Абаза литература ашьақәгылареи, аҿиареи, аизҳазыӷьареи атәы ҳалацәажәозар, раԥхьаӡа акәны ухаҿы иааиуа Ҳамид Џыр иоуп. Ашәҟәыҩҩы имшира аҽны АААК аинфопортал иазнархиеит иара иԥсҭазааратә мҩа иазку аочерк.

Гьаргь Чкала

Ҳәарада, абаза литература ашьаҭаркҩыс иԥхьаӡоу Ҭаҭлусҭан Табулов иоуп. Аха абаза литература ашьақәгылареи, аҿиареи, аизҳазыӷьреи ртәы анаҳҳәо, раԥхьаӡа иргыланы ҳхаҿы иааиуа Ҳамид Џыр иоуп. Раԥхьаӡа абаза бызшәала иҭыҵыз, аоригиналтә ҟазшьа змаз аповестқәеи, ароманқәеи, апиесақәеи, агәалашәарақәеи равторс дахьыҟоу азы мацарагьы акәӡам. Иара убасгьы зыхьӡ амилаҭтә сахьаркыратә литература аҿиара иадҳәалоу, иналукааша амилаҭтә шәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи драбуп ҳәа изуҳәар ҟалоит.

«Дыҟам ҳаамҭазтәи журналистк, еицырдыруа поетк, Ҳамид Џыр ишкол иахымсыз, имҩақәҵарақәа змаҳахьац, ицыз аԥхарра зымнырыз», - абас иҩуан «иҷкәынцәа» руаӡәк – Бемурза Ҭҳаиҵыхә.

Иҳәыҷра шықәсқәа инадыркны адыррақәа дрызхьуан

Ҳамид Дауҭ-иԥа Џыр диит 1912 шықәса, ԥхынгәымза 25 рзы, Хәыжәду ақыҭан. Дшыхәыҷыз нахыс адырра ҿыцқәа дрызҿлымҳан. Араб бызшәа иҵон, иқыҭаҿы инхоз Али Коцба иҟны. Аҵара бзианы иҵон, иҩызцәагьы дрыцхраауан. 30-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Ҳамид қәыԥш дидырбоит ақыҭақәа ирылсны агәаҭарақәа мҩаԥызгоз Ҭаҭлусҭан Табулов. Табулов изеиҭарҳәоит, ачерқьес бызшәа аҟынтә абаза бызшәахьы Џыр ишеиҭеигаз ажәабжь «Халид тхIамышвкIьа» (абыза бызшәа аҟынтә еиҭоугозар – «Ҳалид рыцҳа» — аред.), иагьшаниҵаз уи ихаҭа иихәыцыз алфавит ала.

Усҟан иқәыԥшыз Џыр, Табулов иҟнытә иаҳауеит хара имгакәа абазацәа рхатә ҩыра шроуа атәы, иара убасгьы Табулов арԥыс ихиҩылаарц азы ииҭоит аабыкьа иаԥырҵаз, аха ишьақәырӷәӷәамыз алаҭын графика шьаҭас измаз абаза алфавит. Ақыҭаҿтәи ауааԥсыра рыбжьара аҩра-аԥхьара аларҵәара ианалага, арҵаҩцәа ахьазымхоз аҟнытә, уи аус дадыргалоит Ҳамид Џыр. Убарҭ зегьы идыршаҳаҭуеит, Ҳамид Џыр дышқәыԥшыз нахыс илаз аҟыбаҩ бзиа шааирԥшуаз.

Ҩышықәса ауаажәларратә арахәхьчаҩыс аус уны, нас даҽа бжьышықәса – аколнхараҿы, 1937 шықәса, хәыжәкыра мзазы Ҳамид Џыр дҭалоит «акоренизациатә» курсқәа (Асовет Еидгыла ареспубликақәа рҟны имҩаԥысуаз «акоренизациа аполитика» инақәыршәаны, ашьагәыҭтә жәларқәа рыбжьара анапхгаратәи, анхамҩаусутәи кадрқәа разыҟаҵара, иара убасгьы аинтеллигенциа ашьақәыргылара иазынархан – аред.), аха шықәсыкгьы мҵыцкәа, ԥхынҷкәын 25 рзы дарҭоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русуҩцәа рзанааҭеидгыла Черқьессктәи аобласттә комитет напхгаҩыс. 1938 шықәса, рашәарамзы 1 азы дрыдыркылоит абаза газеҭ ашҟа, ақыҭанхамҩатә ҟәша еиҳабыс. Уаҟа аус иуанаҵы, 1940 шықәсазы иҵара хирқәшоит Черқьессктәи апедагогикатә ҵараиурҭа аҟны.

Алитературатә процесс ахәҭакхара

Ҳамид Џыр раԥхьатәи игазеҭтә анҵамҭа азирхиоит иқыҭа гәакьа Хәыжәду аҟны, иагьазкын уи қәҿиарала аус зуаз аколнхара абригада. Уи нахыс Ҳамид Џыр иԥсҭазаара зегьы абаза журналистикеи, алитературеи ирызкхоит.

Агазеҭ «Черкес къапщ» (абаза бызшәа аҟынтә еиҭоугозар – «Черқьессиа Ҟаԥшь» — аред.) акәша-мыкәша акәын урҭ ашықәсқәа раан амилаҭтә литературатә интеллигенциа ахьышьақәгылоз. Раԥхьатәи абаза поетцәеи, ажурналистцәеи рыгәҭа иҟаз Ҳамид, алитературатә процесс даланагалоит. Раԥхьатәи иажәабжь «Льыхв» (ажәабжь хьӡыс иамоуп ихадоу афырхаҵа ихьӡ – аред.) 1940 шықәсазы, цәыббра анҵәамҭеи – жьҭаарамза алагамҭеи рзы иҭыҵыз агазеҭ ах-номерк ирнылеит. Мызкы ашьҭахь, агазеҭ аҿы икьыԥхьхоит даҽа иажәабжьк – «Аҳмед ихигаз атәы». Ҳамид Џыр раԥхьатәи илитературатә аԥҵамҭақәа ирызкны, еицырдыруа абаза литератураҭҵааҩы Владимир Тыгә иазгәеиҭон, урҭ – алитературатә цәа зыхҵоу афольклортә текстқәа, мамзаргьы алегендақәеи, алакәқәеи шьаҭас измоу ажәабжьқәа шракәу. Аҵарауаҩ игәаанагарала, «афольклор ахь ихы ахьирхаз абзоурала автор ибызшәа беиахеит, абазацәа рмилаҭтә хәыцшьа аҷыдарақәеи урҭ рцәаҩашьа-естетикатә шьаҭақәеи изаатит».

1940 шықәса, абҵарамзазы Џыр аамҭала инаигӡон агазеҭ аҭакзыԥхықәу аредактор иуалԥшьақәа, уи аамҭа иалагӡаны Ҳамид инапы анҵаны акьыԥхь ахь инашьҭыз агазеҭ аномерқәа жәаба ҭыҵуеит. Ари, ҳәарада, иаршаҳаҭуеит Џыр ирҿиара пату шақәырҵоз, иара ихаҭа иахь иҟаз агәрагареи. Ус шакәызгьы, Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа ирҿиаратә усура еиԥнарҟьоит.

Доватор игвардиа иалаз аибашьҩы

Ҳамид Џыр афронт ахь дааԥхьан 1941 шықәса, ԥхынгәымза 8 рзы. Дақәшәоит илегендартәу аинрал Доватор (аинрал-маиор, Асовет Еидгыла Афырхаҵа Лев Михаил-иԥа Доватор – аред.) напхгара ззиуаз 2-тәи агвардиатә ҽыуаа ркорпус. Џыр аҳәа кны деибашьуан Мраҭашәаратәи афронт аҿы иҟаз 4-тәи адивизиа 74-тәи аҽыуаа рполк аҟны. 1942 шықәса, жәабранмзазы арҟаԥшьуаҩыс диаргоит 2-тәи агвардиатә аҽыуаа ркорпус ахь иаҵанакуаз, Аҩныҵҟатәи аусқәа рзы жәлар ркомиссариат иҷыдоу аҟәша иатәыз, хазы иҟоу аҟәыра ашҟа.

«1941 шықәсазы далахәын аӷа итыл ахь анеиразы нанҳәатәи ареид, хаҭала дишьит немецк, уи адагьы, аибашьцәа ргәыԥ даланы дикхьан «абз» (ус ишьҭоуп аинформациа аиуразы аԥшыхәыҩцәа иркыз аӷа – аред.), изныкымкәа ԥшыхәра дцахьан <…> ихы ааирԥшит узықәгәыӷша, активла ауаажәларратә ԥсҭазаара иалахәу еибашьҩыс», - абас еиԥш 1943 шықәса, ажьырныҳәамзазы Ҳамид дихцәажәоит агвардиатә корпус иҷыдоу аҟәша аҳәынҭқарратә шәарҭадара алеитенант-еиҳабы Павел Филон.

