19101

Аинтернет ахархәаҩцәа активла иахәаԥшуеит аҿарацәа иҭырхыз Аԥсны иазку авидео.

Аинтернет аҟны ахархәаҩцәа рылаҵәара иаҿуп италиатәи акомпозитор Лиудовико Еинауди имузыкатә рҿиамҭа «Ашьақәгылара» аҵаҵаны, Аԥсны иазкны иҭыху авидео, уаҟа ҳтәыла аҭыԥ ԥшӡарақәа рҟны аҭыԥҳа апианино шалырҳәо аарԥшуп. Авидео ҭырхит, амонтажгьы азыруит ипрофессионалцәам, аха авидеоҭыхра бзиа избо аҿарацәа. Аролик авторцәас иамоуп – Даниил Оҭырба, Давид Оҭырба, Беслан Лагәлаа. Авидео аҟны зыҽҭызхыз аҭыԥҳа – амилаҭ кәашарақәа назыгӡо, апианино арҳәаҩы Оксана Быҭәԥҳа лоуп.

Даниил Оҭырба иажәақәа рыла, авидео «ҽнакала иҭыхын», аха уи азы ирԥшаар акәхеит ажәытә апианино, анаҩс уи ароиаль алхрзы.

«Мызкала аԥара еидыскылеит, сахьынеиааиуаз зегьы сразҵаауан апианино шәымоума ҳәа. Амҿтәы маҭәахәқәа рыла ароиаль еибысҭеит, нас апианино амеханизмқәа уахь ииазган, исшәит», – ҳәа еиҭеиҳәеит арԥыс.

YouTube аҟны авидео анҭарҵа раԥхьатәи амшқәа инадыркны ҩ-нызқьҩык инареиҳаны ахархәаҩцәа ахәаԥшхьеит, есыҽны ари ахыԥхьаӡара иацлоит.