Ԥхынгәы 22 рзы 66 шықәса ихыҵуеит еицырдыруа абаза хирург Муҳарби Ҭаҭаршәауа. Уи арыцхә инадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит аҳақьым иԥсҭазааратә мҩа иазку аочерк.

Лиудмила Аисанова

Муҳарби Ҳаџьбақьыр-иԥа Ҭаҭаршәауа – ахирург хазына, апрофессор, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи Афедерациеи Ҟарачы-Черқьесстәи Ареспубликеи зҿаԥсазтәыз аҳақьым – диит 1953 шықәса, ԥхынгәы 22 рзы ижәыҭәӡоу абаза қыҭа Ԥсыж (уаанӡа – Дударуковски – аред.), анхаҩы иҭаацәараҿы.

Иџьашьахәу ажәла аҭоурых

Ари ақыҭараҿы Ҭаҭаршәауаа хә-абиԥарак инареиҳаны инхон. Аҭаацәаратә ҭоурых ала, «Ҭаҭаршәауа» ҳәа рабдуцәа ируаӡәкыз аӡәы иарҳәо иалагеит ижәытәӡоу қьабзк ашьҭахь. Уи инақәыршәаны, аԥҳәыс даазгараны иҟоу арԥыс ауацәа дрымбарц азы, иҭынхацәак, ма иҩызцәак рҿы аамҭала нхара ҳәа дцар акәын. Зыӡбахә ҳәоу арԥыс дынхон иҩызцәа аҭаҭарцәа рҿы, убрантә ауп ажәлагьы ахьаауа: Ҭаҭаршәауаа иаанагоит – «аҭаҭарцәа сасра ирҭаз» ҳәа. Муҳарби иҭаацәара зегьы – Ҭаҭаршәауа (урысшәала – «Татаршао») ҳәа ашәҟәы иануп, иара заҵәык ижәла урысшәала инырыҩуа аҵыхәтәаны анбан «в» ацуп (урысшәала – «Татаршаов»). Уи зыхҟьазгьы, Муҳарби дании ашәҟәы дҭазгалоз иҟарҵаз агхоуп, нас иаргьы ашәҟәқәа рыриашара иҽазиимкит.

Муҳарби иаб – Ҳаџьбақьыр Ҭаҭаршәауа – еицырдыруа арахәааӡаҩын, уахи-ҽни аколнхараҿы аус иуан, згәы разу, намыс змоу уаҩыс дыԥхьаӡан. Иан – Сақьинаҭ Тыгә – ашәуа қыҭа иалҵыз аҭыԥҳа, хәҩык ахшара лоуит, зегьы реиҳа еилҟьаз, адыррахь азҿлымҳара злаз Муҳарби – зегьы дреиҵбын.

Аҳасабтә иашеи аԥсҭазаара иаланагалаз аԥсахрақәеи

Ашкол аҟны Муҳарби аҵара бзианы иҵон: даара ицааиуан аматематика, афизика, ахимиа… аха аурыс бызшәа ицәыуадаҩын. Ус шакәызгьы, аҷкәын игәы каижьуамызт, абызшәа ихадоу маҭәарны иԥхьаӡомызт, иара изы ихадаз – аҳасабтәқәа раҳасабра ахьицааиуаз акәын.

Ашкол даналгоз аамҭазы иара иӡбахьан аруаҩыс дҟалап ҳәа, уи гәҭакыс имеижьҭеи акрааҵуан. Ҿырԥштәысгьы диман иан лашьа Назир Тыгә – акадртә афицар, Асовет Еидгыла еиуеиԥшым атәылақәа рҿы аррамаҵуара ныҟәызгахьаз. Еинааланы иҟаз, ахаҵара злаз ианшьа, Муҳарби мацара иакәымкәан, ауацәа зегьы фырхаҵас дрыԥхьаӡон. Аԥсшьарамшқәа рзы данаауаз, Назир, хымԥада, иаҳәшьа лахь дымҩахыҵуан. Уи игылашьа, итәашьа, ицәажәашьа збоз Муҳарби игәы иҭеикит ианшьа еиԥш дҟаларц.

«Параноиаҵас схы иҭан аруаҩыс аҟалара, уа ада даҽаџьара схы збомызт», – игәалаиршәоит Муҳарби.