Иара убасгьы артә газеҭк хәыҷык редакторс даман: убас ала, имаз ажурналисттә ԥышәа афронт аҿгьы ахархәара аиуит.

1944 шықәса, лаҵарамзазы Ҳамид Џыр аҵаразы дрышьҭуеит Новочеркассктәи аҽыуаа рҵариурҭа ашҟа, уи аамҭазы уи аус ауан Москватәи аобласт ахь иаҵанакуа ақалақь Подольск аҟны. Уаҟа иара аҵара иҵон 1945 шықәса, абҵарамзанӡа, анаҩс – ԥхьатәара дышьҭын. Џыр аибашьра иалахәра азгәаҭоуп «Агәымшәареи», «Москва ахьчарази» амедалқәа рыла.

Аиҭеира

Аибашьра аҟнытә ихынҳәыз Ҳамид, аусура далагоит, 1942 шықәса, нанҳәамза инаркны зусура аанкылаз агазеҭ «Черкес къапщ» аредакторс. Џыр иакәымзар уаҳагьы издырҵодаз уи агазеҭ аусура аиҭашьақәыргылара! Уи иуадаҩыз аус имацара инаигӡар акәхеит уҳәаргьы ҟалоит: абаза литературеи ажурналистикеи аԥхьагылаҩцәа 19-ҩык рҟынтә, ааҩык афронт аҿы иҭахоит, егьырҭ рыбжаҩык аррамаҵура иацырҵоит, аҭынч ԥсҭазаарахь ихынҳәқәаз – рзанааҭқәа рыԥсахит. Ус шакәызгьы, 1945 шықәса, абҵарамзазы иҭыҵуеит актәи аибашьрашьҭахьтәи агазеҭ аномер.

Аамҭа кьаҿк ала аредактор илиршеит ажурналистцәа реизгара, аредакциа агәыцәс иҟан аибашьра иахысыз аусзуҩцәа. Урҭ зегьы азанааҭ дырҵатәын, уи аус Ҳамид Џыр иҽақәкны, гәазыҳәарала иаҽазикит. Уи аамҭазы, аредактор ихаҭагьы ҭыԥк аҿы дгыламызт – иҵара иациҵон: 1954 шықәсазы, Асовет Еидгыла Акоммунисттә партиахь иаҵанакуаз Иреиҳаӡоу апартиатә школ иатәыз Арразыҟаҵаратә курсқәа дрылгоит, шықәсык ашьҭахь – Апартиатә школ ахаҭагьы далгоит.

Уаҟа иоуз адыррақәа қәҿиарала апрактикаҟны ихы иаирхәоит – 1968 шықәсанӡа агазеҭ напхгара азуа. Иара ихамеигӡаратә усура азгәаҭан «Аҳаҭыртә Дыргеи», Аџьаустә бираҟ Ҟаԥшьи аорденқәа рыла. Иааизакны, амилаҭтә газеҭ аҟны Ҳамид Џыр 20 шықәса аус иуит. Иазгәаҭатәуп, агазеҭ аҟны аус иуанаҵгьы, Џыр алитература шнимыжьуаз.

Абаза литература ахыҵхырҭаҿы

Џыр илшоз зегь ҟаиҵон аҟыбаҩ бзиа злоу аҿар рыԥшааразы, урҭ арҽиарахь рхы архаразы, аҵараиураҟны ацхыраара рыҭаразы. Автор ҿарацәа данрацәажәоз, рыԥшаарақәа ирықәшәо амҩа иашақәа ралхраҿы абжьгарақәа риҭон. Агазеҭ аҟны ианылон илитературатә-критикатә статиақәа, уаҟа апоет ҿарацәа раԥҵамҭақәа еилиргон, анализ рзиуан.

Апоет ҿарацәа ражәеинраалақәа знылаз аизга «Ашьхарыуаа рыбжьы» аҟны абас иҩуеит: «Еилкаауп, ҳашәҟәыҩҩцәеи, иара ҳлитературагьы шқәыԥшу, аха уи ала ҳхы арқьиара ҳалагар ҟалаӡом. Агхақәа аԥаҳхыр ҳҭахызар, урҭ ииашаны, ҳрызхәыцны ҳрыхәаԥшуазароуп. Ус анакәымха, аԥсҭазаара ԥхьаҟа иҳаҩсны ицалоит, ҳара уи ашьҭахь ҳаанхалоит».

