Ҳазҭоу ашықәс азы 105 шықәса ҵуеит иналукааша аҵарауаҩ-абызшәадырҩы, алитератураҭҵааҩы, аԥсуа литературатә критика ашьаҭаркҩы, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Хәыхәыт Бӷажәба диижьҭеи.

Арифа Қапԥҳа

Иналукааша аԥсуа бызшәадырҩы Хәыхәыт Бӷажәба диит 1914 шықәса жьҭаарамза 15 рзы Гәыԥ ақыҭан (Очамчыра араион), Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы еицырдыруаз Салуман (Соломон) Бӷажәбеи Матиа Қапԥҳаи рҭаацәараҿы. Даараӡа аинтерес зҵоу фактуп, иаб – зашьеиҳаб иршьыз ишьа зуз Салуман шиакәу жәлар рфырхаҵаратә ашәа зыхҳәаау. Ари афольклор ҳаамҭа аҟынӡагьы еиқәханы иааит.

Жәлар рфырхаҵа Салуман Бӷажәба

Ари ахҭыс ҟалеит убла хызкуа Тҟәарчал ақыҭан, инҭкааны иуҳәозар, ашьха ашьапаҿы ишьҭоу Аџьамԥазра ҳәа зыхьӡу аҭыԥ аҟны. Уаҟа хҩык иԥацәа – Еқәыԥи, Қьысқьынџьи, Салумани иманы дынхон Едгьы Бӷажәба. Ари аҭаацәарахь ажәлар ирымаз апатуқәҵареи аҳаҭыри ирхырҟьаны, аҭыԥантәи аҭауад Шьмаф Ачба Едгьы иԥацәеи иареи цәгьахәыцрала дрыхәаԥшуа далагеит. Еиҳаракгьы, аҷкәынцәа рашьеиҳабы Еқәыԥ, уи лассы-лассы иҽырԥагьаны ихы мҩаԥигалон, дарбанзаалак аӡәы, дҭауадзаргьы, иҿаԥхьа ихы ларҟәны дгылап ҳәа игәы иҭамызт.

Ус шакәызгьы, Еқәыԥи аҭауад иԥа Асҭамыр Ачбеи рхәыҷраахыс аиҩызара рыбжьан. Аҩыџьагьы рыҽқәа ирықәтәаны иахьнеилак, дара ракәын зегьы зхәаԥшуаз, убасҟак улаԥш аҿы иааиуан. Аха ҽнак азы аиҩызцәа рыбжьара ахлымӡаах ҟалоит.

Абар уи ахҭыс дшахцәажәо алитератураҭҵааҩы Руслан Капԥба ишәҟәы «Хәыхәыт Бӷажәба» аҟны: «Асҭамыри Еқәыԥи ирыӡбоит Самырзаҟан (ҳаамҭазы – ақалақь Гал – аред.) инхоз ирзааигәақәаз џьоукы сасра ирызцарц. Усҟантәи аамҭазы, ас еиԥш иҟоу аныҟәарақәа – мышқәак аангыларазы ауацәа рахь сасра ҳәа ацара аԥсуаа рҵас иалан. Аҷкәынцәа хынҳәны ианаауаз ҳаԥсы неиҭаҳкып ҳәа имҩахыҵуеит Дырҩыг Аршба иҩнаҭахьы. Аԥшәма ишихәҭоу еиԥш, пату рықәҵаны, чеиџьыкала асасцәа идикылоит, анаҩс иааилахәлон еиԥш, аԥшәма иҭабуп ҳәа наиаҳәаны, аиҩызцәа рымҩа инықәлоит. Аӡиас Аалӡга азааигәара иҟаз аџьықәреирҭа иалсны ишнеиуаз гәашә дук инадгылеит. Аԥхьа дгылан Еқәыԥ, уи дишьҭанеиуан Асҭамыр. Агәашә аасыртып ҳәа Еқәыԥ ихы анылаирҟә, Асҭамыр аԥхьышәҳәа итапанча аҭра иааҭыганы (ҳәарада, уи заа дазхәыцхьан) Еқәыԥ ихәдаџьал инадкыланы ҩынтә дхысуеит. Адауаԥшь иҩызаз ахаҵа, ажәакгьы аҳәара дахьымӡакәа иҽы днақәыҩрны, иааиртып ҳәа дызҿыз агәашә аҿаԥхьа дынкаҳуеит».

