Абиԥарацыԥхьаӡа ахатә музикантцәа арҳауеит. Иахьатәи абаза ҿар рыбжьара иҟоуп виртуозла амырзакан азырҳәо – ашәуаа зегь реиҳа бзиа ирбо амилаҭтә музикатә арҳәагоуп иара. Аха аспециалистцәеи амырзакан арҳәаҩцәеи еицҿакны ирҳәо акоуп – иахьа уажәраанӡа ари ахырхарҭаҟны Зули Ерыжәԥҳа илеиӷьу уаҩ дшыҟам, убри аҟара абаҩхатәра ду лылан, аӡәы еиԥшымкәа амырзакан алырҳәон.

Гьаргь Чкала 

Дшыхәыҷыз илҩызахаз

«Сара смырзакан. Сгәи-сыԥси зыҿҳәароу амырзакан. Уаҩытәыҩсатә бызшәала изцәажәаӡом аха, шаҟа жәабжь ссир сзеиҭанаҳәахьоузеи. Ҳажәлар рҭоурых сзеиҭанаҳәоит, ҳаамҭа ахҭысқәа сыбла ихнаргылоит…» – ҳәа лыҩуан Зули Ерыжәԥҳа «Абаза мырзакан иазку ажәабжьқәа» рҟны. Амырзакан лара лзы баша имузикатә арҳәагамызт. Уи лыгәҭыхақәеи лыгәхьаақәеи зыцеиҩылшоз, дзацәажәоз ҩыза гәакьан.

Зули Ерыжәԥҳа диит 1912 шықәсазы Дударыҟәатәи аул аҟны (иахьатәи Ԥсыж – аред.). Алегенда ишаҳәо ала, аҭауад Дударыҟәа адыӷа ҭауадки иареи еисеит: шә-ҽыҩк усҭоит абри ақыҭаҿ амырзакан ахьадмырҳәо ҩнаҭак иадымхаргьы иузыԥшаауазар ҳәа. Ус еиԥш иҟаз аҩны ақыҭаҿы ииашаҵәҟьаны ирзымыԥшааит. Убри аҟнытә иџьашьатәӡам, Зули дхәыҷаахыс амузика дагәҭылакны иахьлызҳауаз. Лгәы лыхон амузикахь еснагь. Зынӡа данмаҷызгьы лгәыла ԥҳәыс лахь лассы-лассы дцалон, уи иажәхьаз линструмент ала иалырҳәоз ажәытә мелодиақәа дырзыӡырҩырц азы. Нас агәыла ԥҳәыс аҩнусқәа рахь даниаслак, Зули хәыҷы амырзакан аашьҭыхны, лхаҭагьы илаҳаз амелодиақәа алырҳәарц далагон. Изларҳәо ала, Зули лаб Џьамбоҭ иԥҳа хәыҷы лгәазыҳәара зеиԥшраз анеиликаа, ижә заҵә ҭиины, амырзакан лзааихәеит. Убри амш инаркны Зули лмырзакани лареи ааицыршәомызт.

Лара лхала илҵаз ала дыҟан, ҷыдала аӡәгьы длыдтәаланы амузика лыимырҵаӡеит. Аиҳабацәа амырзакан шадырҳәоз дазыӡырҩуа, дрыхәаԥшуа аҭыԥҳа илҵеит имаҷымкәа акәшаратә, ашәаҳәаратә мелодиақәа рарҳәашьа. Зули жәашықәса ракәын илхыҵуаз ақыҭан имҩаԥысуаз агәырӷьарақәа зегьы рҟны амырзакан арҳәара даналага: абыргцәа хахәышлақәа уамашәа ирбон аӡӷаб хәыҷы ажәытә мелодиақәа рынагӡашьа дшақәшәоз.

1930-тәи ашықәсқәа рзы Ԥсыж акәашаратә кружок анаадырт аӡәгьы дазҵаауамызт, амырзакан арҳәаҩыс иргода ҳәа. Хәарада, Зули Ерыжәԥҳа лакәхон! Акружок убри аҟара ақәҿиара аиуит, анаҩс иара ашьаҭала Ҟарачы-Черқьесиа аобласт аҟны ашәаҳәареи акәашареи рансамбль еиҿыркаартә еиԥш.

«Иарҳәа амелодиа, Зули!»

1930-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Зули хаҵа дцеит. Уи лыԥшәма Каплан Ӡыба – аул Хәыжәы (иахьа – аул Хәыжә ду – аред.) датәын. Урҭ ирхылҵит ҩыџьа аԥҳацәеи, аԥеи. Рԥа Гьаргь иан леиԥш иԥсҭазаара амузика иазикит.