Араҟа иубоит – аибашьра ҟалаанаӡатәии аибашьра ашьҭахьтәии аамҭақәа рзы алитературатә аԥҵамҭақәа ахәшьара рыҭараҿы ипринципиалтәу аиԥшымзаара. Абаза литература ахы аныҵнахуаз аамҭазы апоет ҿарацәа раԥҵамҭақәа ирымаз агхақәа еиҳагьы ирацәан, аха усҟан урҭ ӷәӷәала лахь рыҭаразы изаацәоуп ҳәа иԥхьаӡан.

Џыр ихаҭа ишиҳәоз еиԥш, «алитератор ҿарацәа раԥхьатәи ршьаҿақәа рыҟаҵара ианалаго, адгылара рыҭатәуп, арҿиара иалагалатәуп… анаҩс, хәыҷы-хәыҷыла идырҵатәуп, ирыҵаҳәатәуп». 1950-тәи ашықәсқәа рзы иааит аамҭа «арҵареи аҵаҳәареи» анаҭахха. Уи аус напы аиркуеит, зегьы иреиҳабыз, зегь реиҳа аԥышәа змаз амилаҭтә шәҟәыҩҩы.

Ҳамид Џыр далахәын еиуеиԥшым ашәҟәыҩҩцәа реизарақәа, ишьҭихуан иҵару азҵаарақәа. Ус еиԥш иҟаз аизарақәа руак аҟны иара ишьҭихуеит аколлективтә шәҟәқәа ирныло аԥҵамҭақәа ралхра иазку азҵаара. «Аизга аиқәыршәараҿы иалахәуп аиқәыршәаҩи, аредактори, - иҳәеит иара. – Уи иахҟьаны аизга ианылоит цқьа изызхәыцым, иахәҭоу ахаҭабзиара аҟынӡа инагам аҩымҭақәа. Агазеҭқәеи, аизгақәеи ирныло аԥҵамҭақәа акьыԥхь рбаанӡа, ашәҟәыҩҩцәа реилатәарақәа рҟны ирыхцәажәозароуп». Даҽа еизарак аҟны аобласттә шәҟәыҩҩцәа реилазаара аԥҵаразы азҵаара шьҭихуеит. Иара игәаанагарала, уи аилазаара аҟамзаара иахҟьаны, аҩымҭақәа иахәҭоу акритикатә анализ роуӡом, амилаҭтә шәҟәыҩҩцәа раԥҵамҭа бзиақәа аурыс бызшәахьы реиҭагара аус напы аркым.

Аҭоурых апроза

Ҳамид Џыр абаза сахьаркыратә ажәа арҿиараҿы иалагала даараӡа идууп. Иара ирҽиароуп, Владимир Тыгә издиҳәало абаза литератураҿы апроза ашьақәгылара. Иара дравторуп – ароманқәа «Ашьхақәа рҿыхара», «Аб иԥа», аповест «Аԥсҭазаара ԥшаауа», хыԥхьаӡара рацәала ажәабжьқәа, аочеркқәа, ановеллақәа, апиесақәа, уҭ зегьы абаза литератураҿы акырзҵазкуа цәырҵрақәан.

Ҳамид Џыр аҵыхәтәантәи иусумҭаны иҟалеит ишәҟәы «Амра иарҿыхаз», уи ҭыҵуеит иԥсҭазаара даналҵлак ашьҭахь, 1972 шықәсазы. Уаҟа, аповестқәа рыдагьы ианылеит абаза литературеи, амилаҭтә арҿиаратә интеллигенциеи рышьақәгылара аамҭахь иаҵанакуа игәалашәарақәа.

Ҳамид Џыр ибеиоу иԥсҭазааратә ԥышәа исахьаркыратә рҿиамҭақәа ирныԥшуеит. Аповест «Аԥсҭазаара ԥшаауа» еиҳаркгьы автобиографиатәуп.

Алитератураҭҵааҩцәа ргәаанагарала, Ҳамид Џыр ихатә ԥсҭазаара иазкны аҩразы аҭоурых ахаҭа азин инаҭеит: ихатә ԥсҭазаара иазку ажәабжь, игәҭыхақәеи игәҭахәыцрақәеи зныԥшыз, ажәлар рзы иҷыдоу аҵакы амоуп.

Ашәҟәы «Амра иарҿыхақәаз» ашьҭахьажәаҟны Бемурза Ҭҳаиҵыхә иҩуеит: «Ари ауаҩ иԥсҭазаара далымҵӡеит. Уи анышә данамардозгьы, игәы амцала ирԥхаз аихатәы цәаҳәақәа алинотип анҵара иаҿын…»