Саншьагьы иалысхыз азанааҭ деигәырӷьеит, иахьилшозгьы адгылара сиҭон. Аха аԥсҭазаара даҽакала иаӡбеит: арԥыс амедицинатә комиссиа дзахымсит.

Арратә ҵараиурҭа данзымҭал, Муҳарби иӡбоит иаб дидгыланы аколнхараҿы аусура далагарц, уи азы ақыҭанхамҩатә институт далгоит. «Сара исаҳахьан, аколлективизациа иахылҿиаауаз аамҭа хьанҭақәа раан, амлакра ангәараз ашықәсқәа рзы саб аӡәырҩы иқыҭауаа рыԥсқәа шеиқәирхахьаз. Сгәы иаанагон, аколнхараҿы аусура салагар, сҭаацәара ак рыгмыжькәа иныҟәызгоит ҳәа», – еиҭеиҳәоит Муҳарби.

Муҳарби иҭаацәара ианакәызаалак аидгылара рыман. Ахәыҷқәа зегьы иреиҳау аҵараиурҭақәа иахьырҭаз иахҟьаны, рани раби ирцәыуадаҩын аҭаацәаратә финанстә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалара. Убри азын иӡбаны ирыман, аҵара хзыркәшахьаз аиашьа ма аиҳәшьа, аҵараҵараҟны аиҵбацәа дрыцхраалоит ҳәа.

«Аекстремалтә ҟазшьа змаз, аԥшра зымуаз аҵара»

Муҳарби ақыҭанхамҩахь ихы шырхазгьы, даҽа мҩак алихуеит. Уи аамҭазы Ставрополь зҵара хзыркәшоз иаҳәшьеиҳабы Надиа иабжьылгоит Ставропольтәи амедицинатә институт дҭаларц. Иаргьы мап мкыкәа аԥышәарақәа аиҭоит. Аха урҭ реихшьалақәа агәацәцара ду изааргеит арԥыс, избанзар аҭаларатә ԥышәарақәа зегьы хәба-хәба ҳәа иазҭаз, аурыс бызшәа заҵәык аҟны ҩба иоуеит!

Егьырҭ аԥышәарақәа рҟны иҳаракӡоу ахәшьара ахьиоуыз аҟнытә, арԥыс ирҭоит азин изамҭаз амаҭәар аҿы даҽазнык ихы ԥишәарц.

Уи аамҭазы аԥышәарақәа рыдыркылон Ҟарачытәи апедагогикатә институт аҟны – аобласт аҟны ихадаз ҵараиурҭас иҟаз. Уаҟа аус иуан ианшьа, абызшәадырҩы Владимир Баҭах-иԥа Тыгә. Зыхьӡ нагоу ианшьа аамҭа имаӡамызт арԥыс аурыс бызшәа аганахьала идыррақәа рзы ахшыҩ ирҵара: иаарласны иӡбтәын иқәгылаз азҵаара.

«Аԥшра зымуаз, аекстремалтә ҟазшьа змаз аурыс бызшәала ахыҭҳәаа аҩышьа аметодика асырҵара аус иалахәын ҳреспубликеи Нхыҵ-Кавкази еицырдыруа абызшәадырыҩцәа, – ҳәа аирониа аҵаҵаны еиҭеиҳәоит Муҳарби Ҳаџьбақьыр-иԥа. – Саншьа инаҩс, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Рауф Ныхә-иԥа Ҟлычи, Леила Абубақьыр-иԥҳа Беқьизовеи.Урҭ рыдҵа нарыгӡеит, аԥышәараҿы «хԥа» соуит».

«Апрофессор Ҭаҭаршәауа»

Аԥышәарақәа рышьҭахь арԥыс изыԥшын аобласттә центр – Ставрополь. Муҳарби раԥхьаӡа акәны иибаз ақалақь игәаԥхеит, аха азныказы хәыҷык игәгьы ааиҭаԥеит – абас идуу ақалақь аҿы, зҿы даангыларан дыҟоу иаб иуа дизымԥшаар иҟаиҵари ҳәа?

«Амҩа сацәхҟьеит, хәыҷык акәын исыгыз зынӡа сгәы каҳарц азы. Ус машәыршәа снанагеит Аполитрккара аҩны, сыԥшызар, уи ахыбра даавалеит сзышьҭаз сыуа Карнеи Шьамсудин-иԥа Ҭаҭаршәауа. Изласылшоз ала иқәҿысҭит. Сыбжьы убас идузар ҟаларын, амҩа ианыз ауаа зегьы аанҭылан инаԥшааԥшит», – дычча-ччо еиҭеиҳәоит ахирург.

