Аиааиреи Ахьыԥшымреи рныҳәамш 25 шықәса ахыҵра аиубилеи азгәарҭеит Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәеи, араионқәеи рҿы.

Цәыббра 30 рзы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 25 шықәса ахыҵра иазкны аныҳәа азгәарҭеит Аҟәа.

Аныҳәамш алагамҭазы ашьыжьымҭан атәыла аиҳабыреи Аԥсны ҩызара азызуа аҳәаанырцәтәи атәылақәа реиҳабыратә делегациақәа рхаҭарнакцәеи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Ешыра, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба инышәынҭреи, Аҟәа Ахьӡ-Аԥша абаҳчаҟны игылоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа рбаҟеи рымҵан.
    Иахьа зхы иақәиҭу аҳәынҭқарраҿы инхо абиԥара иҭахаз ргәалашәара ҳаҭырқәҵарала разнеира – иаҳзыҟаҵо иреиҵаӡоу ауп ҳәа лыԥхьаӡоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩ Анна Гамсаниаԥҳа, есышықәса абаҟақәа рҿаԥхьа ашәҭшьҭаҵара ацеремониа зхы алазырхәуа.

«Иахьа ҳаԥсы ахьҭоу, ԥхьаҟа ҳахьцо зыбзоуроу ҳфырхацәа гәымшәақәа роуп. Урҭ ргәалашәара ашьара ҳуалуп, нас убри амаҷ ҳалымшар ҟалома? Ргәалашәара аԥсы ахьынӡаҭоу, рфырхаҵарагьы аԥсы ҭоуп», – лҳәеит лара.

Аиааира амш азгәаҭара иацҵахеит Ахақәиҭра ашҭаҿы имҩаԥгаз арратә парад ала. Ашҭа иқәсит аибашьра аветеранцәа, аруаа, абронетехника. 


Ахақәиҭра ашҭеи уи иавакны игылоу абаҳчеи уаала иҭәын: хәыҷи-дуи аныҳәахь иааит, ԥсыуа милаҭ маҭәала рҽеилаҳәаны, аԥышҭарчқәеи, абираҟқәеи кны. Аҳҭнықалақь ахь иааит ақыҭауааи, Аԥсны егьырҭ ақалақьқәа руааԥсыреи.

Баграт Оҭырба – Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. Уи иԥсадгьыл ихьчарц абџьар шьҭыхны дангыла, 18 шықәса ракәын ихыҵуаз, ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал. Иахьа уи Гагрантә аҳҭнықалақь ахь дааит хҩык иԥацәа хәыҷқәа иманы, аныҳәа еицазгәарҭарц, нас апарадгьы дирбарц.

«Схәыҷқәа рҭоурых рдыруазар сҭахуп, рыжәлари рыԥсадгьыли знысыз амҩа. Ишыхәыҷқәоу рыԥсадгьыл абзиабара рылааӡатәуп», – иҳәеит иара.

Баграт иазгәеиҭеит, аибашьра еилгеижьҭеи 25 шықәса рышьҭахь итәылазы иҷыдоу аҭакԥхықәреи агәырӷьареи шиныруа, аҭынч аамҭазы апарад дахьалахәу инадҳәаланы.


Аԥсны ауааԥсыра рныҳәа рыцеиҩыршеит ҳтәыла асасцәагьы.
Убас, Италиа иҟоу Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адҵа ҷыдақәа назыгӡо ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани хықәкыла Аҟәа даҭааит Аиааира амшныҳәа азгәаҭара иҽалаирхәырц.

«Сара раԥхьаӡа акәны ари аныҳәа Аԥсны саԥылоит, аха уаанӡа есышықәса уи азгәасҭон Италиа, ҳдипломатиатә хаҭарнакраҿы. Иахьатәи аиубилеитә ныҳәа иснарбеит аԥсуа жәлар рпатриотизмра ахьынӡаҳараку, иҿыцӡоу Аԥсны аҭоурых ҽнакала издырыртә сҟалеит. Ари аныҳәа ацәаныррақәа рацәаны исызцәырнагеит сара», – ҳәа игәы иҭаз ҳзеиҭеиҳәеит Гриттани.

Италиатәи ассоциациа «Европа – Апсны» ахада Акилле Ночито раԥхьаӡа акәны Аԥсны даҭааит, иоуз ацәаныррақәагьы ҳацеиҩишеит.

Абри ахҭыс иазку афотолента ахәаԥшра>>

«Раԥхьаӡа акәны Аԥсны сааны сыҟоуп, абас еиԥш аныҳәа ду сахьақәшәазгьы насыԥны исыԥхьаӡоит. Агәырӷьара ду соуит, араҟа апатриотизм рацәоуп, Европа акәзар, уи хәыҷы-хәыҷла иаҳцәыӡуеит. Иахьа раԥхьаӡа акәны Аԥснытәи адгьыл сшьапы ықәсыргылеит, исҳәарц сҭахуп, шәтәыла даара иԥшӡоуп, ажәлар ргәы ҭбаауп, асасцәа гәахәарыла ирзыҟоуп, аха зегь реиҳа ихадароу – ара избо-исаҳауа зегьы аинтернет аҿы Аԥсны иазкны уаанӡа сзыԥхьаз зынӡаск иацәыхароуп. Адезинформациа рацәагәышьоуп», – ҳәа гәалсрала иазгәеиҭеит иара.

Аныҳәатә парад иацҵахеит акциа «Ԥсра зқәым архәҭа» ала, уи есышықәса рхы аладырхәуеит шәҩыла ауааԥсыра.

Акциа алахәцәа руаӡәк – Инал Лазба Ахақәиҭра ашҭа дықәсит аибашьра иалахәыз иаб иашьа гәакьа, иультәи аманиовр мҩаԥызгаз асмертникцәа ргәыԥ акомандирс иҟаз, «Леон Иорден» занашьоу Алик Лазба ипатреҭ кны.

Инал «Ԥсра зқәым архәҭа» иалахәыз рыбжьара аҳра зуаз агәалаҟареи иара ихатә цәаныррақәеи ҳацеиҩишеит, акциа анхыркәшаха ашьҭахь.

«Ари акциа ашколхәыҷқәагьы алахәын. Убас иҟалеит, сара сҩызак ибеит ашколхәыҷқәа руаӡәык саб иашьа ипатреҭ кны дышнеиуаз, иаразнак алагьы адырра сиҭеит. Минуҭқәак рышьҭахь саргьы урҭ срывагылан, сҩызагьы сывара днеиуан Аҟәа ахақәиҭтәраан иҭахаз иаб ипатреҭ кны. Сгәы аладууп иахьа, ҳиааира 25 шықәса анахыҵуа амш азы, апарад хыркәшауа, Ахақәиҭра ашҭа сықәсыртә еиԥш алшара ахьсоуз. Агәҭыхақәа сеимаркуан. Саб иашьа сара схаҭыԥан днеиуазшәа сгәы иабон ицеибашьуаз иҩызцәа дрыцны… Агәырӷьареи ахьааи рыла сгәы ҭәын. Аибашьцәа рпатреҭқәа кны инеиуаз ахәыҷқәа еилыркаароуп, ҳаибашьцәа гәымшәақәа рыбзоурала иахьа ҳаԥсы шҭоу, Аиааира абираҟ акамыршәра шаҳуалу, иҳаракны инаҳгалароуп уи, ҳнаҩс игыло абиԥарақәа ирымаҳдаларц».

1992-1993 шықәсқәа рзтәи аибашьра иалахәыз хаҵарыла иаԥылеит ирзааиз ашәарҭара, хьыӡла-ԥшала аиааирагьы ргеит ҳәа ациҵеит Инал Лазба.

«Ҳара ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу ауадаҩрақәа убасҵәҟьа ҳхьамҵкәа ҳахьынӡазырԥыло аҭоурых иаанарԥшуеит, аха ҳфырхацәа ргәалашәара ҳцәыӡыр ҟалаӡом, урҭ ргәымшәара мҩақәҵагазароуп ҳара ҳзы», – ҳәа иажәа хиркәшеит иара.

Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирыцҵахеит Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы имҩаԥгаз аконцерт ала, анаҩс астадион «Динамо» аҟны имҩаԥгаз акәашарақәа рыла, уи ақәыргыламҭа иазхәыцын ҷыдала абри аиубилеи иазкны.

Ақәыргыламҭа арежиссиорс дамоуп Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Кәакәасқьыр. Акәашаратә қәыргыламҭа аидеиа хада: Аџьынџьтәылатә еибашьра – абзиеи ацәгьеи рымчқәа реиҿагылара еиԥш аарԥшра акәын.

«Аибашьра аҭоурых иаҵоу аглобалтә ҟазшьа аганахьала ҳазнеирц ҳаӡбеит, уи аарԥшуп абзиеи ацәгьеи реиҿагылара аҳасабала. Ҳара ҳакәашаратә ансамбльқәа рынахысгьы, ари ақәыргыламҭа иалахәын хатәгәаԥхарала иҳавагыланы иеибашьырц иаауаз Аҩада Кавказтәи ҳашьцәа ртәылақәа рҟынтә ансамбльқәагьы», – иҳеит иара.

Аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә ансамбльқәа рахьтә ари аусмҩаԥгатә иалахәын «Шьараҭын», «Кавказ», Аҟәатәи акульпросвет ҵараиурҭа ансамбль, асасцәа рҟынтә – Ҟабарад-Балкариатәи акәашаратә ансамбль «Кабардинка», Ҟарачы-Черқьессиатәи акәашаратә театр, Адыгатәыла жәлар рыкәашаратә ансамбль «Нальмес», Б. А. Галаев ихьӡ зху Аахыҵ Уаԥстәылатәи ашәаҳәареи акәашареи рансамбль «Симд», Игор Моисеев ихьӡ зху жәлар рыкәашара академиатә ансамбль, иорданиатәи ансамбль «Аль-Ахли».

Аныҳәатә хәылԥазы хлыркәшеит Аԥсныи Урыстәылеи жәларқәа рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа, Аиааира амш 25 шықәса ахыҵра иазкны акомпозитор Максим Фадеев ҷыдала иаԥиҵаз ашәа «Абхазия моя» апремиера ала.

Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа 25 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы Аԥсныҟа иааит хыԥхьаӡара рацәала аофициалтә делегациақәа аимабзиаратә тәылақәа Приднестровие, Ашьха-Ҟарабах, Шьамтәыла, Италиа, Аахыҵ Уаԥстәыла рахьтә, иаҳзааит иара убас Ҟарачы-Черқьессиа, Ҟабарда-Балкариа, Москва, Санкт-Петербург, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа рҟынтә ҳџьынџьуаа жәпаҩык.