Аԥсны амилаҭтә банк иҭнажьуа абанкнотақәеи аԥсарқәеи цәырган Ҭырқәтәыла иҷыдоу аекспозициаҿы.

Саид Барганџьиа

Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә банк иҭнажьуа абанкнотақәеи аԥсарқәеи рцәыргақәҵа мҩаԥысит аҭырқәа қалақьқәа ҩба рҟны – Сҭамԥыли Адаԥазари. Ари аекспозициа алыршахеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны аофициалтә хаҭарнакреи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациеи рыцхыраарала ҳәа ааицҳаит Аԥсны амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Иара еиҭеиҳәеит аҵыхәтәантәи ҩышықәса ирылагӡаны аԥсарқәа шцәырыргахьоу еиуеиԥшым жәларбжьаратәи апрофессионалтә цәыргақәҵақәа рҟны.

«Уажәазы ҳара иаҳҭаххеит хыԥхьаӡара рацәала Ҭырқәтәыла иҟоу ҳдиаспора идҳарбарц аԥара иҭҳажьуа зеиԥшроу. Арахь иааҳгеит Аԥсны абанк иҭнажьуа аԥсарқәа шамахамзар зегь рыхкы. Ауаа даара ирацәан, урҭ зегьы азҿлымҳара ду шрымаз ҩашьомызт, иҟалап арҭ аԥсарқәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿынтә иахьааз азы акәзар», – ҳәа игәаанагара иҳәеит Амилаҭтә банк ахантәаҩы, ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ргәалаҟара бзиа дахцәажәауа.

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакра аҟны аекономикатәи аполитикатәи зҵаарақәа рзы абжьагаҩ Асҭамыр Багаҭелиа иршаҳаҭит, ацәыргақәҵа аҭааҩцәа шырацәаз, аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа рыдагьы, уахь аҭырқәа интеллигенциа ахаҭарнакцәагьы шааиуаз.

«Сҭамԥыл ари ацәыргақәҵа иаҭааит ҩышәҩык раҟара ауааԥсыра, Адаԥазар акәзар – фышәҩык рҟынӡа, уаҟа ацәыргақәҵа аартын Сақариатәи ауниверситет акультуреи аконгресси рцентр аҟны. Иааит иара убас Нхыҵкавказтәи адиаспорақәа рхаҭарнакцәа, Ҭырқәтәылатәи амилаҭтә еизара адепутат Енгьин Папба, ҭырқәтәыла аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа», – иҳәеит Багаҭелиа.

Иҭабуп ҳәагьы реиҳәеит ацәыргақәҵа аиҿкаараҿы ацхыраара ҟазҵаз зегьы: Сҭамԥыл иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкыла ахантәаҩы Шамиль Ешба, Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба, Сақариа иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкыла анапхгаҩцәа ируаӡәку Ерџьан Башныхә.

Ҭырқәтәылатәи ақалақьқәа рҟны Аԥсны амилаҭтә банк агәаларшәагатә аԥсарқәа рцәыргақәҵа хыркәшахеит лаҵарамза 4 рзы.