Аԥсны ахьыԥшымразы ақәԥареи 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи ирызку ашәҟә ҿыц автор Сельчуқ Сымсым АААК аинфопортал иазеиҭеиҳәеит ашәҟәы аус шадиулоз, насгьы абри атема зышьҭихыз атәы.

Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Сельчуқ Сымсым ииҩыз Аԥсны ахьыԥшымра азықәԥара иазку ашәҟә ҿыц апрезентациа мҩаԥысит ақалақь Сақариа, жьҭаара 7 рзы. Уи ахьӡ нагӡа абас иҟоуп – «Даҽа ԥсадгьылк ҳамаӡам! Аԥсны ахақәиҭразы аибашьра, 1992-1993 шықәсқәа».

Ашәҟәы аибашьратә хҭысқәа мацара ракәӡам иаанарԥшуа. Уи еиҭанаҳәоит аибашьра иаԥхьанеиуаз амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара ацашьеи, насгьы аибашьра анеилга ашьҭахь иҟалаз алҵшәақәеи ртәы.

Асовет Еидгыла Михаил Горбачиов (ЦК КПСС аҵыхәтәантәи амаӡаныҟәгаҩ хада – аред.) данахагылаз аамҭазы имҩаԥысуаз аполитикатә процессқәа аԥсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аимпульс ҿыц арҭеит, иарбан милаҭзаалак рыхҳәаақәҵаразы, рполитикатә статус ашьақәыргыларазы ирымоу азин рхы иадырхәарц.

Аԥсны ирҭахын ихьыԥшыму Асоциалисттә Республика аҳасабала Асовет Еидгыла иалаларц, 1931 шықәсанӡа ишыҟаз еиԥш. Абри агәаҳәара аныԥшит «хынҩажәаҩык рышәҟәы» ҳәа аҭоурых аҿы зыхьӡ аанхаз, 1988 шықәсазы Аԥсны аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа ирышьҭыз ашәҟәгьы. Иара нашьҭын усҟан имҩаԥысраны иҟаз XIX-тәи Аидгылазегьтәи апартиатә конференциахь. Абри ашьҭахь, 1989 шықәсазы Асовет Еидгыла анапхгарахь иҟаҵан хыхь зыӡбахә ҳәаз азҵаара аганахьала Лыхнытәи ааԥхьара. 1991 шықәсазы Аԥсны алахәын Асовет Еидгыла аиқәырхара иазкыз ареферендум. Абасала Сельчуқ Сымсым ишәҟәы ахы акуеит 1988 шықәсазтәи ахҭысқәа инадыркны.

«Ашәҟәы раԥхьатәи адаҟьақәа аатуеит 1988 шықәса, рашәара 17 рзы аԥсуа интеллигенциа Аԥсны ақырҭуа цәгьоурақәа рацәыхьчаразы Москваҟа ашәҟәы шырышьҭыз аиҭаҳәарала. Араҟа иаарԥшуп уи апериод азы имҩаԥысуаз ахҭыс хадақәа зегьы, 1993 шықәса, цәыббра 30 рзы Аԥсны аиааира абираҟ Егры аӡиас иахагылаанӡа», – ҳәа еиҭеиҳәеит автор.

Иара игәаанагарала, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора аибашьра иаԥхьанеиуаз Аԥсны аҭоурыхи иара аибашьра ахаҭа ахронологиеи рацәак ирыздыруам. Иазгәеиҭеит 1988 шықәса инаркны Аԥсны аиааира анагаз1993 шықәсанӡа ибжьоу аамҭатә период иазкны ҭырқә бызшәала иҟоу аҩыратә хыҵхырҭақәа даара ишмаҷу.

«Сара иахьынӡеилыскаауа ала, иара Аԥсынгьы ҩырала иҟоу аматериалқәа маҷуп. Ирацәаҩума абри атема иазааҭгылахьоу Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа? Ирыҩхьоу азхома? Сара сгәанала, иазхаӡом. Ҳхьыԥшымра аҭоурых иазку ашәҟәқәа еиҳагьы ирацәазароуп, хәыц-хәыц еиҿыршәшәаны ҳаԥхьаҩцәа ирзеиҭаҳҳәароуп ҳҭоурых», – иҳәеит Сымсым.