Ахәымгара ҟазҵаз Асҭамыр Ачба иҽиҵәахуеит Ҷлоу инхоз иуак иҿы. Мызкы инеиҳаны аӡиас Аалӡга аҟәара зегь еимдо Еқәыԥ Бӷажәба иԥсыбаҩ иашьҭан, иагьырыԥшааит иҽы ахьҿаҳәаз азааигәара – абӷьы зқәыԥсаны аԥхасҭахара иалагахьаз иԥсыбаҩ. Ари арыцҳара аныҟала Еқәыԥ иашьцәа – Қьысқьынџьи Салумани рыҩны индәылҵны ицоит. Хара имгакәа Салуман ихы Асҭамыр Ачба ихьӡоит: Салуман иашьеиҳаб ишьа иуит. Уи аамҭазы иара 21 шықәса ракәын иихыҵуаз. Ҳәара аҭахума, ари аҩыза ахҭыс аӷьал-ԥал ахылҿиаауеит – аҭауад дызшьыз ауаҩы иаарласны иқәнага дақәыршәатәуп ҳәа. Аамҭақәак Салуман дабрагьуан. Аха ажәлар рзы иара – иахәҭаны ашьоура ҟазҵаз фырхаҵаны дҟалоит. Изку жәлар рашәаҿы абас еиԥш аҳәоит.

Ашьыжьымҭан зашьа дыршьыз
Ашьыбжьаанӡа зашьа ишьа зуз Салуман ахаҵа!
Шәақьк иҭыҵыз хык азыҳәан
Ҵлак згәы ҭрысны иавамгыло Салуман ахаҵа!
О-рад Уасараида О-рад Сиуараида Салуман ахаҵа о!
О-рад Уасараида
О-рад Сиуараида Салуман ахаҵа о!
Ҧҳәыск илыхшаз аӡә изыҳәан
Амҩахәасҭа имҩахымҵуаз Салуман ахаҵа о!
Аҭауадцәа жәлар зыргәаҟуаз
Иашьа дышьны ибналақәаз
Уа дырхьымӡеи уа!

Уи нахыс, Бӷажәааи Ачааи ашьа рыбжьалоит… уи иагьахылҿиаауеит алахьеиқәратә хҭысқәа. Иахьазгьы Хәыхәыт Бӷажәба иԥа, Салуман имоҭа Олег Бӷажәба (еицырдыруа аԥсуа археолог, аҭоурыхҭҵааҩы, кавказдырҩы – аред.) урҭ аамҭақәа рылацәажәара бзиа ибаӡом.

Олег Хәыхәыт-иԥа иажәақәа рыла, иабду акыраамҭа ашьхақәеи абнақәеи дрылан, анаҩс Сибраҟа дахган, уахь дыҟан аашықәса. Уи ашьҭахь, азин шимамызгьы, Салуман иԥсадгьыл ахь дхынҳәуеит, нхара далагоит Гәыԥ ақыҭан.Уаантәи Николаи II иахь аҳәара иҩуеит, Аԥсны анхара азин ирҭарц. Иахьа уажәраанӡагьы Бӷажәаа рҭаацәара пату ақәҵаны, реликвиаҵас уи ашәҟәы ҵәахны ирымоуп.

Убас иалагеит Хәыхәыт иаб изы аҭынч ԥсҭазаара, аха, ихәыҷқәа ааӡо Гәыԥ дынханоҵгьы, Салуман есымша игәы иҽанын, Ачаа ршьоура дацәшәон.

«Исгәалашәоит, саб исзеиҭеиҳәон, бжьышықәса анихыҵуаз Берлин-Германиа атапанча иаб (Салуман) ишизнеигалоз. Дахьцалак атапанча ицын – дцәаӷәозаргьы, мамзар аҩнытә уск даҿызаргьы», – еиҭеиҳәоит Олег Бӷажәба.

