Апоет Мушьни Лашәриа ииубилеи иазкыз агәырӷьаратә хәылԥазы мҩаԥысит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр ахыбраҟны ахаша, ԥхынҷкәын 12 рзы.

Саид Барганџьиа

Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ииубилеи азгәарҭеит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны ахаша, ԥхынҷкәын 12 рзы.

Апоет 80 шықәса ихыҵра идырныҳәаларц азы арахь иааит иналукааша акультура аусзуҩцәа хатәрақәа, аполитикцәа, Лашәриа иуацәеи иҩызцәеи. Аԥсуа драматә театр азал уаала иҭәын. Ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа асценаҟынтә аиубилиар ихьӡала азеиӷьшьарақәеи аҭабура ажәақәеи гон, иқәгылоз зегьы иргәаладыршәон Лашәриа дзыхьӡахьоу аус хирқәа.

Убас, Жәлар реизара ахантәаҩи адепутатцәеи иҟарҵаз адныҳәалараҿы иазгәаҭан Лашәриа дшырдыруа, ҳаҭыр дугьы шиқәу Аԥсны аҩныҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы. Адепутатцәа ахәылԥаз аҟны еизаза иргәаладыршәеит апоет илагала шырацәоу «Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, акультуратә еимадареи рырӷәӷәара» аус аҟны.

Мушьни Лашәриа ихатә аԥҵамҭа ссирқәа раԥҵара анаҩсгьы, деиҭагаҩ дууп. Уи ирҿиаратә ԥсҭазаара ахы инаркны иахьа уажәраанӡа аԥсуа бызшәахьы еиҭеигахьеит адунеитә литература ашедеврқәа маҷымкәа. Иара инапы иҵигаз аиҭагақәа ируакуп: Аҿатә уасиаҭ, А. С. Пушкин иажәеинраалоу ироман «Евгени Онегин», М. Иу. Лермонтов ипоемақәа, иара убас хыԥхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа.

Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба иазгәеиҭеит аԥсуа литератураҿы иналукааша хҭысны ишыҟалаз иажәеинраалоу ароман «Аџьынџь» аҭыҵра.

«Еснагь еиԥш иахьагьы арҿиара аус шәнапы алакуп, аԥхьаҩцәа аԥҵамҭа ҿыцқәа рыдыжәгалоит. Аԥсуеи аурыси литературақәа ацҳақәа рыбжьашәҵоит, адунеитә литература аклассикатә рҿиамҭақәа аԥсышәала ишәырцәажәоит», – иҳәеит Аршба, аиубилиар имшира идныҳәало.

Аофициалтә хәҭа анхыркәшаха ашьҭахь, еизаз идырбан апоетикатә спектакль: уаҟа еидкылан Мушьни Лашәриа ирҿиамҭақәа 20 рҟынтә ацыԥҵәахақәа: аепикатә романқәа реиԥш, алирикатә жәеинраалақәагьы уахь иналаҵаны.

Ажәеинраалақәа руак даԥхьеит Аԥсуа телерадиоеилахәыра адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Рада Аргәын.

«Ари аспектакль салахәхарц иансыдыргала, сеигәырӷьаны сақәшаҳаҭхеит. Сара ирацәаны срыԥхьахьеит ҳаамҭазтәи ари апоет ду иҩымҭақәа. Мушьни Лашәриа – аԥсуа жәлар дыргәадуроуп. Иахьагьы ааԥсарада аус иуеит, ибаҩхатәра абзиабаҩцәа аҳамҭа лыԥшаахқәа рзыҟаиҵоит», – лҳәеит Аргәынԥҳа.

Ахәылԥаз хә-сааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуан. Мушьни Лашәриа иҭабуп ҳәа реиҳәеит уи иалахәыз зеьы.

Мушьни Лашәриа – Аԥсны Жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩы, акритик, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла, афилологиатә ҭҵаарақәа ркандидат, Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Ш. Русҭавели ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Анатоли Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи апремиа алауреат, Аԥсныи, Асовет Еидгылеи, Урыстәылатәи Афедерациеи рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рылахәыла, «Аԥсуа поезиа антологиа» аиқәыршәаҩцәа дыруаӡәкуп.

2010 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Дмитри Медведев инапала Мушьни Лашәриа ианашьан Александр Пушки ихьӡ зху амедал, Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, акультуратә еимадареи рырӷәӷәараҿы иҟаиҵаз алагала ду азы.