Жәабран 1, 2019 шықәсазы 65 шықәса ихыҵуеит абаза мсылмантә адинтә еилазаарақәа ркади, ақалақь Черқьесск аилазаара №3 аимам Инал Ҳамзаҭ-иԥа Хәыби. АААК аинформациатә портал иазнархиеит иара иԥсҭазаареи, адинхаҵарахь имҩеи ирызку аочерк.

Лиудмила Аисанова

Инал Хәыби диит, иахьагьы дынхоит, Инџьықь-Ҷкәын ақыҭан, Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика амуниципалтә раион аҟны. Иара иаб Ҳамзаҭ Абдураҳман-иԥа Хәыби, Ҟәыбина ақыҭа иалҵыз, пату зқәырҵоз хаҵан.

Аԥсуа хылҵшьҭра, аԥсҭазаара уадаҩ зхызгаз аҭаацәара, абду иҿырԥшы

Инал игәалашәоит иабду ишизеиҭеиҳәоз Аԥснынтәи ишааз аҭоурыхқәа. Дара рышьҭра Аҳәаа ма Хәубуаа рыжәлахь иаҵанакуеит.

«Нхара иалагеит Ҟарачы, ақыҭа Қьарҭ Џьурҭ аҟны. Қәҿиарала арахә рааӡон, ақыҭа аҟны раԥхьаӡакәны ахаҳәтә ҩны зыргылаз иреиуан, – еиҭеиҳәоит ихылҵшьҭра иазкны Инал Хәыби. – Ҳабдуцәа хар рымамкәа аҟарач бызшәа шырҳәозгьы, рхатәы бызшәагьы рхышҭуамызт».

Аамҭак ашьҭахь, Инал Хәыби иабдуцәа рқыҭа Қьарҭ-Џьурҭ иалҵны ицар акәхеит ашьоура иахҟьаны. Убас, иара иабду Абдураҳман дшымаалықьыз днанагеит абаза қыҭа Ҟәыбина аҟны. Иҿыцу анхарҭа ҭыԥ аҟны аҭаацәара рыбзазара лассы ишьақәгылеит ирылаз акрура иабзоураны.

Аха аҭынч ԥсҭазаара хара имнеигәышьеит аколнхарақәа рцәырҵра иахҟьаны. Усҟантәи аамҭазы хыԥхьаӡара рацәала Хәыбиаа рыуацәеи ргәылацәеи ахгара иақәшәеит. Хәыбиаа рҭаацәа (Инал иабду дналаҵан 12-ҩык ахәыҷқәа ахьыҟаз) ракәзар, урҭ еиқәнархеит, абду иашьцәа руаӡәк Актәи адунеизегьтәи еибашьра дахьалахәыз, насгьы, иара афронт аҟнытә дхынҳәит Ар Ҟаԥшь дафицарны.

Инал Ҳамзаҭ-иԥа иԥсҭазаараҿы иабду иҿырԥшы акырзҵазкуаз ароль нанагӡеит.

«Сабду Абдураҳман иашаз ԥсылманын, ҽнакала хәынтә анамаз икуан, – еиҭеиҳәоит Инал. – Сара уи зегьы уамашәа ибаны, сшанханы сахәыԥшуан, маӡас иаҵоугьы еилыскаар сҭахын. Аҵыхәтәангьы сабду иҿырԥшралоуп аԥсылманрахь амҩа залысхыз».

Аб, заб иԥара иаԥсахаз аҵеи, аҩыза иаша

Хәыбиаа рҭаацәара ирызкашәаз ауадаҩрақәа иаҳагьы ирыцлеит. Иалагеит Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Ду. Инал иаб Ҳамзаҭ афронт ашҟа дцоит, аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны, иагьааирԥшуеит ахаҵареи агәымшәареи. Ҳамзаҭ активла далахәын Сталинград ахақәиҭтәра, Днепр дырит, Польша ахақәиҭтәратә арратә жәыларақәа дрылахәын. Убасгьы днеиуеит Берлинынӡа, уаҟа дагьиқәшәоит иқыҭа гәакьа Инџьықь-Ҷкәын иалҵыз ашәуа Муҳамад Биџьиев. Аҩызцәа еицазгәарҭоит аныҳәа Ду - Аиааира. Анаҩс дара еиҩызцәа бзиахоит, иагьынхоит шықәсыбжак ҳәа акомендатура аҟны.