Игәакьоу аҩнқәеи, «абырлаш» қалақьи

Гәыԥ анхара иалагаз Салуман аҭаацәара далалоит – иԥшәмаԥҳәыс Матиа Қапԥҳаи иареи ирхылҵуеит хҩык аԥацәа. Аиҳабы дшысабиаз идунеи иԥсахуеит, агәыбжьанытәи ихьӡын Хәыхәыт, аиҵбы – Ҳақыбеи. Хәыхәыт бжьышықәса анихыҵуаз иаб диԥхоит. Уи ашьҭахь, Матиа лԥацәа лыманы лқыҭа гәакьа Арасаӡыхьҟа дхынҳәоит, лаб игәараҭахь. Уаҟа Хәыхәыт ашкол ахь ишьҭра азҵаара ықәгылоит: Гәыԥтәи ашкол харацәан, шьапыла хә-километрак бжьан. Убас, аҵара аҵыхәала Хәыхәыт Очамчыра днанагоит, иабду иашьа иԥҳа Татиа лҭаацәарахь.

Аҷкәын ибзиаӡаны аҵара иҵон, анцәа иџьшьаны уаҟа аус зуаз арҵаҩцәагьы бзиаӡан, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Фома Ешбеи Дмитри Маани. Ҳәарада, аҷкәын зны-зынла иҭаацәара гәхьааигон, аха иара игәалашәарақәа рыла, зҿы дынхоз аҭаацәара гәыразыла изыҟан.

Иара игәалашәон: «Хәыхәыт, сымра, – абас еиԥш аԥхара аҵаны акәын дышсацәажәоз сан лыуа гәакьа Татиа. – Аҵараҵареи агәхьаагареи еинаалом, убри дырла, насгьы Арасаӡыхь зынӡа ихараӡам, угәы ианаҭаху ҳнабжьысып», – ҳәа сгәы ҟалҵон, занӡа сылахь еиқәызшәа анылбоз».

Аҷкәын Очамчыратәи ашкол даналга ашьҭахь, аҭаацәара ирыӡбоит Хәыхәыт Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол иҭаҵара. Убас ала, раԥхьаӡакәны ианшьа Хәанеи Қапԥба дицны Хәыхәыт Аҟәаҟа амҩа дықәлоит… дара цоит ӷбала. Амшын-ныҟәара аҷкәын игәы еиланархуеит, «абырлаш» қалақь ҳәагьы зхиҳәааз Аҟәагьы убри аҩыза ацәаныррақәа изцәырнагоит.

Аҷкәыни уи ианшьеи идикылоит ашкол адиректор Кондрат Ӡиӡариа. Ашьхарыуаа рышкол аҟны Хәыхәыт Бӷажәба амаҭәарқәа зегь рыла адырра бзиақәа ааирԥшит, ақыҭатәи ахәыҷқәа еиҳарак ирцәыуадаҩыз аурыс бызшәагьы уахь иналаҵаны.

«Иџьбараз, насгьы ахәшьарақәа иреигӡоз аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы В.П. Данкевич иҿы хәба аиура акыр иаԥсан», – иҩуеит Руслан Капԥба. Анаҩс, Хәыхәыт иԥагьы уи ашкол далгоит, рҵаҩысгьы Данкевич диман.

Ашкол даналга ашьҭахь, Хәыхәыт Бӷажәба дҭалоит Москватәи апедагогикатә институт, аҭоурых-философиатә факультет. 1937 шықәсазы иҵара хыркәшаны, акыр алитератураҭҵааратә очеркқәеи астатиақәеи зыҩхьаз алитератор қәыԥш дхынҳәуеит Аԥсныҟа.

Аԥсуа кадрқәа рааӡара иашьҭаз аҵарауаҩ

Хәыхәыт Салуман-иԥа Аҟәаҟа даныхынҳә аамҭазы, ақалақь иахаԥаны иҟан ибааԥсыз агәҭынчымрақәа. Уи аԥсуа интеллигенциа анықәырхуаз аамҭақәа ракәын, иналукааша ауаажәларратә усзуҩцәа аӡәырҩы арепрессиақәа ирықәыршәан. 1941 шықәсазы Аҟәа анхарҭа ҭыԥ иашьҭаз Хәыхәыт қәыԥш идыргалоит иҵара шықәсқәа раан акыр ицхраахьаз, уи аамҭазы арепрессиа иақәдыршәахьаз Самсон Ҷанба иуаҭах азы аордер. Бӷажәба уи ауаҭах мап ацәикит – иламыс иауамызт иҭацәыз Ҷанба иуаҭах аҩналара. Аха уи аамҭазы идыргалаз Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла амаӡаныҟәгаҩ иҭыԥгьы мап ацәкра шәарҭан, убри азын уи амаҵура ааникылоит. Иазгәаҭатәуп, Хәыхәыт Бӷажәба иара убасгьы Асовет Еидгыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәылас дшыҟаз, уи зырҵабыргуаз ашәҟәы Максим Горки хаҭалатәи инапынҵа анын.

