа иааит цәыббра 29 ауха, абазақәеи аԥсуааи рыешьара ҳаҭыр ақәҵауа, аԥсуа жәлар рныҳәа рыцеиҩыршарц азы. Акциа амҩаԥысуеит Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 25 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рҳәаа иҭагӡаны.

Икоммерциатәым автономтә еилазаара «Алашара» иатәу ашәуа ҳәсақәа рхеилак асистематә координатор Наҭелла Џьемакулова лажәақәа рыла, автоныҟәара «Гәымлоуқыҭ – Аҟәа» раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит, иагьадҳәалоуп 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 25 шықәса ахыҵра. Иара хацдыркит Ҟарачы-Черқьессиатәи ақыҭақәа рҿтәи Аҳәса ркоординациатә хеилак, иара убас аҽырхәмарратә клуб «Гәымлоуқыҭ».

«Ҳакциа хықәкыс иамоу – автоколонна злаауа амҩа иаԥну ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҟны инхо ауааи, иара убас амҩахь иаҳԥыло амашьынақәа рырныҟәцаҩцәеи, рпассаџьырцәеи ари аныҳәамш разхьарԥшра ауп. Ҳмашьынақәа иҷыдоу арԥшӡагақәа рыдҳарҷаблеит, асахьақәа рықәҭаҳхит, ҳәарада, абираҟқәа рылагьы иаҳҩычеит. Убри аҟнытә ҳколонна улаԥш иҵамшәар залшом», – лҳәеит Џьемакулова.

Лара иацылҵеит «арԥарацәа ари акциа ралахәхарала иаадырԥшырц шырҭаху аԥсуааи ашәуааи ракзаара».

Автоныҟәара алахәҩы Амерби Узден иазгәеиҭеит, ари акциа аӡбахә шааиаҳаз еиԥшҵәҟьа амҩа ақәларазы аҽеиқәыршәара дшалагаз.

«Аԥсныҟа ҳцарц ҳаӡбеит, избанзар алшара ҳауеит ҳҩызцәеи ҳашьцәеи ҳареи ҳаибабарц, лабҿаба ажәабжьқәак еибаҳҳәарц. Аԥсны аԥсабара ԥшӡа ҳаблала иаҳбоит, нас ҳаныгьежьлак, уи зеиԥшроу аҩны ирзеиҭаҳҳәалап», – иҳәеит Узден.

Акциа иалахәу ашәуа ҷкәын Ислам Гилиасов иакәзаргьы, иазгәеиҭеит ари аусмҩаԥгатә аҵак ду шамоу.

«Ҳашьцәа ирдыруазар ҳҭахуп, еснагь рывара ҳшыҟоу, ҳажәҩахыр шеибыҭоу. Адунеи иаҳааит Аԥсны – зхы иақәиҭу, ихьыԥшыму ҳәынҭқарраны ишыҟоу, ахақәиҭразы азин шамоугьы шьақәнарӷәӷәеит 25 шықәса раԥхьа, ақырҭуа қәылаҩцәа ықәцаны, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агарала», – иҳәеит Гилиасов.

Цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рныҳәамш 25 шықәса ахыҵра. Ари амш аҽны атәыла иаҭаауеит адунеи иқәынхо аԥсуа жәлар рхаҭарнакцәа аӡәырҩы, аҳәаанырцәтәи аделегациақәа, еиуеиԥшым адунеи атәылақәа рҟынтә Аԥсны аҩызцәа, аԥсуа абри амш рыдырныҳәаларц, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәхарц азы.