Аԥсны иҟоуп Аԥсуа баарыԥхрақәа ҳәа изышьҭоу аргылара ду – зҭоурых иахьа уажәраанӡагьы инагӡаны иҭҵаам ижәытәӡатәиу хыхьчаратә ҭӡуп. Иҟалап, ҳазҭоу ашықәс, аԥхынразы иаԥшьгаз аҭҵаарадырратә проект абзоурала иқәгылоу азҵаарақәа зегьы рҭак ҳаургьы.

Асҭа Арӡынԥҳа

Аԥсуа баарыԥхрақәа – ахԥатәи аҭыԥ ааныркылоит адунеи аҿы зегь реиҳа зоура дуу аргыламҭақәа рыбжьара: актәи аҭыԥ аанакылоит Китаитәи аҭӡы-баагәара ду, аҩбатәи – Иран иҟоу Горгантәи абаагәара.

Аԥснытәи абаарыԥхрагьы амҽхак дууп: аӡиас Кьалашәыр ахы ахьыҵнахуа инаркны Тҟәарчалынӡа инаӡоит иара (160 километр), еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рыгәра угозар – аӡиас Егрынӡагьы инаӡоит. Лассы-лассы Кьалашәыртәи аҭӡы-баагәара ҳәа изышьҭоу аргыламҭа аура ахьынӡацо иуԥыло аҟланқәа (абаашқәа) ртәы уҳәазар – урҭ рхыԥхьаӡара шәкыла иҟоуп. Аҟланқәа зегьы шәагаала еиԥшӡам – аа-метрак инаркны жәаҩа метра рҟынӡа инаӡоит. Абри ауп иахьазы иаҳдыруа Аԥсуа баарыԥхрақәа ирызкны. Аха иахьа уажәраанӡа иаартны инхоит ихадоу азҵаара: изыргылада дара, ианба, насгьы иззы?

«Ашәч ахьышьшьы»

Иахьазы ахыхьчаратә ргыламҭаҟынтә еиқәхаз еилаҳаны иҟоу аҟланқәеи, аҭӡы-баагәара ахәҭақәеи роуп. Еицырдыруа аныҟәаҩ Фредерик Диубуа де Монпере Аԥсны даҭааны даныҟаз иҟаиҵаз анҵамҭақәа рыла, абаарыԥхра иахьа ишыҟоуи, XIX-тәи ашәышықәса актәи азбжазы ишыҟази еиҩырго ҳәа егьыҟам. Афранцыз хылҵшьҭра змаз швеицариатәи аныҟәаҩ XIX-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Кавказ ахи-аҵыхәеи еимидеит, Аԥсынгьы даҭааит.

Иара ианҵамҭақәа рҿы абас иҩуан: «Ари аҭӡы-баагәара Кьалашәыр иалагон; амшын иаваршәны ицоз аргыламҭа ду иавакны, ашәч зхьышьшьы игылаз аҟлан ала акәын ари абаагәара ҳаракы злалагоз; абраҟа уажәы еиқәхаз аҭӡы-баагәара ашьха ақәцәахь ицоит, егьырҭ ахыжәжәарақәа ирыцлауа… Акрополь еиԥшу ари абаагәара адәахьтәи акәакь ала даҽа ҭӡык ахы акуан, уи Кәыдры аӡиас аԥшаҳәала аҩада ашьхарахь ицон хараӡа, адгьыл рацәа аҵакуа, аԥхьатәи ашьхарԥарақәагьы уахь иналаҵаны. Абасала, ари абаагәара ашьхаӡиасқәа Маркәылеи Аалӡгеи рыԥшаҳәақәа еиԥшьны амацәаз иҭакуа, Бедиа ахахьала иҩеины Егры аӡиас азааигәара инҵәон».

«Кавказ ахи-аҵыхәеи акәшара» ҳәа хьӡыс измаз аусумҭаҿы аҵарауаҩ иааигаз иазгәаҭарақәа еиҳагьы рыхә ҳаразкуа акоуп Аԥсуа баарыԥхра ацәырҵра раԥхьаӡа акәны аҭҵаарадырра аганахьала ахәаԥшра иҽахьазишәаз азы. Диубуа де Монпере иазгәеиҭоит, ари абаҟа шаҟа ахыҵуа инҭкааны ашьақәыргылара уадаҩуп ҳәа, аха ус шакәугьы игәы иаанагоит, абаагәара дыргылеит ҳәа абырзенцәа ҳера ҟалаанӡа шәышықәсақәак раԥхьа. Аныҟәаҩ игәаанагарала, абаагәара аргыларала абырзенцәа рҽыԥхьаркыр рҭахын аибашьра згәы азыҳәоз аҭыԥантәи аимшьҭрақәа рҟынтә.

