Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс шықәсыбжактәи аусура алҵшәақәа ирылацәажәан цәыббра 29 рзы имҩаԥгаз астол гьежь аҟны.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәеи Аконгресс алахәылацәеи шықәсыбжактәи Аконгресс аусура аихшьалақәа ҟарҵеит, иара убасгьы ԥхьаҟатәи агәҭакқәа ирылацәажәеит цәыббрамза 29 рзы Аҟәа имҩаԥгаз астол гьежь аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аԥхьажәа иҳәеит Аконгресс аԥҵаҩцәа ируаӡәку, АААК ҳаҭыр зқәу алахәыла Тарас Шамба, 2017 шықәсазы Аԥсуа-абаза милаҭ жәларбжьаратәи рассоциациа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахь ииагаанӡа уи ахадас иҟаз.

«26 шықәса раԥхьа Аконгресс анаԥаҳҵоз, ҳажәлар ҳахьчар ҳҭахын, Ҳаԥсадгьыл еиқәҳархар ҳҭахын. Уи даара иуадаҩыз аамҭан. Анцәа иџьшьаны, уи ҳалшеит ҳара. Иахьа аҳәынҭқарра ҳамоуп. Ҳара иаҳҭахын иара убас, 44 тәыла рҟны инхо ҳажәлар рхаҭарнакцәа еибабаларц, аимадара рыбжьазарц. Аконгресс аҿы аус ахьынӡазуаз ашықәсқәа ирылагӡаны аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа ахьынхо 38 тәыла сырҭааит. Анцәа иџьшьаны, иахьа ҳаимадоуп, ҳаиҿцаауеит. Иахьагьы хықәкы хадас иҳамоу – ҳҳәынҭқарра ашьаҭақәа рырӷәӷәароуп», – иҳәеит Шамба.

Аиԥылара иациҵеит арепатриациа аминистр Беслан Дбар. Уи астол гьежь алахәцәа ирыдиныҳәалеит иааиуа Аиааира амш 25 шықәса ахыҵра, иагьазгәеиҭеит аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы ари амш хадара зуа рыцхәны ишыҟоу. Абас еиԥш иҟоу аицтәылауаа реиԥыларақәа реиҿкааразы алшара аҟаларагьы иааироуп ҳәа ахиҳәааит.

АААК аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа рҿаԥхьа дкәгылеит, имҩаԥгаз аусқәа ртәгьы инарҭбааны еиҭалҳәеит.

Лара иазгәалҭеит апортал азырхиаратә усура аганахь иахьазы ишныху миллионки бжаки мааҭ аԥара. Ашықәс нҵәаанӡа апортал аусура амҩаԥгареи, афото- видеотехника раахәареи ирықәхарџьхоит даҽа ԥшь-миллион мааҭк инарзынаԥшуа.

Амина Лазԥҳа иазгәалҭеит иара убас, апортал хә-бызшәак рыла аусура шхацнаркыз, араб бызшәатә версиа уажәы аус адулара ишаҿу, хара имгакәа уигьы аԥхьаҩцәа ишрыдгалахо.

«Ҳсаит аҟны абызшәарацәара иаӡбо проблема хадас иҟоуп адунеи иқәынхо аԥсуа етнос рхаҭарнакцәа зегьы реимадара, ҳаилибакаартә еиԥш аҟаҵара. Аматериалқәа зегьы хә-бызшәак рыла иахьҭыҵуа иабзоураны ҳара зегьы, тәылас ҳахьынхозаалак, бызшәас ҳазлацәажәозаалак, ҳара-ҳара ҳаибадырра иацхраауеит, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны ҳдиаспорақәа ирыԥсҭазаашьоу аилкаара, ҳҭоурых аганахьала, зыхьӡ нагоу, ҳазхыҽхәо ҳџьынџьуаа рганахьала ҳдыррақәа реизырҳара, ҳдац-ԥашәқәа рхамышҭра, ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи рныҟәгара, ҳәарадагьы, аҿыц аамҭа ацныҟәараҿгьы убасҵәҟьа ицхыраагӡоуп», – лҳәеит АААК аинфопортал анапхгаҩы.

Лара иеизаз иралҳәеит даҽакгьы – абызшәарацәа ныҟәызго асаитқәа адунеи аҿы реиҳа ахарџь зго ракәны ишыԥхьаӡоу, апортал аныҟәгара иазынархоу ахарџь еиҳарак иахьцо атекстқәа реиҭагарахь шакәу.

АААК анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба иазгәеиҭеит «Алашара» хәышықәсатәи русура аԥышәа акыр аҵакы шамоу Аконгресс аусура амҩаԥгараҿы.

«Алашара» абаза қыҭақәа реиқәырхареи рырҿиареи аганахьала имҩаԥнаго қәҿиаралатәи аусура иаанашьҭыз аԥышәа ҳара даара иҳахәо иҟоуп. Асоциалтә хырхарҭа змоу, алҵшәа бзиақәа аазышьҭхьоу апрограммақәа ҳхы иаҳархәар ҟалоит аԥсуа қыҭақәеи, ҳдиаспора жәпаҩны иахьынхо аҭыԥқәеи рҟны», – ҳәа ахиҳәааит иара.

Инар Гыцба агәра ганы дыҟоуп арҭ ауаажәларратә еиҿкаарақәа рыҩбагь ԥхьаҟатәи русеицура иалнаршоит ҳәа амилаҭ реиқәырхареи рыҿиареи рганахьала иҟоу ауснагӡатәқәа қәҿиарала рыӡбара.