1942 шықәсазы аҵарауаҩ қәыԥш аусура далагоит Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны. Уаҟа иҽазикит абызшәадырра, иҽадцаланы иҭиҵаауан аԥсуа бызшәа иаҵоу амаӡақәа. Убасгьы иара иҩуан алитература аганахьала акритикатә статиақәа. Анаҩс, Аԥсуа институт аҟны абызшәеи алитературеи рыҟәша аиҳабыс дҟалоит, 1943 шықәса инаркны 1953 шықәсанӡа аҭҵаарадырратә ҟәша адиректор ихаҭыԥуаҩс дыҟан, 1953 шықәса инаркны 1966 шықәсанӡа – Аинститут дахагылан.

Аԥсуареи, аԥсуа бызшәеи, амилаҭтә кадрқәа рааӡареи аҿагылара анарҭоз аамҭа хьанҭақәа рзы, Хәыхәыт Салуман-иԥеи уи ихаҭыԥуаҩ Ақыбеи Хонелиеи ирылшоз зегь ҟарҵеит, аԥсуа ҭҵаарадырра ахаҭарнак ҿарацәа Асовет Еидгыла иреиӷьӡоу иреиҳаӡоу аҵариурҭақәеи аспирантурақәеи рҭаҵаразы. Усҟан изыцхырааз аҿарацәа рыҟнытә аӡәырҩы иахьазы иналукааша аԥсуа аҭҵаарадырра усзуҩцәас иҟоуп.

«Хәыхәыт Бӷажәба Аԥсуа институт директорс данамаз ашықәсқәа рзы, имчқәеи илшарақәеи, идыррақәеи, имаз аԥышәеи зегь зызыкыз ак акәын – напхгара ззиуаз аинститут изызкыу аус аҟны иҳаракӡоу ахықәкы анагӡара. Аҵарауаҩ 52 шықәса ихыҵуан, Аԥснытәи апартиа аобком аӡбарала имаҵура данамырхуаз. Хәыхәыт харас идырҵон ишәҟәы «Аԥсуа бызшәа бзыԥтәи адиалект»: аҭҵаарадырра иацәыхараӡаз ауаа уи аусумҭа аҵакы ишырҭахыз идырхон, уи ашәҟәы аартны иамыԥхьақәазгьы ауаа автор иҿагылартә иазыҟарҵон, ажәлар рыԥсахҩы ҳәа ахара идҵаны», – иҩуеит Руслан Қапԥба.