1945 шықәсазы аҩныҟа ихынҳәыз Ҳамзаҭ иаҳауеит ишьара дықәзарҟьаз ажәабжь: 1943 шықәсазы иаби уи иҭаацәареи Аладатәи Казахстанҟа ишахыргаз "аԥсадгьыл аԥсахыҩцәа" ҳәа ахьӡ рыхҵаны. Аибашьра иацу агәаҟрақәеи, ауадаҩрақәеи ирхысхьаз Ҳамзаҭ, уи данышәаны дтәап ҳәа ихаҿгьы иааимгеит, иӡбоит иаб ирхынҳәра.

Уи аус аҟны активла дицхраауеит иҩыза бзиа Муҳамад. Ҳамзаҭ нхара ҳәа иҩыза иқыҭарахь диасуеит, аҭаацәара аԥиҵоит, ахылҵ диоуеит, аха ҽнакгьы иаб ирхынҳәра аус даҟәыҵуам. Иҩызеи иареи хкырацәала ашәҟәқәеи, ааԥхьарақәеи еиқәыршәаны ирышьҭуеит Асовет Еидгыла Аԥсынтәыла ахьчаразы аминисттра ашҟа, иуацәа абаза жәлар ишырхаҭарнакҵәоу зыршаҳаҭуа ацҵаны, иара убасгьы ахара шрыдым аазырԥшуаз ашәҟәқәа. Егьа уадаҩра рхыргазаргьы, аҵыхәтәана дара ртәы иадыргоит: 1957 шықәсазы аҭаацәара еиԥылоит. Хымз рышьҭах иҭыҵуеит иҭоурыхтәу аребилитациазы Ақәҵара - иахыгаз зегьы рқыҭақәа рахь ихынҳәуеит.

Ҳамзаҭ иани иаби иҩныҟа иааигоит нхара ҳәа. Иара ихаҭа иҭаацәа иманы ақыҭа Сторожеваиа ашҟа аамҭала диасуеит ԥарак рҳаны аҩны ҿыц иргыларц азы. Аамҭак ашьҭахь дхынҳәуеит, иагьааихәоит еицырдыруа ашәуа поет Микаел Ҷкату иан дахьынхоз аҩны.

«Саб иажәеи иуси еиқәшәон, аиҩызара аныҟәгашьа идыруан, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз ауаа иажәа иазыӡырыҩуан, – иҳәоит Инал. – Иара ихьӡ аԥсахара мариамызт, ихәыҷқәа зегьы есымша агәаҳәара ҳаман иара иеихьӡарақәеи, иӷәӷәаз иҟазшьеи рзааигәахара. Уи аамҭан ишаԥыз еиԥш, саб Анцәа дхеиҵомызт, дкоммунистын».

Иԥсҭазаараҿы иҽыззикша аус аԥшаареи иан илызку агәалашәарақәеи

Инал Хәыби ашколқәа акырантә иԥсаххьан, уи зыхҟьозгьы иҭаацәара рынхарҭатә ҭыԥқәа лассы-лассы иахьеиҭаркуаз ауп. Акыраамҭа иара изалхуамызт иԥсҭазаара ззикша азанааҭ. Игәаԥхон астрономиеи, физикеи. Иҽазишәоит Харьковтәи ауниверситет аҭалара, аха аԥышәарақәа изаҭом. Анаҩс иӡбоит шықәсык Харьков даагыларц аԥышәарақәа иҽырзыҟаҵаны иааиуа ашықәс азы ауниверситет аҭалара, аха игәҭакы изынамыгӡеит – аррамаҵзурахьы иԥхьоит.

Инал қәҿиарала Ермантәыла аррамаҵзура дахысуеит аҳәаахьчаратә архәҭақәа рҿы. Аҩныҟа даныхынҳә иаарласны аҭаацәара далалоит. Уи изанааҭ алхраҿы иԥшәмаԥҳәыс Зоиа Ҳаџьимураҭ-иԥҳа Кенжевагьы далахәын. Ҟәыбина ақыҭа иалҵыз лара аус луан аҳасабеилыргаҩ-ревизорс ахәаахәҭратә хеилакқәа рҿы. Инал латәарадала дҭалоит Ставропольтәи акооперативтә техникум, аусурагьы далагоит ахәаахәҭратә усзуҩс, ргылаҩс.

