Зыжәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара ахыҵхырҭаҿы игылаз, Аԥсны аҭоурых аҟны раԥхьаӡатәи Аконституциа зыҩыз, агәра ганы дыҟан ҳтәыла аԥеиԥш лаша аагара зхьыԥшу Нхыҵ Кавказтәи ҳашьцәеи ҳареи ҳаидгылароуп ҳәа. Абас иҟаз хақәиҭралатәи ахәыцрақәеи, аԥшьгарақәеи Симон Басариа ианармыжьит.

Арифа Қапԥҳа

Иара дгылан ижәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара ахыҵхырҭаҿ, Аԥсны аҭоурых аҟны раԥхьаӡатәи Аконституциа зыҩыз, агәра ганы дыҟан ҳтәыла аԥеиԥш лаша аагара зыбзоурахо Нхыҵ Кавказтәи ҳашьцәеи ҳареи ҳаидгылароуп ҳәа. Абас иҟаз ҳақәиҭралатәи ахәыцрақәеи, аԥшьгарақәеи Симон Басариа ианармыжьит.

Зыхьӡ нагоу арҵаҩы, аҭҵааҩы, апублицист, ауаажәларратә-политикатә усзуҩ Симон (Маҳаид) Пиотр-иԥа Басариа диит ақыҭа Кәтол, ԥхынҷкәын 8, 1884 шықәсазы, иаабац ақыҭа анхаҩы иҭаацәараҿы. Жәашықәса анихыҵуаз аҵарахьы дрышьҭит Бедиа ақыҭа ауахәаматә школ ашҟа, анаҩс далгеит Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол. Иҿырԥшыгаз ихымҩаԥгашьеи иҵареи ирыбзоураны 1897 шықәсазы ақырҭуа қалақь Гори игылаз Аахыҵкавказтәи асеминариа дҭалартә алшара иоуеит.

Аԥсадгьыл анҭыҵ

1902 шықәсазы асеминариаҿы иҵара хыркәшаны, жәаа шықәса зхыҵуаз Симон Басариа Кавказтәи арҵаҩратә округ иҟанаҵаз ааԥхьарала, Ҟәыбинатәи аобласт ачарқьас қыҭақәа руакахьы рҵаҩыс дцеит. Уаҟа ақыҭа школ аҿы аус иуан, аҷарқьас хәыҷқәа аурыс бызшәеи агеографиеи дирҵон. Аха шықәсык ааҵуаны диаргоит Армавиртәи иреиҳаӡоу алагарҭатә ҵараиурҭа ашҟа.

Нхыҵ Кавказ иҟазаара – акрызҵазкуа аамҭа хҵәахоуп Симон Басариа иԥсҭазаараҿы ҳәа агәаанагара имоуп аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Иури Анчабаӡе: «Иара даара иҵауланы ихы аус адиулон, ирацәаны даԥхьон, еиуеиԥшым аҵаратә курсқәа дырҭаауан, егьырҭ ақалақьқәа рҟны имҩаԥысуазгьы уахь иналаҵаны, иаҳҳәап Анапаҟагьы дцахьан, 1908-1909 шықәсқәа рзы Москва дыҟан, уаҟа Атехникатә дыррақәа раларҵәаразы аилазаара аклассқәа рахь дныҟәон».

Басариа иԥсҭазаараҿы убас иҟалеит, иара иԥышәеи, идырра дуқәеи, идунеихәаԥшышьеи – абри зегь ахьышьақәгылоз Урыстәыла мацара акәымызт, аҳәаанырцәгьы дцақәахьан. 1910 шықәсазы Атехникатә дыррақәа раларҵәаразы аилазаара абзоурала алагарҭатә ҵара ашьақәыргылашьа аҭҵааразы дцоит Германиа, Австо-Венгриа, Италиа, Швеицариа уҳәа реиԥш иҟаз атәылақәа рахь. Апрофессор Гьаргь Ӡиӡариа излаиҳәо ала, иара дыҟан убасгьы Аҩадатәи Африкеи, Ҭырқәтәылеи, Урыстәылатәи аимпериа ахы инаркны аҵыхәанӡа дшакәшахьаз атәы ҳамҳәаӡаргьы.