Аԥсуаҭҵааратә институт. Афото аҟны арымарахьала арыӷьарахь итәоуп: Сергеи Зыхәба, Лили Акаба, аԥшьбатәи – Арвелод Кәыԥраа, анаҩс – Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл, Ақыбеи Хонелиа, Лео Шервашиӡе; игылоуп – Шоҭа Салаҟаиа, Миқвабиа, аԥшьбатәи – Баџьгәыр Саӷариа, анаҩс – Рома Ҷанба, Лена Марганиаԥҳа, Ҭина Агрԥҳа, Хрушкова, Вова Дарсалиа, Лидиа Ҷкадуаԥҳа, Владимир Ҵнариа, Валентина Кәанџьариа, Хәыхәыт Бӷажәба, арыӷьарахьала аҵыхәаны дгылоуп – Гьаргь Шамба.
Аԥсуаҭҵааратә институт. Афото аҟны арымарахьала арыӷьарахь итәоуп: Сергеи Зыхәба, Лили Акаба, аԥшьбатәи – Арвелод Кәыԥраа, анаҩс – Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл, Ақыбеи Хонелиа, Лео Шервашиӡе; игылоуп – Шоҭа Салаҟаиа, Миқвабиа, аԥшьбатәи – Баџьгәыр Саӷариа, анаҩс – Рома Ҷанба, Лена Марганиаԥҳа, Ҭина Агрԥҳа, Хрушкова, Вова Дарсалиа, Лидиа Ҷкадуаԥҳа, Владимир Ҵнариа, Валентина Кәанџьариа, Хәыхәыт Бӷажәба, арыӷьарахьала аҵыхәаны дгылоуп – Гьаргь Шамба.
© «Абаза-ТВ» архив
Аԥсуаҭҵааратә институт, 1972-1973-тәи ашықәсқәа. Валиа Кәанџьариа, Лидиа Ҷкадуаԥҳа, идырым, Светлана Наҷҟьебиа, Голландиатәи алингвист, Нелли Аршԥҳа, Хәыхәыт Бӷажәба, зыхьӡ дырым, Гьаргь Шакирбаи, Голландиатәи алингвист
Аԥсуаҭҵааратә институт, 1972-1973-тәи ашықәсқәа. Валиа Кәанџьариа, Лидиа Ҷкадуаԥҳа, идырым, Светлана Наҷҟьебиа, Голландиатәи алингвист, Нелли Аршԥҳа, Хәыхәыт Бӷажәба, зыхьӡ дырым, Гьаргь Шакирбаи, Голландиатәи алингвист
© «Абаза-ТВ» архив
Аԥсуаҭҵааратә институт, арымарахьала арыӷьарахь итәоуп: Сергеи Зыхәба, Лили Шамба-Акаба, идырым, Арвелод Кәыпраа, Гьаргь Ӡиӡариа (агәҭаны), Константин Шьаҟрыл, Ақыбеи Хәанелиа, Лео Шервашиӡе, идырым: арымарахьала арыӷьарахь игылоуп – Шоҭа Салаҟаиа, Алексеи Миха-иԥа Миквабиа, идырым, Баџьгәыр Саӷариа, Роман Ҷанба, Елена Марганиаԥҳа, идырым. Лиудмила Хрушкова (археолог), Владимир Дарсалиа, Лидиа Ҷкадуа, Владимир Ҵнариа, Валентина Кәанџьариа, Хәыхәыт Бӷажәба, идырым, Гьаргь Шамба. Аҟәа, 1974 шықәса
Аԥсуаҭҵааратә институт, арымарахьала арыӷьарахь итәоуп: Сергеи Зыхәба, Лили Шамба-Акаба, идырым, Арвелод Кәыпраа, Гьаргь Ӡиӡариа (агәҭаны), Константин Шьаҟрыл, Ақыбеи Хәанелиа, Лео Шервашиӡе, идырым: арымарахьала арыӷьарахь игылоуп – Шоҭа Салаҟаиа, Алексеи Миха-иԥа Миквабиа, идырым, Баџьгәыр Саӷариа, Роман Ҷанба, Елена Марганиаԥҳа, идырым. Лиудмила Хрушкова (археолог), Владимир Дарсалиа, Лидиа Ҷкадуа, Владимир Ҵнариа, Валентина Кәанџьариа, Хәыхәыт Бӷажәба, идырым, Гьаргь Шамба. Аҟәа, 1974 шықәса
© Шьаҟрылаа рҭаацәаратә архив
Хәыхәыт Бӷажәба иколлегацәеи иареи
Хәыхәыт Бӷажәба иколлегацәеи иареи
© abigi.org
Хәыхәыт Бӷажәба, Гьаргь Ӡиӡариа, Михаил Ҭраԥшь – адоктартә диссертациа ахьчара аҽны гәаларшәагас, Аҟәа, 1958 шықәса, лаҵарамза 15
Хәыхәыт Бӷажәба, Гьаргь Ӡиӡариа, Михаил Ҭраԥшь – адоктартә диссертациа ахьчара аҽны гәаларшәагас, Аҟәа, 1958 шықәса, лаҵарамза 15
© abigi.org

Раԥхьаӡатәи алитературатә критик

Хәыхәыт Бӷажәба иусумҭақәа рҟынтә зегьы реиҳа ихаданы иԥхьаӡоуп – «Ҳаамҭазтәи аԥсуа бызшәа иаазыркьаҿу аочеркқәа». Аҵарауаҩ иҩхьан иналукааша аԥсуа литература аусзуҩцәа рыԥсҭазаареи рырҿиаратә мҩеи ирызку амонографиақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Миха Лакрба, Баграт Шьынқәба уҳәа убас егьырҭгьы. Убас ала, Хәыхәыт Бӷажәба Аԥсны алитературатә критика ажанр ашьаҭаркҩыс дыԥхьаӡоуп.