Муҳарби иаарласны аҵара апроцесс ихы алаикит, аҵара ицызҵозгьы дрыҵахомызт. Аамҭак ашьҭахь, аинститут аҟны зегьы деицырдыруа дҟалоит, еиҳаркгьы ашколтә шықәсқәа раахыс иҽыззыҟаиҵоз атлетика хьанҭа иабзоураны: еиуеиԥшым аицлабрақәа рҟны аиааирақәа згоз атлет Муҳарби Ҭаҭаршәауа акыршықәса ифотосахьақәа кыдын амедицинатә институт аҳаҭыртә ҭӡаҟны. Анаҩсгьы Муҳарби уи аспортхкы нимыжьӡеит, аспорт азҟазара кандидатс дҟалоит.

Иааизакны иуҳәозар – агәаӷь зызҭаз арԥыс иҟазшьеи, илаз ахықәкынагӡареи, иара убас ирҵаҩцәагьы рыбзоурала, Муҳарби еиликаауа далагеит, дызҿу аус даараӡа игәы шазцо.

Ажәа ҟәандала иахьагьы дигәалаиршәоит ирҵаҩы – Ставропольтәи амедицинатә институт аоперативтә хирургиеи атопографиатә анатомиеи ркафедра аиҳабы Ревекка Илиа-иԥҳа Полиак. Лара имҩаԥылгоз алекциақәеи апрактикатә усурақәеи Муҳарби иахьагьы игәалашәоит, насгьы иара – зегьы реиҳа иалылкаауаз студентын.

«Еицырдыруа ахирург ихьӡ арбаны ус лҳәалон «Островерхов ари амаҭәар «хәба» ҳәа идыруеит, Ҭаҭаршәауеи сареи «ԥшьба» ҳәа», – игәалаиршәоит Муҳарби.

Астуденттә шықәсқәа раан, хәылбыҽхала Ставрополь инеиааиуаз, аҟыбаҩ бзиа злаз абаза ҷкәын, зынӡа игәнигомызт аруаҩ икариера ахьалимхыз, мамзаргьы ақыҭанхамҩатә институт дахьҭамлаз. Иара ибзианы еиликаауан иара иитәыҵәҟьаз азанааҭ шалихыз, еилыкка ибон ԥхьаҟатәи имҩа.

Ҽнак, аҵара ицызҵоз аӡӷабцәа иаԥшьыргеит хәмаррак: атетрадқәа еимданы, адаҟьақәа рганқәа рҿы еиуеиԥшым азгәаҭақәеи, азеиӷьашьарақәеи ранҵара. Аудиториа аччаԥшь ҩныҩуан, зегьы ргәалаҟазаара шьҭыҵны иҟан… Муҳарби итетрад днахәаԥшызар анҵамҭа заҵәык акәын ианыз: «апрофессор Ҭаҭаршәауа» ҳәа.

«Убасҟан исыӡбеит, сара – аклонхаҩы иҷкәын, исылшо зегьы шыҟасҵо сҳақьым бзианы сҟаларц, иара убасгьы апрофессор иҩаӡара аҟынӡа снаӡарц. Ишыжәбо еиԥш, схы иадысҵаз адҵа насыгӡеит», – дыччы-ччо еиҭеиҳәоит апрофессор Ҭаҭаршәауа.

Муҳарби раԥхьатәи аоперациа мҩаԥигеит ахԥатәи акурс аҿы дантәаз, аонкологиатә хәшәтәырҭаҟны апрактика данахысуаз: иԥиҟеит ишәны иҟаз акьыл. Иахьа уажәраанӡагьы уи ахҭыс бзианы игәалашәоит.

«Убасҟан ауп сҳақьымны схы сныруа саналага. Аоперациа анеилга ашьҭахь, адезинфекциа зызуз снапқәа иаразнак исмыӡәӡәаӡеит, сгәы ҭԥраауа ақалақь салан», – иҳәоит Муҳарби.