Санкт-Петербург иҟоу АААК аофис анагӡаратә директор Михаил Калинкин иеизаз ирзеиҭеиҳәеит аиҿкааратә структура аиҿартәышьа зеиԥшроу, насгьы иҳаҩсыз ашықәсабжазы АААК иҟанаҵаз аныхтәқәа рзеиԥш хыԥхьаӡареи рхырхарҭеи.

«Аконгресс ацентртә аппарат шьақәыргылоуп Аконгресс арегионалтә еилазаашьа ашьаҭақәа аԥҵоуп, Аԥсныи, Ҭырқәтәылеи Ҟарачы-Черқьессиеи, Ҟабарда-Балкариеи, Ставропольтәи атәылаҿацәи, Москвеи, Санкт_Петербурги арегионалтә ҟәшақәа рхеилакқәа аԥҵоуп», – иҳәеит иара.

Калинкин иациҵеит, арегионалтә структура анаҩстәи ашьақәыргыларазы Аконгресс 2018 шықәсазтәи аусура аплан инақәыршәаны, гәҭакыс ишыҟоу аҿари аҳәсеи рхеилакқәа раԥҵара, иара убасгьы Аԥсны араионқәа зегьы рҟныи, Аконгресс егьырҭ арегионалтә ҟәшақәеи рҟны аҭыԥантәи ахеилакқәа раԥҵара.

Иара иазгәеиҭеит, Аконгресс афинанстә цхыраарала Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ишынанагӡо иеизаку аԥсуа-абаза алфавит аԥҵареи, Аԥсуара иазку ашәҟәы аҭтыжьреи рзы аҭҵаарадырратә программа.

«Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҭҵаарадырратә программа анагӡара аԥара азоужьуп – ҳазҭоу ашықәс алагеижьҭеи 2 288 000 мааҭ», – иҳәеит Калинкин.

Иара иазгәеиҭеит иааидкыланы Аконгресс есымзатәи административтә ныхтәқәа рысмета ишартәо миллионки бжаки мааҭ.

Калинкин иеиҭеиҳәеит иара убас Аконгресс аиуристцәа ишеиқәдыршәаз аиҿкаара Аԥҟаԥҵәа ҿыц, Алахәразы аԥҟарақәа, Апрезидиум азы аԥҟарақәа, Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аконгресс афилиал азы аԥҟарақәа, ЗҲәА «Аинформациатә портал» Аԥҟаԥҵәа уҳәа егьырҭ адокументқәагьы.

Ишьақәыргылоуп Аконгресс аппарат, уи аусзуҩцәа рҟны напаҵаҩуп аусуратә еилаӡарақәа, Иреиҳаӡоу ахеилак аилатәарақәа ҩба еиҿкаауп, урҭ руакы раԥхьаӡа акәны аконференцеимадара аформат ала имҩаԥгоуп.

Иахьазы Аконгресс официалла иалоуп ҩышәҩык инареиҳаны ауаа, урҭ иаларҵаз аԥара ҩ-нызқь мааҭ инареиҳауп.

Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Аҳмаҭ Ҳапат иазгәеиҭеит Аконгресс аусура ажәлар рҟынтә адгылара шаиуша. Иеизаз иргәалаиршәеит алахәыла ихәҭалагала ашәагаа ҩ-долларк, мамзаргьы шә-мааҭк ҳәа зегьы еицҿакны ишадгылаз хәажәкырамзазы имҩаԥысыз Аконгресс аизара ду аҟны.

Доусы иаҳуалԥшьоуп абри аԥара алаҵара – ирацәоума-имаҷума ҳәа ҳазымхәыцкәа. Иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит Мусса Ҳабал-иԥа (АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы – аред.) иҟаиҵаз алагалазы, аха ари иара мацара иус акәӡам. Аконгресс иара мацара итәӡам, уи зегьы еицаҳтәуп. Ажәлар иртәуп. Аконгресс адгылара аҳҭароуп доусы излаҳалшо ала. Доусы илшо ҟаиҵааит, аӡәы – ҩ-долларк, ҽаӡәы – ҩышә доллар», – ҳәа иажәа хиркәшеит иара.

Аконгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба аиԥылара хыркәшауа иеиҭеиҳәеит аиҿкаара ԥхьаҟатәи гәҭакқәас иамоу.

«Ааигәаӡатәи ҳапланқәа рҿы хықәкыс иҳамоуп асоциологиатә ҭҵаара амҩаԥгара. Аԥсны ақыҭақәеи, аԥсуаа анҭыҵ иахьынхо аҭыԥқәеи рпотенциал аилкаара ҳҭахуп. Ари аҭҵаара ауникалтә ҟазшьа амазаауеит, уаанӡа аиԥш зеиԥшу мҩаԥгамызт», – иҳәеит иара.

Гыцба иациҵеит ари аҭҵаарақәа ирылҵшәаны қыҭацыԥхьаӡа апаспорт шеиқәыршәахо. Ироуа алҵшәақәа анализ рзура аамышьҭахь ақыҭакәа зегьы рҿы ирыгу-ирыбзоу азгәаҭаны, раԥхьаӡа иргыланы ирҽеитәу аусқәа нап дыркхоит.

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа аиҳабы аиԥылара алахәцәа рҿаԥхьа иӡыригеит Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рныҳәамш ахьӡала ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспораҿы иаԥҵаз агимн ҿыц «Амра гылоит Аҟәантәи».

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Аконгресс алахәцәа доусы рнапаҿы ирыҭан ҷыдала иазырхиаз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс алахәыла иршаҳаҭга.