Ажьырныҳәа 24 рзы диит раԥхьатәи аԥсуа ԥҳәызба-ԥырҩы Мери Аҩӡԥҳа. Лара гәымшәарыла деибашьуан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афронт аҟны, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раангьы лыԥсадгьыл Аԥсны шьарда амаҵ азылуит.

Арифа Қапԥҳа

Аиҳәшьцәа Аҩӡԥҳацәа – Мери Ҳаџьереи ҽнак еициит - 1917 шықәса ажьырныҳәа 24 рзы, аҩыџьагьы Аԥсны аҭоурых аҿы рхатә ҭыԥқәа ааныркылеит: Ҳаџьера - раԥхьатәи аԥсуа профессионалтәә пианино арҳәаҩыс дҟалеит, Мери - раԥхьатәи аԥсуа ԥҳәызба-ԥырҩыс.

Батаиск ақалақь аҟны

Мери Аҩӡԥҳа, Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аушьҭымҭа, дышқәыԥшӡаз ажәҩанаҿ аԥырра дазгәышьуан. Убасҟан аԥырҩы Виктор Аргәын Аҟәатәи аԥырратә школ ахь акурсантцәа идикылон, аха Мери уа дақәымшәеит, адкылара аныҟаз дахьымӡеит. Дҭалоит Баранов ихьӡ зхыз Аграждантә ҳауатә флот иатәыз ашкол Батаиск ақалақь аҟны (Ростовтәи аобласт аҟны игылоу қалақьуп - аред.). Ашкол аинструктор Нина Головинскаиа аамҭақәак рышьҭахь Мери лыӡбахә дазааҭгыло дылгәалалыршәон абаҩхатәра ду злаз, аҵара зҽадызцалоз лакәны.

Головинскаиа еиҭалҳәеит аԥырратә инструктажқәа руак аан дара реибадырра шыҟалазгьы: "Дахьатәииз еиҭалҳәеит, алафгьы ҟазарала иалалҵон. Лыблақәа арацәеиԥш еиқәаҵәаӡа, ицырцыруа. Сылзыӡырҩуан, усгьы сгәы иаанагеит: ари аӡӷаб улықәгәыӷыртә дыҟоуп. Иаразнакалагьы сгәы инҭысҳәааит, ҳарҭ аинструкторцәа ишаҳҟазшьоу еиԥш - ари ак лылҵуеит ҳәа".

Батаисктәи аԥырратә школ даналга аамышьҭахь Мери Аҩӡԥҳа Аҟәатәи аероклуб ахь дааиуеит инструкторк лаҳасабала: уажәшьҭа лара лхаҭагьы аԥрыҩцәа лааӡар акәын. Аха уи аԥхьа ауаажәлар агәра длыргар акәхеит лара - ҭыԥҳак - аҳаирплан арԥырра шлылшо. Уи аалырԥшратәы еиԥш ахҭысгьы хара имгакәа иҟалеит. Абри ахҭыс инарҭбааны дазааҭгылеит аԥырҩы илызку истатиаҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Александр Ҭариа. 

Аԥырҩы-ԥҳәызба

1936 шықәса, нанҳәамза 18 рзы Аҳаиртә флот амшныҳәа азгәаҭараан Мери Аҩӡԥҳа еизаз зегьы рҿаԥхьа арбаратә ԥырра мҩаԥылгеит.

Ҭариа иааигоит лара Мери лхаҭа лгәалашәарақәа: "Аԥсуа быргцәа ирызхаҵомызт аԥҳәызба аԥырра лылшоит ҳәа. Шьоукы ааины иара аҳаирплан хаҭала игәарҭеит: исыцхраауа уаҩ дақәтәаӡамишь ҳәа. Схала сшыԥыруа агәра анырга, сгәыдыркылеит-схыдыркылеит, аманшәалара сзеиӷьаршьеит,  <…> гәырӷьа чысла аишәа дырхиеит". 

