Иуа Коӷониа – шарԥыиаҵәеиԥш иҩаҵхахаз, хәылԥыиаҵәеиԥш инҭашәаз ҳәа ззырҳәо аԥсуа поет, ақәрахьымӡа, дышқәыԥшыз иԥсҭазаара далҵит, аха аԥсуа поетцәа рыеҵәаџьааҿы иара ихьӡ зегь реиҳа илашо ируакуп. Жәлар рпоет диижьҭеи 115 шықәса аҵра инадҳәаланы ишәыдаагалоит АААК аинфопортал иазнархиаз аочерк.

Арифа Қапԥҳа

Аԥсуа поет Иуа Абас-иԥа Коӷониа диит 1904 шықәса, хәажәкыра 13 рзы усҟантәи Кәыдрытәи ауезд ахь иаҵанакуаз Кәтол ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҿы. Иара иаб Абас Коӷониа Аԥсны зегьы зыхьӡ ахыҵәахьаз ҽыбӷаҟазаҩын. Дырмит Гәлиа еицырдыруа ироман «Камаҷыҷ» аҟынгьы уи ихьӡ аагоуп – ароман аперсонажцәа руаӡәк игәыла аԥа дахьиоуз идныҳәало абас ала диқәныҳәеит: «Инаԥҳа Кьагәа иеиԥш дфырхаҵа ӷәӷәахо, Абас Коӷониа иеиԥш дҽыбӷаҟазаҩ духо!» ҳәа.

Ажәлар рҟынтә иаауа

Иуа Коӷониа дшыхәыҷызнатә жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа дрызҿлымҳан, аиҳабацәа ажәабжьқәа анеиҭарҳәоз, ак иаҩшәар ҳәа дшәаны гәцаракрала дырзыӡырҩуан, бзиа ибон афольклор – ажәеинраалақәа, ахьӡыртәрақәа, ажәаԥҟақәа, шәышықәсала ҿаԥыцла еимдо, абиԥарала ажәлар имырӡкәа иааргоз. Апоет иахьизҳауаз аҩнаҭа лассы-лассы даҭаауан еицырдыруаз ажәабжьҳәаҩ, алафҳәаҩ Чаҵә Чагә. Аԥсуа жәлар ибеиоу рфольклор ауп Иуа Коӷониа ипоезиа зегьы шьаҭас иазыҟалазгьы.

«Ауаа ҟәышқәа, абыргцәа ражәабжьқәеи рҳәамҭақәеи Иуа хәыҷы иссирӡоу дунеик ахь дыргон, ҳтәыла афырхаҵаратә ҭоурых зныԥшуа алегендақәеи алакәқәеи ртәылахь», – ҳәа иҩуеит Иуа Коӷониа иизикыз ишәҟәаҿы Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.

Аҟәатәи аԥсҭазаара

Кәтол абжьаратә школ далганы 16 шықәса зхыҵуаз Иуа Аҟәаҟа даауеит, дагьҭалоит Арҵаҩратә семинариа. Аԥсуа бызшәа арҵаҩыс диман аԥсуа литература абду Дырмит Гәлиа ихаҭа. Ирҳәоит Иуа ажәеинраалақәа рыҩра даналагаз иара абраҟа асеминариаҿы аҵара аниҵоз ауп ҳәа.

Иуа Коӷониа активла далахәын асеминариаҿы иаԥҵаз алитературатә кружок «Ашаеҵәа» аусура, далахәын акружок иҭнажьуаз анапылаҩыратә журнал аиқәыршәара, анаҩс уи дагьахагылоит. Анапылаҩыратә журнал аҿы усҟан зкалам ԥызшәоз аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи рҩымҭақәа инарываргыланы ианыло иалагеит Иуа Коӷониа иажәеинраалақәагьы. Убра ианылоз ашәҟәыҩҩцәа иреиуан иаҳҳәап, Дырмит Гәлиа ихаҭа, иара убас Ӡаӡ Дарсалиа, Иван Папасқьыр уҳәа егьырҭгьы. Аамҭак ашьҭахь Иуа иҭижьуа далагеит даҽа напылаҩыратә журналк – «Аҿар рыбжьы» ҳәа хьӡыс измаз.