«Усҟантәи аамҭа ус адыруан, – ҳәа игәаанагара хиркәшоит Диубуа де Монпере, – Херсонес Гераклитәи, Босфортәи аҳәынҭқарра, Херсонес Фракиатәи уҳәа егьырҭ аҵакырадгьылқәеи аколониақәеи рыхьчаразы иаԥҵаз аргыларақәа иреиԥшны иргылан ари абаагәарагьы».

Аԥсуа баарыԥхрақәа рцәырҵра аверсиақәа

Де Монпере игәаанагара – абаарыԥхра ацәырҵра антикатә теориа ҳәа изышьҭоу иақәшәоит. Уи атеориа инақәыршәаны, зоуреи зымҽхаки дууз ахыхьчаратә ргылара рнапкымҭоуп ажәытә бырзенцәа, урҭ ҳера ҟалаанӡа I-тәи азқьышықәса аҩбатәи азбжазы ҳаамҭазтәи Аԥсны аҵакырадгьыл ахь иқәнагалеит, араҟагьы рықалкақь-колониақәа аԥырҵеит: Диоскуриада – иахьатәи Аҟәа ахьгылоу аҭыԥан, Гиуенос – Очамчыра ахьгылоу, Питиунт – Пицунда ахьгылоу. Аха уи аверсиақәа руак ауп. Иҟоуп егьырҭгьы.

Убас, ҳера аныҟалазтәи VI-тәи ашәышықәса аҭоурых излаҳәо ала, аҩада-мрагыларатәи Амшынеиқәаҿықәан усҟан еиқәшәеит ҩ-ҳәынҭқарра дук ринтересқәа – Џьамтәылеи Византиеи. Ахыҵхырҭақәа шьоукы ишырҳәо ала, Џьамтәыла нхыҵкавказтәи адгылаҩцәа ацырхырааны абри аҵакырадгьыл Византиаа ирымнахыр аҭахын, араҟа ақәхратә жәыларақәа мҩаԥганы. Византиа акәзар, аҭыԥантәи аполитикатә еиҿкаарақәа ирыдгыланы абаашқәа рыхьчаратә система арӷәӷәеит, ус еиԥш иҟоу ажәыларақәа раԥхьырҟәҟәааразы.

Еиуеиԥшым аҵарауаа Аԥсуа баарыԥхрақәа рнапкымҭоуп ҳәа рыԥхьаӡон ма аџьамцәа, ма византиаа. Византиатәи атеориа инқәыршәаны, абаагәара аргылара мҩаԥысуан византиатәи аимператор Иустиниан I иаҳратәраан, ҳера аныҟала VI-тәи ашәышықәсазы, хықәкысгьы иаман Нхыҵкавказтәи аимшьҭрақәа ржәыларақәа рҟынтә атәыла ахьчара.

Егьи агәаанагарала, абаагәара дыргылеит аџьамцәа VI-тәи ашәышықәсазы, дара усҟан Византиатәи аимпериа иаҿагыланы еибашьуан Мраҭашәаратәи Кавказ анапаҿы аагаразы.

Аԥсны аҭоурых аҟны уажәыгьы аҳра ауеит Аԥсуа баарыԥхра аргылара иадҳәалоу агыруа теориа. Уи излаҳәо ала, аҭӡы ргылан XVII-тәи ашәышықәсазы, агырқәа раҳ Леван Дадиани ихаан.

Аха иара убри аамҭазы, аҵарауаа шьоукы-шьоукы аргылара аҭоурых аҿы иалыркаауан ҩ-етапк. Хаҭала иаҳҳәозар, аԥсуа, асовет археолог-кавказҭҵааҩы Лев Соловиов иԥҳьаӡон, абаагәара дыргылеит ҳәа V–VI-тәи ашәышықәсақәа рзы, нас аамҭақәак анца ашьҭахь иацырҵон, еиӷьыртәуан ҳәа X–XII-тәи ашәышықәсақәа рзы. Абри аҩыза алкаақәа дырзааит абаагәара аҟланқәа рыҭҵаара аамышьҭахь, урҭ ргылашьеи рыргылараан ахархәара зырҭаз аматериалқәеи рыла.

Абаарыԥхра ахсаала

Аԥсуа баарыԥхра аныргылаз ашьақәыргылара еснагь иуадаҩыз зҵааран, избан акәзар ари аҭӡы ауразоуроу инҭырҳәцааны аӡәгьы иҭимҵаацызт. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ранҵамҭақәа рҿы еиқәшәаӡом аргыламҭа ауреи, аҟланқәа рхыԥхьаӡареи ирызку адыррақәаҵәҟьа. Раԥхьаӡа акәны Кьалашәыртәы аҭӡы-баагәара дахцәажәеит аҭоурыхҭҵааҩ Иури Воронов. Иара иааигаз адыррақәа роуп аҭҵааҩцәа уажәыгьы рхы иадырхәо. Аҭоурыхҭҵааҩ ахсаала ҭихит, баарыԥхра ахәҭақәеи аҟланқәеи ахьыҟоу арбаны.