1939 шықәсанӡа Мери Аҩӡԥҳа аус луан Аҟәатәи аероклуб аҟны, нас аклуб адыркит. Мери дҭалеит Ленинград Арра-медицинатә академиа. Иара убра дшыҟаз ауп аибашьра шалагаз ажәабжь ахьлаҳазгьы. Мери Аҩӡԥҳа зыԥшрак ҟамҵакәа хатәгәаԥхарала арратә комиссариат аҿы днеин иралҳәеит, лҭыԥ афронт аҿы шакәу иахьыҟоу. Дрышьҭит Перм ақалақь аҳаирпланшәарыцаратә школ ахь. 

"Аҳаирпланшәарыцаратә школ ахь ирыдыркылаз акурсантцәа афронт ахь ацара ргәы азыҳәон, аха уахь инеиаанӡа рзанааҭ ҿыц бзиаӡаны ирҵар акәын - ҳәа иҩуеит Ҭариа. - Мери еилылкаауеит Енгельс ақалақь аҟны (Урыстәылатәи Афедерациа Саратовтәи аобласт - аред.) апилотцәа рзы арратә школ шыҟоу, аԥҳызба-ԥырҩцәа рыла авиахәҭа ахьышьақәдыргылоз. Авиахәҭа ашьақәыргылара лнапы алакын усҟан еицырдыруаз аԥырҩы, Асовет Еидгыла афырԥҳәызба Марины Раскова. Енгельсҟа сцароуп, лҳәеит Мери".

Аҳәса рполк аҟны иацлаз дҟалеит

Енгельс ақалақьаҿ Мери Батаисктәи ашкол аҟынтә лҩызцәа лԥылеит. Мери лхаҭа аштурмҟаҵаҩцәа ргәыԥ дахырԥхьаӡалеит. 1942 шықәса ԥхынҷкәынмзазы лара лырхәҭа Кавказҟа ииаган, Ростов, Таганрог ақалақьқәеи Сальтәи адәеиужьқәеи, ашьхарақәеи рҟны аӷа иҿагыларазы. Мери дарҭеит 46-тәи агвардиатә бомбакажьратә уахынлатәи авиаполк аштурманс, иара аҵанакуан 2-тәи белоруссиатәи афронт 4-тәи аҳаиртә ар ахь. Аескадрилиа акомандирцәа Полина Макагони, Лидиа Свистуновеи рԥышәа рымданы Мери лхаҭагьы аибашьратә ԥыррақәа налыгӡо далагеит.

Мери Аҩӡԥҳа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан "аҳаирпланшәарыцақәа" ирықәтәаз аԥырҩы-ҳәсақәа дыруаӡәкын. Анемеццәа урҭ ирышьҭан "уахынлатәи анырҵәагақәа" ҳәа. Дара гәыԥ-гәыԥла иԥыруан, шьоукы аӷа имца рхахьы иргон, егьырҭ уи аамҭазы икылкааны аӷа илахысуан.

"Усҵәҟьа имариамызт арратә дҵақәа рынагӡара, зехьынџьара арҭҟәацгақәа анԥжәо, аҳаирплан акәша-мыкәша азениттә снариадқәа аныҭҟәацуа", - ҳәа еиҭалҳәон аибашьра аамышьҭахь Мери Аҩӡԥҳа, лбиографиаҿы абри аамҭа дазааҭгыло.

Аибашьра цонаҵы Мери Аҩӡԥҳа 477-нтә аԥыррақәа мҩаԥылгеит, зқьы сааҭ инареиҳаны ажәҩан далан, иааидкыланы аӷа иқәлыжьит 63 нызқь тонн зыкапан наӡо абомбатә еидара. Лара деибашьуан Аҩада-Кавказтәи, 4-тәи украинатәи, 2-тәи белоруссиатәи афронтқәа рҟны, Ҟрым, Украина, Польша рхақәиҭтәра далахәын.

Аҳауаҿы Мери акы дацәшәомызт, зегь реиҳа иуадаҩыз адҵақәа налыгӡон. 1943 шықәса жәабранмзазы Полина Макагони лареи уахык ала хынтә аӷа абомба иқәыжьразы иҵԥрааит. Аамҭак ашьҭахь Полинеи Макагони Лидиа Свистуновеи, Мери аибашьратә авиациаҿы лдыррақәа зегь змылдаз, фырхаҵарыла иҭахоит.

