Атриатлон IRONMAN аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны милаҭла иаԥсыуоу Борис Барцыц адистанциа дахысит Барселона.

Саид Барганџьиа

Аԥсуа спортсмен Борис Барцыц – аспорттә клуб "Sport Apsny" анапхгаҩы, Аԥснытәи амобилтә еимадаратә компаниа «А-мобаил» адиректор хада қәҿиарала дахысит атриатлон IRONMAN  азы аицлабра – раԥхьаӡа акәны ари аицлабра аҭоурых аҿы. Иара дахысит 226 километра иҟаз адистанциа, 14 сааҭ рыла.

Борис Барцыц триатлон азы аицлабра Ironman аҿы, Барселона ақалақь
© Борис Барцыц

АААК аинфопортал акорреспондент даниацәажәоз, аспортсмен иазгәеиҭеит ҩышықәса раԥхьа абри аицлабра алахәхара хықәкыс ишышьҭиххьаз.

«Триатлон Barcelona IRONMAN -2018 аҟны алахәра – акыраамҭа сыззааиуаз акоуп, қәҿиарала сахьахысыз – схы саиааит ауп иаанаго, – иҳәеит иара. – Сымч ԥысшәар сҭахын, схы саиааир сҭахын. Жәымз инарзынаԥшуа сҽадцаланы аҽазыҟаҵара саҿын».

Борис Барцыц 14 сааҭ рыла 226 километра инаӡоз адистанциа дахысит: уахь иаҵанакуан аӡсара – 3,8 км, амаланыҟәатә етап – 180 км, нас амарафонтә аҩра 42,2 км.

«Абри зегьы уахысыр акәын зныҭрысла, аанҿасрада. Аԥҟарақәа рыла, аицлабра алахәцәа ирымоуп 15 сааҭи 40 минуҭи адистанциа зегьы ахысразы. Ари аамҭа зыҽҭазмыгӡаз афиниш ахь неишьа рымаӡам», – ҳәа еиҭаиҳәеит аспортсмен.

Аицлабра дахьалахәыз азы аԥсуа спортсмен иԥсы ахьынӡаҭоу аҳаҭыртә хьӡы IRONMAN  ихҵоуп (англыз бызшәаҟынтә еиҭоугозар - "аиха уаҩы" аанагоит - аред.).

IRONMAN  — здистанциа дуу атриатлон азы еицлаброуп, имҩаԥнагоит Адунеизегьтәи атриатлон акорпорациа (WTC). Асериахь иаҵанакуа аиԥхныҩларақәа зегьы хԥа-хԥа етап рыла ишьақәгылоуп, урҭ зегь еишьҭагыланы ицоит, аспортсменцәа рыԥсы ршьар ауӡом: аӡсара, ашоссе аҟны маланыҟәала ацара, амарафонтә аҩра. Атриатлон IRONMAN  адунеиаҿы ҽнак ала имҩаԥысуа аицлабрақәа рыбжьара зегь реиҳа иуадаҩуп ҳәа иԥхьаӡоуп.