Аха иԥсадгьыл егьа дацәыхаразаргьы, ихәыцрақәа еснагь Аԥсны иазкын. Иоуаз адырра ҿыцқәеи аԥышәеи зегьы-зегьы Аԥсныҟа дхынҳәны ара ихы ишаирхәаша дазхәыцуан. Егьа хара дыҟазаргьы, еснагь Аԥсны дадҳәалазар, уа имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы дрызҿлымҳазар иҭахын. Убри аршаҳаҭуеит иҩыза – еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы, арккаҩы Андреи Ҷоҷуа иахь Аҟәаҟа иааишьҭыз асалам шәҟәы.

«Аҩыза – иҩуеит Басариа, – уааи салам шәҟәыла аимадара ҳабжьаҳҵап, уаанӡа агәыблыра ду ҳабжьамзи. Иааҟоу зегь сзеиҭаҳәала. Кавказ зегь реиҳа еиҿамсу аҭыԥ аҿы амаҵура схызгоит. Армавир – Нхыҵ Кавказ иакультуратә центруп». Апрофессор Гьаргь Ӡиӡариа излашьақәирӷәӷәо ала, Симон Басариа иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥснынтәи акьыԥхьи апериодикеи иоуан.

Басариа – апублицист

1910 шықәсазы Симон Пиотр-иԥа публицистк иаҳасабала дықәгылоит. Петербургтәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа акорреспондентс дҟалоит, дагькьыԥхьуеит абарҭ агазеҭқәеи ажурналқәеи рҟны: «Отклики Кавказа», «Голос Кавказа», «Черноморский вестник», «Сухумский вестник», «Сухумский листок» уҳәа егьырҭгьы. Ианҵамҭақәа ихьӡ рыҵаиҩуеит абарҭ апсевдонимқәа рыла - Симон Аԥсуа, мамзаргьы Маҳаид Аԥсуа.

Иқәгыларақәа реиҳараӡак зызкыз – хлымӡаах рацәа зхызгахьоу аԥсуа жәлари Аԥсныи рлахьынҵеи рԥеиԥши ракәын. Иԥсадгьыл азы акрызҵазкуаз иарбан темазаалак иара иаҩсуамызт, убас иҟоу акы даламцәажәакәа иаанымхеит.

Убас, 1913 шықәсазы агазеҭ «Сухумские вести» аҟны иҭыҵыз «Кавказтәи ашьхарыуа жәларқәа Ҭырқәтәыла рыҟазаара» захьӡыз истатиаҿы иара иҩуеит: «Ахҵәара астихиатә ҟазшьа аман: ауаа рҭыԥқәа ирхыҵуан, иахьцо, изызцо ҳәа акгьы рзымдыркәа… Ҳашьцәа рхәышҭаарақәа, рқыҭа гәакьақәа ааныжьны ицон, зқьышықәсала дара рабдуцәеи урҭ рабдуцәеи зхыз. Ажәала иузеиҭамҳәо агәырҩа рҿықәуп, ирзыгоз зегь еидыркылеит – рҽы ццышәқәа уажә рылахь еиқәны ирывагылоуп, рсысмҟаақәа, рԥацәеи рыԥҳацәеи, нас иԥшьоу рабџьар рыҟәнуп». Арҭ ажәақәа баша гәҭахәыцрақәамызт, аконкреттә фактқәа роуп иаагоу: Сҭамԥыл дыҟанаҵ Симон Басариа дырԥылон аамҭак азы Аԥсны иаҟәгаз, зшьам дгьыл даараӡа игәхьаазгоз аԥсуаа.

