Аконгресси, аиҿкаара «Алашареи», Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациеи еиҿыркааз агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» хацыркхоит ҳазҭало Ашықәс ҿыц азы.

Саид Барганџьиа

Агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» хықәкыс иамоуп Аԥсны инхо, заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа рыцхыраара, амаҭәа ԥхақәа рызшара. Акциа иалагоит 2019 шықәса ажьырныҳәамза аҽеиҩшамҭазы. Акциа еиҿыркааит – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациеи, аиҿкаара «Алашареи».

Иҿыцу амаҭәа ԥхақәа – ашьаҵақәа, хыхьтәи амаҭәақәа, арезинкьаҿқәа, аколготкақәа, ашьалқәа – ршоит ацхыраара зҭаху аҭаацәақәа рыбжьара. Урҭ аҭаацәарақәа рсиа Аконгресс еиқәнаршәеит, уи аус аҟны ацхыраара ҟарҵеит - Аԥсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы аминистрра, Аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра араионтә усбарҭақәа, агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз», ИАА «Алашара», Аџьар ҟаԥшь, адинхаҵаратә еиҿкаарақәа.

Акциа далацәажәо, Ҭырқәтәылатәи аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа аҟны иаԥҵоу Аџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьылахь рырхынҳәразы акомиссиа анапхгаҩы Ерџьан Бычкәыриа агәрагара ааирԥшит, абаза жәлар рхаҭарнакцәа ахьыҟазаалакгьы рҭоурыхтә ԥсадгьыл иацхраалар шрыхәҭоу.

«Ахәыҷқәа рыла ҳалагап ҳәа иҳаӡбеит, аҿар рыбжьара аидгылара арӷәӷәаразы: ихеибамшҭырц азы – аҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿеиԥш, иара убас адиаспора аҟынгьы. Хахьыҟазаалак ихаданы инхароуп – Аԥсныҟа иаҳамоу ҳгәыбылра аарԥшра», - иҳәеит Бычкәыриа.

Аконфедерациеи Аԥсуафеди еиқәдыршәаз агуманитартә еидара раԥхьатәи апартиа Аҟәаҟа иаахьеит. Иазыԥшуп аҩбатәи апартиа.

Акциа аиҿкааҩцәа иазгәарҭеит Аҟәатәи анаплакҩы Денис Оҭырба иҟаиҵаз ацхыраара – хыԥхьаӡара рацәала ахәыҷтәы хәмаргақәа акциа ишазынаишьҭыз.

Ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы АААК Иреиҳаӡоу ахеилак иалоу Аҳмаҭ Ҳапат иаԥшьгарала Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа еидкыланы Аԥсныҟа иаарышьҭит 1200 комплект амаҭәа ԥхақәа, заагарҭа маҷу Аԥсны аҭаацәарақәа рызшаразы. Агуманитартә цхыраараҿ иҟоуп 400 комплект ахәыҷтәы ԥхамаҭәа, 250 комплект ахацәа рзы аԥхамаҭәеи, 550 комплект аҳәса рзы аԥхамаҭәеи.

Аконгресс аусзуҩцәа жәабала амаҭәа ԥха акомплектқәа наргеит абарҭ аиҿкаарақәа рахь: «Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рассоциациа» Аҟәеи Аҟәатәи араиони рҟны иҟоу аҟәша, «1992-1992 ашықәсқәа рзтәи Аԥсы Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәса-инвалидцәа рассоциациа», агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара «Кьараз», уҳәа егьырҭгьы, иара убас Аԥсны Арепатриациазы аминистррахь.

Ҭырқәтәылатәи ҳашьцәа рҟынтә иаашьҭыз агуманитартә цхыраара – амаҭәа ԥха акомплектқәа рыхәҭак жьҭаара 18 рзы ирызнаган Гагратәи ареабилитациатә центр аҟны ишьҭоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа.