АААК аинфопортал иҿцәажәеит Аконгресс Ҟабарда-Балкариатәи арегионалтә хеилак аиҳабы Владимир Ԥшьеноҟәа. Ишьҭыхыз азҵаарақәа рхыԥхьаӡраҿы иҟоуп: ҞБА иҟоу ахеилак иҩмаԥнаго аус хадақәа, акультуратә центр «Абаза» аусура, иара убасгьы аетнос аиқәырхаразы хыдҵақәас иқәгылоу.

Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликаҿы Жәларбжьаратәи ахеидкыла «Алашара» ахаҭарнак, Аԥсны арепатриациазы аминистр ицхырааҩ, ҞБА иҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Аконгресс арегионалтә хеилак аиҳабы, Кавказ амилатқәа рҭоурыхи ркультуреи ҭызҵаауа ацентр «Абаза» аиҳабы Владимир Ԥшьеноҟәа еиҭеиҳәеит инапы злку аусқәа ртәы, иара убасгьы дазааҭгылеит, аԥсуа-абазақәеи аубыхцәеи рхаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа.

– Иаҳзеиҭашәҳәар ҳҭахын, Кавказ амилатқәа рҭоурыхи ркультуреи ҭызҵаауа ацентр «Абаза» шаԥҵаз аҭоурых.

– Ҟабарда-Балкариа унхозар, иумбар залшом, ареспублика аҭоурых аҿы аԥсуа-абаза хәҭа иалкаау аҭыԥ шаанакыло. Араҟа еиҳагьы еилыккаа иубоит адыга-аԥсуа дунеи хылҵшьҭрак шрымоу.

Арҭ адунеиқәа иахьагьы еидҳәалоуп, еиуеԥшым аҭагылазаашьақәа, иаҳҳәап аҭоурыхтә хҭысқәеи, ма агеографиатә ԥынгылақәеи шыҟоугьы. Ҳҭоурыхи ҳкультуреи рыҭҵаароуп ҳетнос азы ихадоу аилкааразы алшара ҳазҭо. Акультура ацхырааралоуп иахьа аглобализациа иацу ацәгьеи абзиеи еилырганы ацәгьа аҿагылреи, абзиа аалхны уи адкылареи шыҟало.

Убри зегьы еилкааноуп, сгәаанагара сыцеиҩызшо сҩызцәеи сареи ҳҽааидкыланы Кавказ ажәларқәа рҭоурыхи ркультуреи аҭҵаара ҳаҽзазаҳк. Ари аԥшьгараҿы адгылара сырҭеит Урыстәылатәи агеографиатә еилазаареи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси рыҟнытә сколлегацәа, ҳәарада адгылара сырҭеит ҞБА иҟоу абаза диаспора ахаҭарнакцәагьы.

– Ацентр аусура хырхарҭас иамои, насгьы хықәкы хадас шәҿаԥхьа иқәшәыргылои?

– Ихадоу ахықәкқәа ируакуп – Кавказ ажәларқәа рҭоурыхтәи, рдоуҳатәи, ркультуратәи ҭынха аиқәырхара. Ҳара аус адаҳулоит аԥсуааи, абазақәеи, аубыхцәеи иматериалтәу, иматериалтәым ркультуратә ҭынха аиқәырхара, уи аус иацхраауа арҵаратәи аҭҵаарадырратәи проектқәа излаҳалшо ала ацхыраара раҳтоит. Уахь иаҵанкуеит, иаҳҳәап, уажәазы аус здаҳуло зыӡбахә ҳамоу амилаҭқәа рҭоурыхи ркультуреи узырҵо харатәи арҵаратә форма ашьақәыргылара иазку апроект.

Иара убасгьы, активла ҳхы рылаҳархәоит еиуеиԥшым аетнокультуратә хырхарҭа змоу афестивальқәеи, аицлабрақәеи, ацәыргақәҵақәеи. Насгьы, ҳара ҳхаҭақәагьы еиҿаҳкаауеит хыԥхьаӡара рацәала аусмҩаԥгатәқәа, адгылара раҳҭоит жәлар рыкәашаратә коллективқәа, аҵарауаа қәыԥшцәа. Ажәакала, ҳҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкқәа рацәаӡоуп, аха урҭ зегьы еиднакылоит хырхарҭак – аԥсуааи, абазақәеи, аубыхцәеи рмилаҭтә хаҿра аиқәырхара, нас уи аларҵәара.

– АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылак иаҳасабала ҳшәызҵаар ҳҭахуп: шәгәаанагарала, аԥсуааи, абазақәеи, аубыхқәеи ретнокультуратә акзаара арӷәӷәаразы Аконгресс шьаҿақәас иҟанаҵар акәи?