Асахьаркыратә литература мацара акәымкәан, Бӷажәба убасгьы иҭиҵаауан афольклор, абызшәадырреи алингвистикеи рыпроблемақәа. Хәыхәыт Бӷажәба хаҭала далахәын ифундаменталтәу аусумҭақәа раԥҵара, уахь иаҵанакуеит: «Аурыс-аԥсуа жәар», «Аԥсуа литература аҭоурых аочеркқәа», «Аԥсуа бызшәа аграмматика. Афонетикеи аморфологиеи», «Аԥсуа литература аҭоурых» убас егьырҭгьы.

Насгьы, Хәыхәыт Салуман-иԥа иазирхиахьан аԥсуа бызшәазы ашколтә рҵага шәҟәқәеи, аԥсуа литература ахрестоматиақәеи.

Адоктортә диссертациа Бӷажәба ихьчоит 1969 шықәсазы. Иусумҭа темас иаман: «Аԥсуа бызшәа бзыԥтәи адиалект афонетика-морфологиатәи алексикатәи ҷыдрақәа».

«Аҵарауаа ишырҟазшьоу еиԥш, агәхашҭрақәа иман»

Хәыхәыт Бӷажәба иԥшәмаԥҳәыс Татиана еицырдыруаз аԥсуа ҳәынҭқарратә усзуҩ Андреи Ҷоҷуа иԥҳа лакәын. Лара занааҭла дботаникын, аҭҵаарадыррақәа ркандидатс дыҟан, Аботаникатә баҳчаҿы аус луан.

Хәыхәыт Салуман-иԥеи Татиана Андреи-иԥҳаи дырхылҵит аԥа – Олег Бӷажәба. Олег ихәыҷра шықәсқәа реиҳарак иабду иҿоуп иахьихигаз (Ҷоҷуаа рыҩнаҭа), уаҟа драаӡон ианшьа иԥҳагьы – Жанна Ҷоҷуа.

«Саб дыџьбаран, аха зныкгьы инапы шьҭимхыцызт, иажәа мацара азхон, – игәалашәоит Олег Бӷажәба. – Аҵыхәтәанынӡа аҭҵаарадырратә ус дазкын, иааикәыршаны иҟоу аӡә дибомызт. Аҵарауаа ишырҟазшьоу еиԥш, агәхашҭрақәа иман. Ашықәс ҿыц аламҭалаз аԥса ааихәараны дыҟан, аха есымша ихашҭуан. Ҳара иаахәаны иҳаргылеит. Аусура аҟынтә данааи, акреслаҿы днатәеит, ҳара иҳамҳәакәа, иганаҿы игылаз аԥсагьы гәеимҭеит».

Хәыхәыт Бӷажәба изныкымкәа аныҟәарақәа дрылахәын, дырҭаахьан еиуеиԥшым аконференциақәеи асимпозиумқәеи, иара убасгьы дырԥылон Аԥсны иаҭаауаз иналукааша асасцәа: афранцыз шәҟәыҩҩы Андре Жид, англыз шәҟәыҩҩы Џьон Боинтон Пристли, аурыс поет Васили Каменски уҳәа убас егьырҭгьы.

Хәыхәыт Салуман-иԥа иԥсҭазаара далҵит 2000 шықәса ԥхынҷкәын 23 рзы, 86 шықәса дшырҭагылаз. Ҳәарада, иара ихьӡ ҷыдала аҵак ду амоуп аԥсуа литературеи абызшәеи ҭызҵаауа зегьы рзы. Иара ишәҟәқәеи, истатиақәеи, иочеркқәеи рҿы иуԥшаар алшоит аԥсуа бызшәеи алитературеи ирызку азҵаарақәеи амаӡақәеи акыр рҭакқәа, иусумҭақәа ракәзар – ҳаамҭазтәи афилологцәеи алитератураҭҵааҩцәеи рзы ихрестоматиатәиуп.