Ахатә коллекциаҟны иҵәаху, шамахамзар иуԥымло асахьаҭыхҩы Варвара Бубнова лусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Москва, Марина Цветаева лмузеи аҟны.

Саид Барганџьиа

Еицырдыруа асахьаҭыхҩы Варвара Бубнова, 20 шықәса инареиҳаны Аԥсны инхоз, лусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Москва, Марина Цветаева лыҩны-амузеи аҟны. «Варвара Бубнова: Аурыс авангарди, иапониатәи атрадициеи» ҳәа хьӡыс измоу ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп аурыс сахьаҭыхҩы Аԥсныи Иапониеи данынхоз аамҭақәа рзы иаԥылҵаз лусумҭақәа.

Варвара Бубнова лқәыԥшра шықәсқәа Асовет мчра анышьақәгылоз аамҭақәа ирықәшәеит. Асахьаҭыхҩы нхара ҳәа диасуеит Иапониаҟа, уаҟа акыршықәсагьы дынхон, аха анаҩс дхынҳәуеит Асовет Еидгылахь, нхарҭа ҭыԥсгьы иалылхуеит Аҟәа.

Аекспозициа кураторс дамоуп асахьаҭыхҩы, аҟазараҭҵааҩы, лара Бубнова лҵаҩы Александр Лозовои. Аекспозициаҟны иара ицәыригеит асахьаҭыхҩы илтәыз амаҭәахәқәа – абжьарашәышықәсақәа рахь иаҵанакуа иапониатәи асахьаҭыхратә хархәагақәа, иара убасгьы лнапылаҩырақәеи, лусумҭа акаталогқәеи.

«Аҟәа амчхара лоуит, ҿыц лыԥсы ҭалеит уҳәар ҟалоит. 80 шықәса раҟара лхыҵхьан, аха уи аамҭа лҟазараҿы зегьы иреиӷьын, еиҳа аекспрессиа зцыз, ишашаӡа иҟаз аамҭан», - иҳәоит аҟазараҭҵааҩы.

Иапониатәи апериод ахь иаҵанакуа лусумҭақәа ртәы уҳәозар, иахьазы Иапониа иҭыҵуа аурыс авангард (Бубнова раԥхьатәи лусумҭақәа зланагӡаз ахырхарҭа) иазку акьыԥхьымҭақәа рҟны лыхьӡ ахьарбам ыҟам.

Александр Лозовои инацҵаны иазгәеиҭеит, ари аусмҩаԥгатә икамертәу ацәыргақәҵа шакәу: ицәыргоуп ахатә коллекциа аҟны иҵәаху аусумҭақәа жәиԥшь.

Аколлекциа аҭоурых атәы уҳәозар, уи даараӡа аинтерес аҵоуп. Варвара Бубнова Аҟәа дынхонаҵы, лусумҭақәа ҳамҭас лҩыза илҭон, аҳәарасгьы иҟалҵон: лсахьақәа Урыстәыла иалганы џьаргьы ирымгарц азы. Лозовои иазгәеиҭеит, ари аколлекциа Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа иацәаанханы, Анцәа иџьшьаны ишеиқәхаз атәы.

Иахьазы аколлекциа зтәу Кирилл Барашков, аекспозициазы аусумҭақәа цәырызгаз, еиҭеиҳәеит, Бубнова лсахьақәа лассы-лассы акәымзаргьы, аамҭа-аамҭала ишцәырырго.

«1970-шықәсқәа рзы Пушкин ихьӡ зху аҿыханҵатә ҟазара амузеи аҟны имҩаԥысуан ацәыргақәҵа. Жәашықәса раԥхьа – Третиаковтәи агалереиа аҟны. Ес-хышықәса Бубнова лусумҭақәа рцәыргақәҵа еиҿылкаауеит Шьазина Агрԥҳа (москватәи асахьаркыратә галереиа «Шьазина» аԥҵаҩы, Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультуратә фонд «Ауаҩы игыларҭа» аиҳабы – аред.)», - иҳәеит Барашков.

Шьазина Агрԥҳа, лара лхаҭа лажәақәа рыла, акыршықәса «Варвара Дмитри-иԥҳа лҭынха аларҵәара, аӡыргара» лнапы алакуп.

«Варвара Бубнова – зеиԥш дмаҷу сахьаҭыхҩуп, аенциклопедиатә ҵареи, аамысҭашәаратә ааӡареи змаз уаҩын. Аха зегь реиҳа уамашәа иубаша – илылаз аетикатә ҳаракыра, уи лыԥсҭазаараҿы илхылгаз ауадаҩрақәа шырацәазгьы, зныкгьы дацәхьамҵит. Иахьазы уи акраҵанакуеит – ҿырԥштәыс, алабжьарак иаҩызоу, иналукааша арккаҩы ихаҿсахьеиԥш», - лҳәеит Агрԥҳа.

Уи лажәақәа рыла, ицәыргоу аусумҭақәа руак – 1922 шықәсазы иҭыху асахьа «Маска» – убасҟак аинтрес аҵоуп, «иҷыданы, хаҭала аҭҵаара иаԥсоуп».

Варвара Бубнова диит Ленинград (Асовет аамҭазы Санкт-Петербург хьӡыс иамаз - аред.). Петербургтәи асахьаркыратә академиа доушьҭымҭоуп, «Аҿар Реидгыла» (Урыстәыла раԥхьатәи авангардтә хеилакқәа руак – аред.) далахәҩын, анаҩс – Асахьаркыратә культура аинститут аусзуҩыс дыҟан.

1932 шықәсазы Бубнова нхара ҳәа дцоит Токиоҟа, лаҳәшьеиҵбы, аскрипка арҳәаҩы Анна лышҟа. Анна лыԥшәма асамураи Оно иашьа иԥҳа лакәны дыҟан еицырдыруа асахьаҭыхҩы, амузыкаԥҵаҩы Иоко Оно – Джон Леннон («Битлз» аԥҵаҩцәа руаӡәк) иԥҳәыс. Анна лакәын Иоко хәаҷы амузыка лзырҵоз, Варвара лакәзар – ахәыҷы иллырҵон аҭыхшьа. Варвара Иапониа дынхон 34 шықәса, анаҩс даауеит Аԥсныҟа.

Лыԥсҭазаара анҵәамҭазоуп Ленинградҟа даныхынҳә. Иахьазы лара лсахьақәа иреиҳаӡоу урыстәылатәи, аҳәаанырцәтәи амузеиқәа реизгақәа ирылоуп.

Варвара Бубнова лусумҭақәа рцәыргақәҵаҿы, Аҟәа, 2016 шықәса, лаҵарамза. Архивтә фотосахьа
Варвара Бубнова лусумҭақәа рцәыргақәҵаҿы, Аҟәа, 2016 шықәса, лаҵарамза. Архивтә фотосахьа
© Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә сахьатә галереиа Афонд