Аԥышәа арҳареи ԥхьаҟа ацареи

1976 шықәсазы, Ҭаҭаршәауа аинтернатура дахысразы дрышьҭуеит Черқьессктәи ақалақьтә хәышәтәырҭахь. Муҳарби Ҳаџьбақьыр-иԥа иазгәеиҭоит, ианакәызаалак иԥсҭазааратә мҩа

аҟны ишиԥылоз ауаа бзиақәа. Убас, дахьнеиз ахәышәтәырҭаҿы, азанааҭтә ԥышәа иҿиҵаауан аобласт аҟны еицырдыруаз ахирург Маџьыд Ҟанамаҭов. Иара иоуп аҳақьым қәыԥш аҭҵаарадырратәи апрактикатәи ахирургиахь амҩа изаазыртыз. Ари ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы Муҳарби жәашықәса аус иуан, уи аамҭа иалагӡаны аԥышәа ду ирҳаит. Анаҩс, иара адырра ҿыцқәа иоурц, еиуеиԥшым аметодикақәа иҵарц иҭаххеит. Идыррақәа реизырҳаразы агәаҳәара ду изцәырҵуеит.

1988 шықәсазы Муҳарби Ҭаҭаршәауа аусура далагоит Ҟарачы-Черқьессиатәи ареспубликатә клиникатә хәышәтәырҭа ахирургиатә ҟәша аиҳабыс. Усҟантәи аамҭазы, араҟа имҩаԥыргон уамак иуадаҩымыз, мамзаргьы аԥшра зымуаз аоперациақәа. Ҭаҭаршәауа иаразнак хшыҩзышьҭрала аусура иҽазикит, аамҭа рацәа ақәмырӡыкәа иааигәа еидикылеит зусура гәыла-ԥсыла иазыҟоу аҳақьымцәа. Хықәкысгьы иҟаиҵеит – аҟәшаҿы иуадаҩу аоперациақәа рымҩаԥгара аԥшьгара, ацхыраара зҭаху ауааԥсыра аҭыԥаҟны рыхәышәтәразы. Муҳарби ипрактика еизирҳауеит еиуеиԥшым Асовет Еидгыла ахәышәтәырҭақәа рҿы, ипрофессионалтә ԥышәа ахирург ҿарацәа ирымеидоит.

1989 шықәсазы, Киевтәи аклиникатәи аексперементалтәи хиругиа иазку аҭҵаарадырратә институт аҟны Муҳарби Ҭаҭаршәауа ихьчоит акандидаттә диссертациа, 1996 шықәсазы – адоктортә диссертациа.

Шықәсқәак рышьҭахь, Муҳарби напхгара ззиуа ахирургиатә ҟәша – еиуеиԥшым аоперациақәа ахьымҩаԥырго хәышәтәырҭатә центрны иҟалоит, аҳақьым Ҭаҭаршәауа иакәзар – аобласт аҟны зегь реиҳа аԥышәа змоу хирургны.

Ҭаҭаршәауа иаԥиҵоит, апрактикагьы иалеигалоит иҿыцу адиагностикеи аметодикақәеи: агәаҵәеи, аз ҭгарҭақәеи, ацеи реиҭашьақәыргаларатә операциақәа (аиҭашьақәыргылартә хирургиа – амедицина аҟәшақәа ируакуп, ауаҩы ицәыӡыз, мамзаргьы ааха ӷәӷәа змоу ицәеижьхәҭақәа реиҭашьақәыргылара иазку – аред.) раан. Ахирург иметодикақәа жәларбжьаратәи амедицина аҟны иазгәаҭоуп.

Апрофессор Муҳарби Ҭаҭаршәауа – адеструктивтә панкреатит (ихьанҭоу аца-кьатеитә мҩашшара ачымазара, уи иахҟьаны лассы-лассы ауаа рыԥсҭазаара иалҵуеит – аред.) змоу ачымазаҩ ихәышәтәра азы иаԥҵоу иахьатәи аамҭа иақәшәо адиагностикеи, ахәышәтәреи аметодикеи авторцәа дыруаӡәкуп. Иазгәаҭатәуп, Муҳарби Ҳаџьбақьыр-иԥа напхгара ззиуа ахирургиатә ҟәша аҟны, адеструктивтә панкреатит иахҟьаны иԥсуа ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара Ихьыԥшым Атәылақәа Реидгыла аҟны зегьы реиҳа ишеиҵу.