Аха аамҭак ашьҭахь еиликаауеит иҽыззикыз аус агәахәара шинамҭо. Убри аҟнытә, аамҭала ҳәа Инал дцоит Казахсҭанҟа ргылаҩс, ихатә ҩны аргыларазы аԥара ирҳарц, зынгьы иаб ишыҟаиҵахьацыз еиԥш. Аамҭак ашьтахь дхынҳәуеит, иҭаацәаразы иааихәоит аҩны, иахьа уажәраанӡа иан Зуриат Мурзабеқ-иԥҳаи (даныӡӷабызтәи лыжәла Гонова) иареи ахьеицынхо.

«Сан саб диеиԥшымызт, лара есқьынагьы Анцәа дхалҵон. Асовет мораль атеизм шацызгьы Аллаҳ ихьӡ еснагь илҿыҵакын», – игәалаиршәоит Инал. – Уи сара сгәы арцых-цыхуан».

Аԥсҭазаара аҵаки аҵабырги рыԥшаара

Инал есқьынагьы еиуеиԥшым аусқәа инапы рылакын.

Убас, 90-тәи ашықәсқәа рзы аус иуан ақыҭа Инџьықь-Ҷкәын акультуратә Хан аҟны иҟаз жәлар ртеатр аҟны. Уаҟа иқәдыргылоз аспектакльқәа ахәаԥшцәа гәахәарыла ирыдыркылон. Атеатр аҟны аусура Инал инаҭеит хәы змам ауаа рымадара аԥышәа, иара убасгьы иазнарҳаит иоратортә лшарақәа. Урҭ ашықәсқәа рзы, акыраамҭа аҳра зуаз Асоветтә атеизм ашьҭахь, ауаа рдоуҳатә дунеихәаԥшышьа аҽаԥсахуа иалагеит, иргәаладыршәон рмилаҭҭә динхаҵарақәа.

Иқыҭауаа адинхаҵарахь рхы дырхо иалагеит, аџьаамахьы иныҟәо рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа изҳауан. Ақыҭа Ельбырӷан иалҵыз Али Меремкәыла раԥхьаӡакәны зыжәлар аԥсылманра рыларҵәара зҽазызкыз дыруаӡәкын, иара иоуп раԥхьаӡакәны иаазыртыз Аҟәырҟан аԥхьаҩцәа рзы акурсқәа. Иналгьы урҭ акурсқәа дырҭаауа далагеит. Анаҩс, Али дизыҟалоит аԥсылманра ашьҭкаара амҩаҿы цхырааҩыс, адинхаҵараҿы раԥхьатәи рҵаҩыс.

40 шықәса дшырҭаз Инал еиликаауеит Аллаҳ ихаҵареи, аԥсылманра ауаа рыларҵәареи иԥсҭазаараҿы ихадараны ишыҟоу.

Ҷыдала Инал анырра инаҭеит Вашингтон Ирвинг ишәҟәы "Аԥааимбар Муҳаммад ибзазара". Уи ихдырра зегьы аанарҳәит, убри аминуҭ инаркны иӡбеит ихы-иԥсы адинхаҵара иазикырц.

«Сара саныхәыҷыз нахыс аиаша, аҵабырг сашьҭан, уи иахҟьаны сҩызцәагьы «азакәан» ҳәа хьӡыс исхырҵахьан», – игәалаиршәоит Инал. – Саагылеижьҭеи еснагь сзышьҭаз аиашеи, аҵабырги роуп аԥсылманраҿы ихадароу».

Аимам ишьақәгылара

1992 шықәсазы Инал Хәыби Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика аделегациа дацны ихы алаирхәуан Махачкала имҩаԥысуаз Нхыҵ-Кавказтәи аԥсылманцәа реизара. Уи аамҭазы Инал ҽнакала хәынтә анамаз икуан, ураза ныҟәигон, Черқьесск иаатыз Аԥсылмантә институт даҭаауан. Уи аректор Исмаил-Ҳаџьи Босҭанов, Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспубликеи Ставропольи адоуҳатә напхгара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, Инал дгәеиҭоит. «Усҟантәи аамҭазы, ақыҭа аҟны иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны аӡәырҩы ақыҭауаа рыҩнқәа ԥхасҭахеит. Иҳалшоз зегь ҟаҳҵон урҭ ацхыраара рыҭаразы, – игәалашәоит Инал. – Исмаил-Ҳаџьи иҳаракны рыхә ишьеит имҩаԥызгоз аусқәа, анаҩсгьы аҵариурҭахь ицхырааҩыс аусура сааиԥхьеит».