«Иара ианҵамҭақәа ирныԥшуеит иԥсадгьыли ижәлари рлахьынҵа есымшатәи азхьаара, аԥеиԥш лаша аигәыӷра, – ҳәа азгәеиҭоит Иури Анчабаӡе. – Иара игәцаракны имаз темақәас иҟан: аҭыԥантәи аҳақьымцәеи ахәышәтәырҭақәеи рус аиҿкаашьа, ашколқәа ишахәҭоу еиԥш аҿиара рымамзаара, асоциалтә сфера ишахәҭоу еиԥш аиқәымшәара. Басариа аҭыԥантәи амчрақәа ишаҭомызт, калам ԥынҵала дыргәыдлон, ргәаҵәақәа жәпаӡа акы аҟаҵара ахьырҭахымыз, ашьагәыҭ жәлар рыгәжәажәара ахьырмаҳауаз азы, «аполицаи мышгацәа» ҳәа харас ирыдҵаны».

Ахақәиҭратә идеиақәа рыла дыҭәны иԥсадгьыл ахь ахынҳәра

1917 шықәсазы Урыстәылатәи аимпериаҿы ареволиуциа аныҟала, Симон Пиотр-иԥа иԥсадгьыл ахь ихынҳәразы аҭагылазаашьа маншәалақәа ҟалеит, ара дааны уажәшьҭа илшон ақьаад аҿы ицәыригоз ахшыҩзцарақәеи агәыӷрақәеи аԥсҭазаара раларҵәара далагарц. Дагьаауеит – Аԥсны аиҭакра амҩа ианылароуп ҳәа агәаанагара иманы.

Ари аамҭа Аԥсны аҭоурых аҿы реиҳа акрызҵазкуа апериодқәа ируакуп. Урыстәылатәи аимпериа аилаҳара иаҿын, Қырҭтәыла уи иалҵырц аҽазнашәон, аха убри аан излауала Аԥсны аҭхаџьра иара ишалоу иаанхаратәы. Симон Басариа ари аҩыза аперспектива даҽагылон.

1917 шықәса нанҳәамзазы имҩаԥысит ауахәама аусзуҩцәеи атәыла ауааԥсыреи Аԥснызегьтәи реизара. Симон Пиотр-иԥа активла ари аизара иҽалаирхәит, иагьрылеиҳәеит Аԥсуа уахәама автокефалиа амазароуп ҳәа имаз аидеиа, ари иаанагоз акы акәын – қырҭтәылатәи ауахәама аҟынтә ахьыԥшымра аиура. Аԥсны Қырҭтәыла аҟәыҭхараҿы ари раԥхьатәи шьаҿан, аха Басариа еиликаауан, уи амҩа акыр ишауз, зегь реиҳа иуадаҩу аусқәа аԥхьаҟа ишышьҭаз.

Аԥсны жәлар рсовет анапхгараҿы

1917 шықәса, абҵарамза 8 рзы даҽазнык имҩаԥысит Аԥснызегьтәи аизара ду. Ари аизара аиҿкааразы Басариеи уи идгылаҩцәеи даара аусқәа рацәаны имҩаԥыргеит, аџьабаа рбеит: аԥсуа қыҭақәа ирылсны анхацәа ирабжьыргон абҵара 8 рзы Аҟәа еизарц, зегьы еицҿакны ирҳәаразы, аԥсуа рхы иақәиҭзарц рҭахуп ҳәа.

Басариа аделегатцәа рҿԥхьа дықәгыланы даԥхьеит ихаҭа еиқәиршәаз Аизара адекларациа. Уи иаҳәон «аԥсуа жәлар ареволиуциа аҟалараҿы ишырбо рмилаҭ ахҳәаақәҵаразы алшарақәа». Аизара зегьы иреиҳаз лыҵшәас иаиуит Аԥсны жәлар рсовет аԥҵареи, Аԥсны аҭоурых аҿы раԥхьаӡатәи Аконституциа адкылареи. Аԥсны жәлар рсовет (АНС) ахантәаҩыс далхын Симон Басариа ихаҭа.