Аха ажәлар зегьы бзиа деицырбо, хьӡи-ԥшеи лыманы Зули даныҟало Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аамышьҭахь ауп. Уи иахаану абиԥарақәа зегь ашьҭа ҵаулақәа рыннамҵарц залшомызт. Зули Ерыжәԥҳа лыԥсы ахьынӡаҭаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа иҭабуп ҳәа ралҳәон.

«Смырзакан арадқәа снапы рхьысцыԥхьаӡа, урҭ исгәаладыршәоит гәымшәарала аӷа иҿагылаз ҳцеицәа-доумыжьхақәа, – ҳәа лыҩуан лгәалашәарақәа рҿы. – «Сара сашәа арҳәа, Зули!» – ҳәа исыҳәон дара, аныҳәақәа раан ҳанеиқәшәоз. Нас доусы бзиа иибоз ҳәа амелодиақәа рарҳәара сналагон».

Атыл аҿы иаанхаз егьырҭ аҳәсақәа реиԥш, Зулигьы адәаҿы аус луан. Аха уаҟагьы линструмент хара иаанлыжьуамызт. Зынгьы уи, лареи лааигәара аус зуаз аҳәсацәеи рыԥсқәа еиқәнархеит. Уахык зны, аусурамшы ашьҭахь ишыгьежьуаз, лара дызлаз агәыԥ аҵхеиқәараҿы рымҩа иацәыхҟьеит. Усҟантәи аамҭазы ақәыџьмақәа гәаран, ауаа ирҿалар ауан. Ауха адәеиужьраҿы аанхара шәарҭан. Зули илдыруан, дара ишрышьҭалоз. Аха аҵх убас илашьцан, ула аҵәыршы ҭакызаргьы, уаҩ дубо иҟамызт. Ус, лара лмырзакан аацәырылган, арҳәара дналагеит. Убри абжьалоуп ақыҭауаа иҟьалаз ргәыԥ шырыԥшаазгьы.

«Адунеи зегьы» Зули лмузика иацкәашон

Аибашьра ашьҭахь Черқьесиа аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль ахь артистцәа ҿыц иаарыԥхьо иалагеит.

«Аконкурс мҩаԥыргеит. Уи иалахәыз зегьы Зули Ерыжәԥҳа иалырҳәоз амелодиа иацкәашон – ҳәа игәалаиршәоит усҟантәи аконкурс иалахәыз Муҳамад Махәажә. – Зули лакәын ансамбль аконцертмеистерс иҟаз. Ишәасҳәо жәдыруоу? Сара 45 шықәса аҟазараҿы аус зуит. Убарҭ ашықәсқәа зегьы ирылагӡаны лара лаҟара иссирны амырзакан азырҳәоз даҽаӡә дсымбацт».

Ансамбль иара убас иалахәыз Константин Шәхагәашь абас игәалашәоит Зули Ерыжәԥҳаи иареи раԥхьатәи реиԥылареи русеицуреи:

«Сара сарԥысын усҟан, аколнхараҿы аус зуан ацраҳәа аагаҩыс. Ҽнак зны аусураҟынтә саныгьежь, ҳгәылацәа рҿы амырзакан шадырҳәоз саҳаит, адаулгьы иасуан. Ҭацаагара рыман, ма даҽа гәырӷьарак азгәарҭон – Зулигьы акәашаҩ длыцны ааԥхьара рырҭеит. Саргьы уахь снеит. Зули амырзакан алырҳәон, аха илыцны иааиз заҵәык иакәын икәашоз. Сгәы иамукәа саргьы сықәлеит. Зули иалырҳәон, сара кәашарак назыгӡеит. Уи ахҭыс аамышьҭахь лара ансамбль ахь ааԥхьара сылҭеит. Зули анык леиԥш дысзыҟалеит, ларгьы лԥа иеиԥш дысзыҟан», – ҳәа еиҭеиҳәон акәашаҩ.

1957 шықәсазы Москва имҩаԥысуан Черқьестәыла Урыстәыла адлара 400 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.

«Ачерқьес жәлар ркультура адекада иазкны Москва иҿарҵеит зышәпара 5-сантиметрак инаӡоз ауарҳал дуӡӡа, уи Китаи иҟарҵеит, – ҳәа еиҭеиҳәон Муҳамад Махәажә. – Убри ауарҳал иқәкәашон адунеи зегь аҟынтә 500-ҩык акәашацәа. Убарҭ зегьы амелодиақәа рзалырҳәон Зули Ерыжәԥҳа. Иара убраҟоуп лара иахьланаршьаз «Асовет Еидгыла зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа ахьӡ.