Аԥсылмантә институт иакзаҵәыкыз динхаҵаратә ҵариурҭан. Усҟантәи аамҭазы аинститут аус ацыруан Египет, Ҭырқәтәыла, Абжьаратәи Азиа рыҟнытә арҵаҩцәа. Иара убасгьы, убра акәын иахьазыҟарҵоз аҭыԥантәи акадрқәа, аџьаама аимамцәагьы.

Аамҭак ашьҭахь, Исмаил-Ҳаџьи Инал идигалеит аинститут аҟны ааӡаратә ус азы апроректор ихаҭыԥуаҩ иҭыԥ.

«Иахьа издыруа зегьы зылшамҭоу Исмаил-Ҳаџьи Босҭанов иоуп. Иара сыгәра игеит, адинхаҵаратә дыррақәа сылеиҵеит», – иҳәоит Инал. – Сара инакәзаалак сазхәыцуамызт абас хара снеиуеит ҳәа адинхаҵаратә ус аҟны».

2010 шықәсазы Исмаил-Ҳаџьи Босҭанов машәырла дҭахоит. 2004 шықәсазы Инал Хәыби Аҳаџьра ҟаиҵоит Саудовтәи Аравиа ашҟа. 2006-2008 шықәсқәа рзы Инал аҵараҵара дахысуеит еиуеиԥшым асеминарқәа Москвеи Санкт-Петербурги, аԥсылманратә инстутит аҟны иусура иагмырхакәа.

2011 шықәсазы Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика амсылманцәа реизара аҟны ирыдыркылеит аӡбара, Ставрополь иалгоу амуфтиат аиҿкаара азы. Инал Хәыби далырхуеит адоуҳатә напхгара Амуфти Исмаил-Ҳаџьи Бердиев ихаҭыԥуаҩс.

2012 шықәсазы аусура иалагоит акадиақәа ринститут, уаҟа Инал абаза динхаҵаратә еилазаарақәа ркадиас, нас ақалақь Черқьесск аилазаара №3 аҟны имамс аус иуеит. Аилазаарахь убасгьы иаҵанакуеит амсылманра аҵаразы алагарҭатә школ, уаҟа хәыда-ԥсада аҵара рҵар рылшоит згәы иаҭаху зегьы.

Инал иусура алацәажәара уамак бзиа ибом. Амала иазгәеиҭоит аҿар аус рыдулара ихадоу акы акәны ишиԥхьаӡо. Еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә программақәа инарықәыршәаны, Инал имҩаԥигоит аҵариурҭақәа рҿы алекциақәа, иара убасгьы абжьагажәақәа иҳәоит ауаа реиланхарҭақәа дырҭааны.

«Иахьа аамҭа уадаҩуп. Ауаа рыԥсҭазаара аҟны ихадоу ахықәкқәа рыцәҩашьар ҟалоит, ирцәыӡоит аиашеи аҵабыргреи рахь агәрагара. Џьоукы арадикалтә еилазаарақәа ирылалоит, азакәан иахысуеит. Ҳара иаҳуалуп урҭ арыцхраара, – иҳәоит Инал. – Иҟоуп имаҷымкәа аҿырԥштәқәа аҿар рыбжьара, иҟарҵаз агхақәа еилкааны иашоу аԥсҭазаарахь ианыхынҳәуа, арыжәтәи арыҩшьыгақәеи мап анырцәыркуа».

Инал Хәыби ишазгәеиҭаз ала, иахьазы абаза қыҭақәа зегьы рҿы иҟоуп аџьаамақәа, Малоабазинск аҟны аџьаама дырҿыцит, аартра иазыԥшуп. Иара убасгьы ргәы иҭоуп Черқьессктәи аилазаара №3 азы аџьаама аргылара.

Иабдуи иаби рымҩа иацҵо

Инал иҭаацәара ракәзар, иԥҳа рҵаҩыс аус луеит, иҷкәын иаб иус иациҵоит - адинхаҵаратә еилазаара далоуп. Абду Инал Хәыби ибзоурала хәҩык имоҭацәа анамаз ркуеит. Лымкаала Инал Хәыби длықәгәырӷьоит имаҭа Диана, уи иахьазы Сҭамԥыл ақалақь адинхаҵаратә школ аҟны аҵара лҵоит.

«Адинхаҵара хәыҷык сагханы сазааит, аха агәра ганы сыҟоуп, сызнысыз амҩа еиҳагьы сарӷәӷәеит ҳәа. Хыхь иҟоу имч-илша ҳәаа амам. Сара сабду ишьҭа схын, смоҭацәагьы сымҩа иацырҵап», – ҳәа агәра ганы дыҟоуп Инал Хәыби.