Асовет иаразнакала иаднакылоит аԥсуаа рхатә ҳәынҭқарра рымазаарахь агәазыҳәареи рыхҳәаақәҵареи зырӷәӷәаша аӡбарақәа. Убас иҟаз аӡбарақәа руак иаҳәон: «Аԥсны иаҵанакуа адгьылқәа зегьы, аӡиас Мӡымҭа инаркны аӡиас Егрынӡа, Амшын Еиқәа аҟәара инаркны Қавказ ашьхеибаркыранӡа, урҭ иҭаӡо аԥсабаратә малқәеи зегь надкыланы аԥсуа жәлари, урҭ ираҟараны ахатәратә зинқәа змоу Аԥсны иқәынхо егьырҭ амилаҭқәеи иузырҟәымҭхо, ахархәарахь ирыҭазааит».

Аԥсны «адәныҟатәи ахырхарҭала» аусура аганахьала, Басариа Нхыҵ Кавказ иқәынхо аиашьаратә жәларқәеи аԥсуааи ркооперативтә акзаара хымԥада иаҭахны дахәаԥшуан. Аизара дугьы ари ихшыҩҵак адгылара анаҭеит. Аха аԥҭа еиқәаҵәақәа рҽеизыргон Аԥсны иҩахыкны. 1918 шықәса, лаҵарамза 26 рзы Қырҭтәыла ахы ишақәиҭу азы алаҳәара ҟанаҵоит. Аԥсны жәлар рсовет еиҟәшахоит адәныҟаполитикатә еиқәымшәарақәа ирыхҟьаны. Ишнеиуаз Симон Басариа зынӡа Асовет ахантәаҩра дамырхуеит. Ақырҭуа меншевикцәа ҭаха зырымҭаз Басариа аамҭала Аԥсны дықәҵыр ада ԥсыхәа имоуа дҟалоит, дхынҳәуеит 1920 шықәсазы «уаҳа аполитика дшалахәымхо» ҳәа ажәа аниымырх ашьҭахь.

Аха 1921 шықәсазы Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла аамышьҭахь, Симон Басариа ихаҭагьы аполитикахь анеира рацәак игәы азыҳәомызт: абольшевикцәагьы зынӡак игәы рызцомызт, Иури Анчабаӡе иажәақәа рыла, «аодақәа рызҳәара дазыхиамызт». Аха уи иаанагомызт итәылаҿы иҟоу-иану уаҳа дазҿлымҳамызт ҳәа. 1921 шықәсазы Аԥсны асоциалисттә республика ахьыԥшымра анрылаҳәаз арыцхә деигәырӷьо, Басариа ихаҿы изаагомызт, иара уи ашықәсан декабр 16 рзы Аԥснытәи Қырҭтәылатәи асоциалисттә республикақәа афедеративтә ҟазшьала рҽанеидыркыла – убри ҵакыс иамаз, изаҭахыз. Анаҩс Басариа лассы-лассы хра злоу азҵаарақәа рыла аиҳабыра акритика рызуа акьыԥхь аҿы дықәгылон, аха ихаҭа аполитика нап аиркуамызт.

Аполитика анҭыҵ

Аполитика аганаҿ иааныжьны Симон Басариа аҭҵаарадырреи, арккареи, акультуреи рхырхарҭақәа рыла аус иуан. 1923 шықәсазы иҭыҵит Симон Пиотр-иԥа Басариа ҵарауаҩк иаҳасабала иусумҭа хада: «Аԥсны – агеографиатә, аетнографиатә, аекономикатә ҟазшьақәа рыла» ҳәа хьӡыс измаз.