Зули Ерыжәԥҳа Кавказ жәларқәа рҟны ари ахьӡ ҳаракы занаршьаз раԥхьаӡатәи аҳәса дыруаӡәкхеит. Аха уи аасҭагьы иџьоушьаша – иара убри ақәҵарала «Асовет Еидгыла зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа ахьӡ ихҵан лара лԥа Гьаргь Ӡыбагьы.

«Амузика иахылҵуеит амузика»

Зули Ерыжәԥҳа лыдунеи лыԥсахижьҭеи акрааҵуеит, аха Ҟарачы-Черқьесиа арадио афонд аҟны еиқәханы иҟоуп уи ланҵамҭақәа, 67 цыра. Жәлар рмелодиақәа рнаҩсангьы уа иҟоуп лара лхатәы музикатә аԥҵамҭақәагьы.

«Зули Ерыжәԥҳа ланҵамҭақәа ҳрадио «Ахьтәы фонд» ауп ҳәа рзаҳҳәар ҳалшоит, – лҳәоит акыршықәса инеиԥынкыланы арадиокомитет аҟны амузикатә редакторс аус зухьоу Нина Кьышьмахәа. – Урҭ аблаҷыц еиԥш ирыхьчоит, абиԥарақәа еимырдалаша хәы змаӡам ҭынхоуп».

Муаиад Хараҭоҟәа арадио аҿы 40 шықәса абжьы аоператорс аус иуит, изныкымкәагьы Зули Ерыжәԥҳа ланҵара иқәшәахьан.

«Раԥхьаӡа акәны Зули дызбеит сара сқыҭа Ҟәыбина, лара уатәи лыуацәа Кьышьмахәаа дырзааны дыҟан, – игәалаиршәоит иара. – Уи лаара еснагь иныҳәа дуун, ақыҭауаа зегьы еизон ларҳәашьа иазыӡырҩырц. Нас арадиохь лассы-лассы ааԥхьара лаҳҭон, дҭаҳаҩырц. Аҭаҩра ҳалагаанӡа лара акыраамҭа лнацәкьарақәа аус длыруан, лара ишылҭахыз еиԥш иласны арадқәа ирҿахәмаруа иҟалаанӡа».

Амузикатә редактор Нина Кьышьмахәа еиҭалҳәоит иара убас, Зули абжьааԥны арадио аҿы лымацара лакәын иҭарыҩуаз, аха зны адаул илыцасырц азы аҳәара ҟалҵеит ҳәа.

«Ҽнак зны Зули дҳаҳәеит, лара лмырзакан амелодиа иақәҿызҭуа адаул иасуагьы аӡәы дҳаԥшаарц. Ҳара дааҳаԥхьеит Едик Хачыкәа ансамбль «Абазинка» аҟнытә, нас аҩыџьагь ҭаҳаҩит. Аус ҳаналга аамышьҭахь Зули дҵааит: «Ари арԥыс дызтәыда?» ҳәа. Сара иласҳәеит Хачыкәа шижәлаз, иан Лиолиа Гәана шлакәу (1960-1990 ашықәсқәа рзы еицырдыруа ашәыуа мырзакан арҳәаҩы – аред). «А-а-а, ус оума, – лҳәеит Зули, зегь иаразнак иааилкааны, – амузика иахылҵуеит амузика», – лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит Кьышьмахәа.

Аоркестр зегьы инструментк аҿы

«Ҟарачы-Черқьесиа иреиӷьыз амырзакан арҳәаҩцәа шамахамзар зегьы ҳара ҳҟны иаауан, арадио ахь, урҭ зегьыҵәҟьа ракәымзаргьы раӷьыраҩык сара иҭазыҩуан, – ҳәа иажәабжь ациҵоит абжьы аоператор Муаиад Хараҭоҟәа. – Зули ларҳәашьа даҽаӡә итәы еиԥшымызт. Лара лмырзакан амацара, оркестр дук амелодиа еицынарыгӡозшәа, абжьы ахылҵуан».

Константин Шәхагәашьгьы иазгәеиҭон Зули лмырзакан арҳәашьа зқьы рҟынтә ишаликаауаз.

«Арадио ала ишаасаҳалак, иаразнак ҿаасҭуан: «Ари Зули лоуп» ҳәа, – иҳәон иара.

«Лара бас заҵәык алырҳәон, амелодиақәа ракәзар еикәлыршошәа иналыгӡон», – ҳәа Зули Ермыжәԥҳа лҟазара аҷыдарақәа анализ рзылуеит апрофессионалтә композитор, амилаҭтә мырзакан арҳәара арҵаҩы Галина Гәаџьа.

Аха аспециалистцәеи баша азыӡырыҩцәеи ихадароуп ҳәа еицазгәарҭо акоуп – ларҳәашьа иаҵоу агәыбылра. Зули Ерыжәԥҳа амелодиақәа иалырҳәо угәы-уԥсы ирҭалоит, ацәанырра ҟәандақәа узцәырыргоит, зны агәхьаа урҭоит, зынгьых – агәырӷьара узааргоит.

Урҭ ашықәсқәа рзы амырзакан арҳәашьа ахьыддырҵоз ҳәа аҭыԥқәа ыҟамызт, апрофессионалтә мырзакан арҳәаҩцәа ыҟамызт. Муҳамад Махәажә еиҭеиҳәоит, ансамбль ахь иааиуаз реиҳараҩӡак зхала арҳәашьа зҵаз шракәыз. Урҭ зегьы шааиз еиԥш, Зули лҵаҩцәа ракәхон. Зхаҭагьы дышқәыԥшыз зхала инҭырҳәцааны амырзакан арҳәашьа зҵаз аҟаза, гәахәарала илымаз адыррақәа лҵаҩцәа – амузикант ҿарацәа ирыцеиҩылшон.

Убарҭ лҵаҩцәа дыруаӡәкхеит Зарылиа Цеҟәа.

«Зны амхы сышҭаз иааин, срыманы ицеит агәаҭарахь, – илгәалалыршәоит лара. – Амырзакан арҳәаҩцәа зегь рҟынтә Зули сара салылхит, лареи сареи ҳаицны ансамбль аккомпанементра рзыҟаҳҵарц».

Абасала Зарылиа Цеҟәа жәашықәса инарзынаԥшуа Зули Ерыжәԥҳа аус лыцылуан, уи лара лзы – хәы змаӡам ԥышәахеит, ари аусеицура иабзоураны лара иреиӷьу ашәыуа мырзакан арҳәаҩцәа дыруаӡәкхеит.

Ахаан узымԥсахуа аҩыза иаша

«Амырзакан аҟәышра алоуп. Амырзакан – еснагь иԥшаауеит. Санқәыԥшыз аахыс смырзакан сара сеиԥш аԥшаара иаҿын. Уи сшьа-сда иалоуп, сгәы-сыԥсы иҭоуп. Амырзакан ауаҩы ицәеижь иалалоит, иԥсы ҭанаҵоит, зны даргәырҩоит, зны даргәырӷьоит. Ауаҩы ауадаҩра анимоу – ицхраауеит», – абас лыҩуан Зули Ерыжәԥҳа лгәалашәарақәа рҟны.

Зули агәаҟрақәа рацәаны илхылгеит. Заа лхаҵа длыԥхеит. Лхәыҷқәа рыхҩыкгьы лара лаԥхьа рыԥсҭазаара иалҵит. Арҭ атрагедиақәа дахьырцәынхаз амырзакан иабзоуроуп.

1977 шықәсазы Дина Гагьи (1960-1990 ашықәсқәа рзы арадио адиктор – аред.)ианылҵаз арадио еиҿцәажәараҿы Зули Ерыжәԥҳа илҳәеит: «Убыржәы 64 шықәса схыҵуеит. Счымазара аиара сагәыланахалеит, аха абра сахьышьҭоугьы сылақәа амырзакан ахь ауп иахьԥшуа. Бзиа избоит амырзакан, Дина. Сара стәқәа ус расҳәоит: санԥслак, смырзакан сывашәҵа ҳәа. Исхыччоит… Убри аҟара бзиа избоит. Амырзакангьы бзиа избоит, ауаагьы бзиа избоит, ҳажәлар рмелодиақәагьы бзиа избоит».

Зули Џьамбоҭ-иԥҳа Ерыжә лыԥсҭазаара далҵит 1989 шықәсазы. Ԥсыж дахьынхоз амҩа лара лыхьӡ ахуп, лыҩнаҟны агәаларшәагатә ӷәы кыдуп. Лара лыхьӡала имҩаԥыргоит абаза жәлар рмузика афестиваль-еицлабра. Лмырзакан иахьагьы ауаа ргәы ҟанаҵоит: Ерыжәԥҳа ларҳәашьа анҵамҭақәа арадио ала ирышьҭуеит, еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа раан иадырҳәоит, аинтернет иҭагалоуп. Ауаа абри амузика иахьынӡазыӡырҩуа, Зули лгәалашәара ҿыцәааӡом.

Асовет Еидгыла зҽаԥсазтәыз артистцәа Зули Ерыжәԥҳа, Гьаргь Ӡыба
© Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра «Ҟарачы-Черқьесиа»