"1943 шықәса цәыббрамзазы Нина Алцыбаевеи Мери Аҩӡԥҳаи апорт Тамань абомба аархаразы адҵа роуит, - ҳәа хҭыск аӡбахә еиҭеиҳәоит Александр Ҭариа. - Ақалақьаҿ азениткақәа рацәан, алашарбагақәа каххаа иаркын, ухы дмырбаӡакәа ахықәкы азааигәахара шыуадаҩыз еилыркаауан аҭыԥҳацәа, аха адҵагьы нагӡатәын". Лҳаирплан ала ақалақь дахаԥраауа, апортгьы дымҩашьакәа ишылбозгьы, Мери дыццакуамызт абомба алажьра: иаалырҟьаны еилылкааит анемеццәа убри аамҭазы Тамань ааныжьны Ҟрымҟа амҩа ишықәыз, иаразнакалагьы лҩыза уи азы адырра лылҭеит. Ианыгьежь арҭ аԥшыхәратә дыррақәа рыхә ҳаракӡаны иршьеит дара реиҳабыраҿы.

Ахәра аиуреи аҩныҟа ахынҳәреи

1944 шықәсазы қәҿиарала арратә дҵа назыгӡоз Мариа Руковицинеи Мери Аҩӡԥҳаи рҳаирплан аӷа ихы ақәшәеит. Аҭыԥҳацәа рҳаирплан каҳаанӡа изладыртәаз џьаушьартә иҟоуп. Мери лыбӷа ахәра ӷәӷәа аиуит, аха аибашьра еилгаанӡа уи аӡәгьы илырдыруамызт, ахәышәтәрахь дырмышьҭырц азы. 

"Аибашьра анынҵәа ашьҭахь ауп арратә госпиталь аҟны данышьҭала, - ҳәа азгәалҭоит Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Рита Тарԥҳа, - акыраамҭа лхьаа цәгьа цәырылгомызт. Лыхәышәтәра акыршықәса агеит, Аҟәаҟа данаауаз акорсет дҭан". 

Абырфын чабра шкәакәа, М.Ҳ.А. ҳәа линициалқәа анцаны, аԥырҩы ибласаркьақәеи, ахыхьчага шлеми, иара убас аибашьра адәаҟны илоуз асалам шәҟәқәа хыԥхьаӡара рацәала - абарҭқәа зегьы ҳамҭас Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи иалҭеит раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы Мери Ҳафиза-иԥҳа Аҩӡԥҳа хаҭала. " Сара даара ибзианы дысгәалашәоит, зоура-зыҭбаара наӡаз, ублаҿы иааиуаз ԥхәызбан. Лныҟәашьала аарла иубаратәы иҟан ахәра ӷәӷәа шлоухьаз, аха уи лара акала илԥырхагамызт, даара акыр злаз аӡә лакәын", - ҳәа лгәалалыршәоит Рита ́Ҭарԥҳа.  

Аибашьра анеилга ашьҭахь Мери Ҳафиза-иԥҳа активла ауаажәларратә ԥсҭазаара далагылеит. Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҭаацәаратә комитет ахантәаҩыс дыҟан, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иадҳәалаз агәаларшәагатә рыцхәқәа зегьы разгәаҭара далахәын.

Мери Аҩӡԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 69 шықәса дшырҭагылаз, 1986 шықәса мшаԥымза 12 рзы. Уи лыхьӡ наунагӡа аԥсны аҭоурых иазынхоит. Аӷа иабашьраҿы иаалырԥшыз агәымшәареи, аибашьра ашьҭахь еизҳауа абиԥара рааӡараҿы илбаз аџьабааи рзы Мери Аҩӡԥҳа иланашьан Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден I-тәи, II-тәи аҩаӡарақәа, иара убас амедалқәа «Кавказ ахьчаразы», «Германиа аҿаԥхьа аиааиразы».

Ахархәара зызуыз алитература:

· Александр Ҭариа ишәҟәы «Аԥсуа хьшьқәа ажәҩанаҿ»