Апрофессор Гьаргь Ӡиӡариа ари аусумҭа агхақәа ахьамоу азгәаҭаны, акритика ӷәӷәаны ишазыҟаиҵазгьы, зегь акоуп, ари ашәҟәы аҭоурыхтә-культуратә ҵак ду амоуп. Абри агәаанагара дақәшаҳаҭуп Иури Анчабаӡе: «Ари ашәҟәы – раԥхьатәи ҭыжьымҭахеит, аԥсуаа ретнографиа иахьынӡауа игәылҭәааны, амонографиа ҟазшьала иахьаарԥшыз, уи иамҽханакит аԥсуаа рыбзазаратә культура шамахамзар аганқәа зегьы. Ашәҟәы хыҵхырҭас иаиуыз уаанӡа иҭыҵхьаз алитература азхьаԥшра гәырҿыӷьгақәа ракәӡамызт, автор акыршықәса раахыс хаҭала еизигоз адәынтәи аматериалқәа ракәын. Ашәҟәы аԥхьажәаҿы Симон Пиотр-иԥа иҩуан, игәы шазыҳәо аҭҵаарадырратә литература аҟалара, «Аԥсны аԥацәа рнапала ирыҩуа, рыԥсадгьыли рыжәлари ирызку адырра иашақәа зныԥшуа».

Симон Басариа илагала акырӡа идууп арҵаҩратә кадрқәа разыҟаҵараҿгьы: Аԥснытәи арҵаҩратә техникум аҟны уи дырҵаҩын, нас адиректор ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, анаҩс – ддиректорын. Арҿиара знапы алаку аҿар азҿлымҳара ду риҭон. Иара ихаан ауп атехникум аҟны алитературатә кружок анаадырт, убри акружок аҿоуп усҟан ахԥатәи акласс аҿы итәаз аҵаҩы, аԥсуа поезиа ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿ игылоу Иуа Коӷониа раԥхьаӡа акәны ауаа рҟны иажәеинраалақәа дахьрыԥхьаз.

Симон Басариа инапы злакыз аусқәа зегьы реиқәыԥхьаӡара уадаҩуп. Иаҳҳәозар, жәлар рашәақәа рахь имаз агәыбылра днанагеит жәлар рмузыкатә мотивқәа еизызгоз Константин Ковач иҟны, иҭҵааратә ԥшаарақәа ирылҵшәаны Аԥсны ақәра рацәа нызҵуаз абыргцәа ирызку анҵамҭа шьахәқәа иҩит. Урҭ анҵамҭақәа рҟны абыргцәа рыԥсҭазаашьа аиҭаҳәара анахысгьы – дара рсахьақәа ҭыхуп, ари аиашазы, иуникалтәу материалуп иахьатәи аамҭазы. Симон Басариа Аԥсны агеографиазы раԥхьаҭәи ашәҟәы авторс дамоуп, уи ашәҟәы изныкымкәа еиҭаҭрыжьуан.

Симон Басариа иԥсҭазаара рыцҳарыла иҿахҵәоит. Аԥсуа интеллигенциа иреиӷьӡаз ахаҭарнакцәа зегь анықәырхуаз 1937 шықәсазтәи арепрессиақәа «машәыршақә» дырцәынхан, аха дҭаркит 1941 шықәсазы. Аконтрреволиуциатә еиҿкаара далахәын ҳәа ахара идырҵеит. Уи моу, уи «аиҿкаара анапхгаҩыс» дадырбеит аус аҿы. Анаҩс ахҭысқәа цеит усҟантәи ашықәсқәа раан иҭаркуаз зегьы ирзеиԥшыз асценари ала: Қарҭҟа дышьҭын, уа дыргәаҟны иҿахәы иҿырхуан, аҵыхәтәан иеихсны дыршьит.

Симон Пиотр-иԥа Басариа ихаҭара дахцәажәо, апрофессор Гьаргь Ӡиӡариа иҩуеит: «Симон Пиотр- иԥа аҭакԥхықәра ду ихгьы иадиҵон, егьырҭ рҟынтәгьы дазыԥшын, ауаа дрызҿлымҳан, дреиҷаҳауан. Ачынуаа рбиурократиатә ҟазшьақәа хараӡа ииҟәыган, иара аиашареи хьаҳәхьачарада аԥҟарақәа рықәныҟәареи зцәаҩаз уаҩын».