«Аԥсны архитектуратә баҟақәа рдунеи аҿы» ҳәа зыхьӡу ашәҟәаҿы Воронов иҩуеит Кьалашәыртәи аҭӡы-баагәара ахыхьчаратә цәаҳәа аура шә-километрак рҟынӡа инаӡоит ҳәа. Аҭоурыхҭҵааҩ иазгәеиҭоит, ари ацәаҳәа Кьалашәыр аӡиас ахыҵхырҭа инаркны Егры аӡиас арыӷьарахьтәи аган ала ишьҭоу ақыҭа Лекухон аҟынӡа инаӡон ҳәа.

Даараӡа акраҵанакуеит – Кьалашәыртәи аҭӡы еиужьны, еиԥшьны иҟаӡам ҳәа Воронов иҟаиҵаз азгәаҭара.

«Аҭӡы аргылаҩцәа аҭыԥантәи аԥсабара аиҿартәышьа рхы иадырхәон. Абаарыԥхра ацәаҳәа зегьы анаӡара 58 километра рҟынтә 25 рҟноуп аҭӡы ахьгылоу, аха уи амҽхак акыр идууп 180 нызқь кубометр раҟара агеит. Кьалашәыр ахы ахьыҵнахуа инаркны Гьаџьыр аӡиас аҟынӡа (Тҟәарчал мраҭашәаратәи аганахь) аҭӡы аимҟьарсҭақәа иааизакны 33 километр рҟынӡа инаӡоит. Зыӡбахә ҳамоу аҭыԥқәа реиҳарак шьхароуп, уаҟа даараӡа аԥсабара ԥшӡоуп, аха уахь аламала узнеиуам – ҽҟьарсҭоуп, адгьыл ҳәазоит, ашәшьыра зхашьшьы иҟоу аиҩхаақәа даараӡа иҭшәоуп», - иҩуеит аҭоурыхҭҵааҩы.

Иара иажәақәа рыла, абаагәара иамоу аҟланқәа 279 рҟынтә, 275 – Кьалашәыр инаркны Тҟәарчалынӡа игылоуп. Аҟланқәа дара-дара 40 инаркны 120 метра рҟынӡа рыбжьоуп. Лассы-лассы раԥхьа аҟланқәа дыргылон, анаҩс урҭ рыбжьара абаагәара шьҭырхуан, иазгәеиҭоит Воронов.

Ажәытәра амаӡақәа реилкаара

Абаагәара иазкны иахьазы иқәгылоу азҵаарақәа рҭак аҟаҵаразы, 2019 шықәса, баарыԥхрақәа рымаӡақәа» ҳәа хьӡыс измоу. Афонд «Амшра» иҟанаҵо афинанстә цхыраарала апроект нарыгӡоит аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩцәеи археологцәеи ргәыԥ

«Амаӡақәеи амифқәеи раамҭа цеит!» – агәра ганы дыҟоуп аҭоурыхҭҵааҩы, апроект алахәҩы, Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Шандор Ҟаитан. Иахьатәи аамҭазы, аҵарауаҩ игәаанагарала, аилкаа рацәа ҳазҭаша археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥгалатәуп. Апроект актәи аетап аҟны аҵарауаа иҭырҵаауеит Аԥсуа баарыԥхрақәа рахь иаҵанакуа аобектқәа. Абаагәара ауреи, аҟланқәа шаҟа рыбжьоу

аилкаареи азы ишьақәырӷәӷәахоит GPS акоординатқәа. Иури Воронов ихсаала иақәныҟо, иахьазы иҭырҵаахьеит аҟланқәа 200 инареиҳаны.

Ҟаитан иажәақәа рыла, еиуеиԥшым аҩыратә хыҵхырҭақәа рыгәра угозар, абаагәара Егрынӡа инаӡоит, аха иахьазы уи агәаанагара шьақәырӷәӷәам. Аҵарауаа хықәкыс рҿаԥхьа иқәдыргылеит абаагәара алада-мрагыларатәи ахәҭа аԥшаара, иара ыҟаҵәҟьазар.

Кьалашәыртәи аҭӡы-баагәара аҭҵаара, Ҟаитан игәаанагарала, археологиазы мацара адагьы, Аԥсны уи ахәҭаҿы атуризм аҿиара акыр иахәар алшоит.

Абаагәара аныргылаз, уи зызкыз, иааидкыланы аура заҟароу уҳәа егьырҭ азҵаарақәа рҭак аҟаҵара алшахоит аҭҵаарадырратә проект анхыркәшахалак ашьҭахь, инацҵанны иазгәеиҭеит аҭоурыхҭҵааҩы.

Аҭҵаарақәа актәи ретап иацҵахоит 2020 шықәсанӡа, анаҩс – абаагәара аҵакырадгьыл аҟны ажрақәа ирылагоит.