Иуа Коӷониа раԥхьаӡатәи аԥсуа журналистцәа дыруаӡәкуп. Раԥхьатәи иара истатиа «Иабанӡахәарҭоу аҵара» анылеит агазеҭ «Аԥсны» аабатәи аҭыжьымҭа, 1920 шықәсазы. Иара убраҟа иҭыҵит раԥхьатәи иажәеинраалагьы «Аӷьыч мыжда рыцҳа» захьӡыз.

Москва астудентра шықәсқәа

1925 шықәсазы Иуа Коӷониа дҭалоит Москва ажурналистикатә институт. Ақалақь ду аҟны ԥара дук змамыз аԥсуа арԥыс акыр ибзазара маџьанан.

Иуацәа рахь ииҩуаз асалам шәҟәқәа руак аҿы иҩуан: «Иахьа ԥшьымшуп ԥарада стәоуижьҭеи. Аха уи рыцҳарам. Сгәы еиҭаԥараны иҟам абасқәа раангьы. Хьаас сҟашәымҵан. Чахык злаасхәаша ак сыӡбап, шәара шәмыргәамҵкәа. Уаҵәы сҩызцәа астудентцәа срыцны усура сцоит».

Иуа Коӷониа аинститут аҿы аҵара аниҵоз аамҭазгьы ажурналистика аанижьуамызт, еиуеиԥшым анҵамҭақәа азирхион, еиҳарак акультура атемала, Аҟәа аредакциахь иааишьҭуан. Иуа Москва иҟазаара еиҳагьы ихьанҭахеит иаб даниԥха аамышьҭахь: апоет иҭаацәара хәыҷи-дуи зегь зхьыԥшыз, ҭаацәара дук збоз абыда иаанхеит. Апоет ақалақь ду аҿы дӷарны дынхон, ахьҭеи амлеи чҳауа. Ахьҭақәа аныҟала, лассы-лассы аинститут ахь данзымцоз ыҟан, амшқәа аныбааԥсыз иишәиҵашаз амаҭәа ԥха ахьимамыз иахҟьаны.

«Цәеижьла рацәакгьы иӷәӷәамыз арԥыс изхымгеит ҩадатәи аӡынра аҟазшьа џьбара, – иҩуеит Лашәриа. – Аҳауа цқьа, аҳауа зҩыда иашьцылахьаз Коӷониа дычмазаҩхоит аинститут алгара маҷӡак шигыз, 1928 шықәсазы. Арыԥҳа чымазара идырбалоит».

Амилаҭ рпоет аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара

Иуа аинститут алгаха уаҳа иагьимаӡеит: аҳақьымцәа ичымазара рзымхәышәтәӡеит. Даара акыр ачымазара илаҽхьаны, аарла иԥсы ҭаны дааргеит апоет иԥсадгьыл ахь, дук мырҵыкәа иԥсҭазаара дагьалҵуеит, 1928 шықәса, ԥхынгәымза 14 рзы. 24 шықәса заҵәык ракәын ихыҵуаз. Апоет-гәлымҵәах аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргарц жәларык ауаа еизеит ҳәа иҩуеит Лашәриа.

Баграт Шьынқәба иакәзар уи амш иазкны иаҳзынижьит абас еиԥш агәалашәарақәа: «Акырынтә избахьан аԥсуаа ҳҿы иԥсыз иҽы кәадырны иахьгылоу, ма имаҭәа, иабџьар иахагыланы иҵәыуо, аха убасҟан мацароуп ианызбаз ауаҩы ишәҟәы ргәыдкыланы дырҵәыуо».

Апоет иԥсы анҭаз аҭыҵра иахьӡаз «Апоемақәа. Ажәытә жәабжьқәа» ҳәа хьӡыс измаз убри ишәҟәы заҵә акәын. Иара ҭыҵит 1925 шықәсазы Аҟәа. Хынҩажәеижәабатәи ашықәсқәа раан уи ашәҟәы Аҟәа еиҭаҭыжьын, нас урыс бызшәалагьы иҭыҵит Москва. Иара раԥхьаӡа акәны ианҭыц нахыс автор қәыԥш Иуа Коӷониа амилаҭ дырпоетны дҟанаҵеит, ауаа ргәы илаҵәеит, иажәеинраалақәеи ипоемақәеи ҿырҳәала ирҵон, еиҭарҳәон. Инышәаҭара аҽны милаҭтә фырхаҵак иеиԥш дымҩаԥыргеит ажәлар.