Ашәҟәы аиқәыршәаразы, уи автор ԥшьышәҩык инареиҳаны ауаа дрыҿцәажәеит. 250-ҩык раҟара Аԥсны еибашьуаз аруааи, акомандаҟаҵаҩцәеи роуп. Егьырҭ – ҭырқәтәылатәи аԥсуаа иреиуоуп: аибашьра иалахәыз, мамзаргьы уа адиаспораҟынтә Аԥсны ахақәиҭразы ақәԥараҿы еиуеиԥшым ацхыраара ҟазҵоз.

«Мраҭашәаратәи афронт аҟны адҵаҟаҵаҩцәас иҟаз, иахьа зыԥсы ҭоу, шамахамзар зегьы срацәажәеит. Мрагыларатәи афронт аҟны еибашьуазгьы аӡәырҩы аинтервиуқәа рымысхит», – иҳәеит Сымсым.

Иара иазгәеиҭеит инҭырҳәцааны ишҭиҵааз аибашьра иазку анҵамҭақәеи, авидео, адокументалтә фильмқәеи, ашәҟәқәеи рацәаны.

«Срыԥхьаны иҭысҵааит 150 статиа инарзынаԥшуа, урысшәалеи, англыз бызшәалеи, аԥсышәалеи, ақырҭшәалеи иҩу ашәҟәқәа 50 раҟара. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аибашьратә архив ҭысҵааит. Иара убасгьы, 1992-1993 шықәсқәа рзы иҭыҵуаз агазеҭқәа зегьы сылаԥш рхызгеит», – ҳәа ациҵеит Сымсым.

Автор иазгәеиҭеит, ашәҟәы ҭырқә бызшәала аҭыҵра ашьҭахь, аԥсышәалеи, урысшәалеи, англыз бызшәалеи еиҭаганы ишҭыҵуа атәгьы.

«Еиҳаракгьы англыз бызшәала иҭҳажьыр ҳҭахуп абри ашәҟәы, европатәи аԥхьаҩ ҳаибашьра аҭоурых иашаҵәҟьа изнаҳгарц. Қырҭтәыла ари аибашьра аҭоурых еиҭарҳәоит афактқәа еицакны. Шәкыла астатиақәеи, ажәахәқәеи аздырхиоит, аиаша иацәыхароу аҳәамҭақәа ҟарҵоит, абри зегьы европауаа рыхдырра рнапаҿы иааргарц азоуп изыҟарҵо. Сара сгәаанагарала, апропагандатә ҟазшьа змоу абри амцԥаршеиратә статиақәа ҳарҿагылароуп. Аԥсныи Урыстәылеи рынҭыц ҳҭоурых ҽеишәа иаҳзеиҭамҳәаӡацт иахьа уажәраанӡа», – ҳәа азгәеиҭеит ашәҟәы автор.

730 даҟьа иҟоу ашәҟәы аҩра ҩышықәса аамҭа агеит. Ииҭахыз аматериалқәа зегьы реизгаразы автор даара акырынтә Аԥсныҟа дааит, иара убас Ҭырқәтәылеи Европеи ақалақьқәа акыр дырҭааит.

Хара имгакәа ашәҟы апрезентациа амҩаԥгара ргәы иҭоуп егьырҭ аҭырқәа қалақьқәа рҿгьы: Сҭамԥыл, Измиҭ, Дузџьа, Инегиоль, Есқьышьеҳир, Бозиуиуқ, Билеџьиқ, Анкара, Ҟаисери уҳәа.

Автор игәы иҭоуп иара убас Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахҭысқәа ирызкны ашәҟәқәа рҭыжьра, периодцыԥхьаӡа хазы дазааҭгыло.

2016 шықәсазы, ашәҟәыҩҩы, аҭоурыхҭҵааҩ Сельчуқ Сымсым иҭижьхьан ашәҟәы «Аԥсуаа (абазаа) рполитикатә ҭоурых 19-20-тәи ашәышықәсақәа рзы» ҳәа хьӡыс измоу. Уаҟа иазааҭгылоуп ажәытә аамҭа инаркны 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡатәи аԥсуаа рполитикатә ҭоурых. Ари ашәҟәы 690 даҟьа рыла ишьақәгылоуп.