«Аоперациа ззызухьоу зегь сгәалашәоит сҳәар сылшоит»

Апрофессор Муҳарби Ҭаҭаршәауа иахьазы – апрактика ныҟәызго иреиҳаӡоу акатегориа змоу ахирург, иааидкыланы имҩаԥигахьеит быжь-нызқь инареиҳаны аоперациақәа. Ахирургиа арҿиараҿы илшарақәа рзы, Ҟарачы-Черқьессиатәии Нхыҵ-Кавказтәии амедицинатә еилазаарақәа ҩынтәны ианаршьахьеит аҳамҭа «Ахьтәы скальпель». Авторс дрымоуп – 125 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, автортә аршаҳаҭгақәа хԥа, апатентқәа, аҿыц аԥшьгамҭақәа. Иусумҭақәа жәпакы атәым бызшәақәа рахь еиҭагоуп.

Муҳарби Ҳаџьбақьыр-иԥа иҭҵаарадырратәи ипрактикатәи усура иашьашәаланы иаауеит имҩаԥиго апедагогикатә усурагьы. Иара убасгьы иаԥиҵеит зыӡбахә Нхыҵ-Кавказтәи арегион аҳәаақәа ирҭыҵхьоу, агепатобилиартә хирургиа (ауаҩы ицәеижь агепатобилиратә система ачымазарақәа рхирургиа аҟәша, уахь иаҵанакуеит афатәарсара апроцессқәа – аред.) ашкол.

Апрофессор Ҭаҭаршәауа активла ауаажәларратә ԥсҭазаара далахәуп. Муҳарби Ҳаџьбақьыр-иԥа ахирургцәа-агастроентерологцәа Урыстәылатәи рхеилак анапхгареи, ажурнал «Хирургиа Украины» аредакциатә хеилаки дрылоуп. Иара убасгьы, Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика агәабзиарахьчара Аминистрраҿы иҟоу ахирургиазы аексперттә гәыԥ напхгаҩыс дамоуп, еиуеиԥшым ахирургиатә ассоциациақәа рҟны ҳаҭыр зқәу алахәҩыс дыҟоуп.

Муҳарби Ҭаҭаршәауа имоуп даҽа ҳамҭакгьы, лымкаала дыззыҟоу – Аԥсны Аҳәынҭқарра аорден «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шш.) аналага аҽны инаркны, Муҳарби Ҳаџьбақьыр-иԥа дрылахәын еиҿкааз агуманитартә акциақәа зегьы. Урҭ ашықәсқәа раан Аԥснынтәи иаауаз ачымазаҩцәеи урҭ ирыцыз рыуацәеи рзы ихәшәтәырҭаҿы ҷыдала ауадақәа рзоужьзартә иҟаиҵеит.

«Авертолиот ала иаҳзааргон ахәра зауз ауаа, аԥшра зымуаз аоперациақәа ҳхәышәтәырҭаҿы имҩаԥызгон», – игәалашәоит Муҳарби.

Иналукааша аҳақьым Муҳарби Ҳаџьбақьыр-иԥа уаниҿцәажәо еилукаауеит иара ишилоу ихадоу ауаҩытәысатә, апрофессионалтә ҟазшьақәа: имилаҭ аҳаҭыр рықәҵара, аамысҭашәара, атәылауаҩратә ҭакԥхықәра, ауаа рызхәыцра.

«Аоперациа ззызухьоу зегьы сгәалашәоит сҳәар сылшоит, урҭ рыҟнытә аӡәырҩи сареи иахьа уажәраанӡагьы аимадара ҳабжьоуп. Иахьагьы, аоперациатә уада саныҩнало сгәы хыҭ-хыҭуеит, раԥхьаӡа саннеиуаз еиԥш. Аԥсшьарамшқәа раангьы ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоу, аоперациа зызуу ачымазаҩцәа ргәалаҟара зеиԥшроу здыруеит, есқьынагьы срырҵаалоит», – иҳәоит Муҳарби.

Аҭаацәареи, аԥсҭазаара абзиабареи

Муҳарби Ҳаџьбақьыр-иԥа уаниацәажәо игәаумҭар залшом игәы аҭбаара, иразра, илафҳәашьа, игәыцқьара… Ҳәарада, урҭ аҟазшьақәа реиқәырхара мариам, акыршықәса еиԥмырҟьаӡакәа иуадаҩу, аҭакԥхықәра ду зцу аусура унапы аналаку. Илоу ахаҵареи, аӷәӷәареи ирыцааиуеит ауаа рахь имоу агәыбылрагьы.