Аԥсуа поема аԥҵаҩы

«Апоет илирика даара исубиективтәуп, автор илирикатә фырхаҵа игәыҵхақәа, икәша-мыкәша имҩаԥысуа аԥсҭазаара дшазыҟоу уҳәа аҭыԥ ду ааныркылоит», – ҳәа иҩуеит аҵарауаҩ Виачеслав Бигәаа.

Алитератураҭҵааҩцәа еицҿакны иазгәарҭоит Иуа Коӷониа иоуп ҳәа аԥсуа лиератураҿы апоема ажанр хацзыркыз. Уи ипоемақәа жәлар рҳәамҭақәа шьаҭас ирымоуп, изызку атемақәа аамҭақәа зегьы рзы иактуалтәуп, ауаҩытәыҩсатә цәаҩа хадақәа рныԥшуеит: абзиабара, аиҩызара, аламыс, ачарҳәара. Аԥсуа школхәыҷқәа зегьы мҩашьарада ирдыруеит Коӷониа ипоема «Наҩеи Мзауҷи» аҟынтә ԥсра зқәым ацәаҳәақәа. Абар уи апоема ацыԥҵәаха:

«Ҳаит, сышԥоушьи, сышԥоушьи,
Мзауҷ, сҭынха ду!
Сызхурҟьазеи, изуԥсахзеи
Иахьа уара угәы?
Сызбада! Сзаҳада!
Сурҭынчит цәгьаӡа.
Усшәаџьҳәаҩха, аԥшатлакә,
Иахьа, ма уара!»

Иуа Коӷониа икалам иҵыҵит иара убас апоема хазынақәа «Абаҭаа Беслан», «Хмыҷ шәарыцаҩ ныҟәаҩы» уҳәа убас егьырҭгьы. Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба излаиԥхьаӡоз ала, ажәлар зеьы ирылаҵәаз, реиҳа иазхарҵаз поетын Иуа Коӷониа.

«Ҳаԥсуа литература ауасхыр азышьҭазҵаз Дырмит Гәлиа инаҩс, Иуа Коӷониа иаҟара ажәлар ргәаҿы инеиз даҽа поетк дыҟаӡам. Апоемақәа знылаз раԥхьатәи ишәҟәы анааҭыҵ нахыс ажәлар рыбзиабара даԥсахеит… Коӷониа ипоемақәа абас ауаа ргәы-рыԥсы ирзалымхуа иахьыргәаԥхаз ҳәара аҭахума урҭ раԥҵаҩы иҟазареи ибаҩхатәреи ирыбзоуроуп, урҭ апоемақәа иахьа уажәраанӡагьы амилаҭтә епикатә рҿиараҿы зеиӷьыҟам ҿырԥшны иаанхоит», – ҳәа иҩуан Шьынқәба.

Иуа Коӷониа ирҿиаратә ҭынха рацәам, иааидкыланы иуҳәозар – аа-поемаки, 34 жәеинраалеи роуп иаҳзынижьыз. Иҟоуп агәаанагара, ииҩхьаз ажәеинраалақәа реиҳарак бжьаӡит ҳәа. Ус уҳәаратәы иҟоуп, избанзар апоет раԥхьатәи ишәҟәаҿы иарбан аҩбатәи ашәҟәы аҭыҵра изырхиара ишаҿу. Убасгьы, хабарда ибжьаӡит апоет Москва дыҟанаҵ иаԥиҵаз аҩымҭақәа зегьы.

Иуа Коӷониа аԥсра атема акырынтә дазааҭгылахьан, еиҳаракгьы иқәрахьымӡаны иԥсуаз рлахьынҵа даргәаҭеиуан. Аха рыцҳарас иҟалаз, убри аҩыза ауахҭа иара ихаҭагьы изыԥшгәышьан…

Снеиҩеиуеит абарҵаҿы,
Сышьҭамлеит акыргьы.
Аҵыхгьы неигәеит,
Ашарахь инеихеит.
Аҵыхәтәаны сиарҭахь
Шьҭалара саннеи,
Схьаԥшит ажәҩан ахь,
Иагьысҳәеит абри:
– Оҳ, аҵых ԥшӡа,
Уарҳалла ихҟьоу!
Ҳаиԥырҵышт уаргьы саргьы
Мышкызны зынӡа.