– Активла аусура аҭахуп иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы аԥсуа-абазеи, аубыхқәеи рдиаспорақәа рхаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы. Иара убасгьы, ҳаԥсадгьыл аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа насҭха иргыланы ҳрызнеир ҟалаӡом, урҭ ҳрылахәзыроуп, насгьы Аԥсны аекономикатәи, асоциалтәи, акультуратәи ҿиара аус аҟны адгылара ҟаҳҵалароуп.

– Иалкааны Аконгресс иҟанаҵарц иалшои аԥсуа-абаза, аубых жәларқәа рхаҭарнакцәа Аԥсныҟа рырхынҳәразы?

– Хабдуцәа руасиаҭ инақәыршәаны – иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп, аетнос азинқәа адунеи жәларбжьара рҿаԥхьа рыхьчаразы. Иааизакны иуҳәозар, аетнос аидкыларазы иҳамоу алшарақәа – адиаспора аҟноума, Аԥсны аҩнуҵҟоума, зегьы ааизакны ҳхы иаҳархәароуп. Иҿыцны акгьы ахәыцра аҭахӡам, Аԥсны Аконституциаҿы иҿаҿаӡа иануп – адунеи зегьы иалаԥсоу ҳџьынџьуааи рҭоурыхтә ԥсадгьыли реизыҟазаашьақәа ртәы, урҭ ирымоу азинқәеи, ауалԥшьақәеи.

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иаԥиҵаз арепатриациазы аминистрра арепатриациа иазку азҵаарақәа рыӡбаразы иамоуп алшарақәа зегьы. АААК иахьазы – иҿыцу, апотенциал бзиа змоу еилазаароуп, изықәнаҟәо аԥҟаԥҵәагьы иахьатәи аамҭа иақәшәо иҟаҵоуп. Иаҭахуп, 25 шықәса – аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа зегьы аҩнуҵҟала Аԥсны знысыз амҩа аҭҵаара, нас иҟаҵаз агхақәа азгәаҭаны, аизҳазыӷьаразы ԥхьаҟа ашьаҿа аҟаҵара. Ииашоу мҩак еицықәҵатәуп Аԥсны ажәлари, арепатриациазы аминистрреи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси – Аԥсны жәлар рыҽиара аганахьала аус аицуразы.

– ҞБА иҟоу АААК арегионалтә хеилак ахантәаҩыс шәыҟоуп. Иахьатәи аамҭазы, Аконгресс шаҟаҩы алалахьада, насгьы шәрегион аҿы АААК имҩаԥнаго аусура аларҵәаразы иҟашәҵои?

– Иахьазы, ҞБА арегионалтә хеилак аҟнытә АААК алахәцәас иҟалеит 30-ҩык раҟара ауааԥсыра. Ҳәарада, уи аганахьала аусура ҳаҿуп. Насгьы, еиуеиԥшым аԥынгылақәа ҳазцәырҵит ҳусураҿы, аха урҭ ӡбашьа змаӡам рахь иаҵанакуам. АААК алахәцәа ҿыцқәа рыԥшааразы хырхарҭа рацәала аусурақәа мҩаԥаҳгоит, иаҳҳәап арккаратә ус мҩаԥаҳгоит асоциалтә ҳақәа рҿы.

– Ҟабарда-Балкариатәи аԥсуа-абаза-аубых диаспораҿы Аконгресс аусура еиҳа ихадоу хырхарҭақәас иҟои?

– Ҳара ҳзы зегь реиҳа ихадоу ахырхарҭа – аԥсуа-абаза, аубых диаспорақәа реиуара аиҭашьақәыргылареи, уи арӷәӷәареи, насгьы урҭ ртоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадара ӷәӷәа ашьақәыргылареи ауп. Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, еиуеиԥшым атәылақәа рҿы инхо аԥсуааи, абазақәеи, аубыхцәеи ракзаареи рмилаҭтә хдырреи рырӷәӷәаразы. Насгьы, ҳәара аҭахума, активла аус рыдаҳулоит ахатәы бызшәа аиқәырхареи, уи арҿиареи ирызку азҵаарақәа.

– Шәгәанала, аԥсуа-абаза, аубых милаҭқәа адунеиа иаламӡыкәа еиқәзырхо ҳәа иҟоу арбану?

– Ҳара ҳмилаҭқәа ргәаҳәара. Уи адагьы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра ргәаҳәареи, Аԥсны Аконституциа ақәныҟәареи.