Ус шакәугьы, иԥсҭазаараҿы аусура ихадоу аҭыԥ ааннакылоит ҳәа узҳәом, ус еиԥш агәаанагара Муҳарби Ҳаџьбақьыр-иԥа даҿагылоит: «Ҳәарада, саамҭа еиҳарак аусуроуп изықәсырӡуа, аха сыԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадароу сҭаацәара оуп».

Абаза ҭаацәараҿы аиҵбы ишихәҭоу еиԥш, Москваҟеи егьырҭ ақалақь дуқәеи рахь имаз аусуразы ааԥхьарақәа дрыхәамԥшыкәа, Муҳарби иаб игәараҭаҿы даанхеит, иан длыцынхоит.

Иаб ақәра ду изнымҵит, иҷкәын иқәҿиарақәагьы дырхьымӡеит, уи ҳәарада, Муҳарби изы гәхьаа дууп. Иашьцәеи иаҳәшьцәеи зегьы реизыҟазаашьақәа бзиаӡоуп, рыӡбахә аҳәарагьы бзиа ибоит. Иашьеиҳабы Азреҭ Ҭаҭаршәауа – ареспубликаҿы еицырдыруа уаҩуп, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидатс дыҟоуп, Москватәи аҳәынҭқарратә университет доушьҭымҭоуп. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус иуан Ҟарачытәи апедагогикатә институт аҟны аҭҵаарадыратә усуразы аректор ихаҭыԥуаҩыс, иара убасгьы Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

Иаҳәшьа Надиа Карданова, Муҳарби изанааҭ алхраҿы абжьагаҩыс изыҟалаз – Урыстәыла зҽаԥсазтәыз арҵаҩы ҳәа дыҟоуп. Ажәа ҟәандала дрыхцәажәоит егьырҭ иаҳәшьцәагьы – Фатимеи, Лиубеи.

Муҳарби, абаза хаҵа ишиаҭәоу еиԥш, иԥшәмаԥҳәыси ихәыҷқәеи рыӡбахә еиҭеиҳәоит аҽынкылара ацны, аха иубаратәы иҟоуп урҭ игәы шрыладуу: иԥшәмаԥҳәыс Ҭезада Баҭыр-иԥҳа акыршықәса Ԥсыжтәи ашкол аҟны аҵара аҟәша еиҳабыс аус луан. Иҷқәын аиҳабы аус иуеит Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика Аусеилыргаратә комитет аҟны, дполковникуп. Иара убасгьы, акикбоксинг азы Адунеи Ахраҿа даԥсахахьеит, Европатәи ачемпионат аҟны араӡны медал игахьеит, изныкымкәа Урыстәылеи дачемпионхахьеит. Иԥҳа заҵәы Альбина, лаб еиԥш, аҳақьым изанааҭ алылхит. Дынхоит Архангельск, дгинекологуп. Иҷкәын аиҵбы Арсен далгеит Ставропольтәи ауниверситет азиндырратә факультет, аус иуеит Черқьесск, Ашәахтәқәа рхылаԥшраҿы.

Ҳаиқәшәара ахыркәшамҭаз сазыԥшӡамкәа Муҳарби Ҳаџьбақьыр-иԥа даҽа изҿлымҳарак аӡбахә аацәыригеит: иҩыза «Володиа Чкатуи» иареи аԥсшьара мшқәа рзы аԥсыӡкра ицап ҳәа ргәы ишҭоу, уи дазыԥшны дшыҟазгьы убаратәы иҟан. Уи ансаҳа убас сыгәгьы иаанагеит: «Шаҟа аҵанакуазеи апрофессионал изы игәы ихазыршҭыша ԥсшьара хкык анимоу, иусура «дамфарц» азы, аԥсҭазаара иаҵоу ахаара агьама ихамшҭырц азы, ҿыц имчқәа ҭазҵалаша!»

Апрофессор Ҭаҭаршәауа изеиӷьасшьар сҭахуп иҿымцәаауа амчхара, ақәҿиарақәа, аманшәалара. Сгәанала, арҭ азеиӷьшьарақәа идыркылоит зықьҩыла зшьапы иқәиргылахьоу ипациентцәа, иколлегацәа, иҵаҩцәа, изааигәоу ауаа.