Сариа Лакоба лгәалашәара ахәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа, Аурыс драматә театр аҟны.

Саид Барганџьиа

Еицырдыруа аԥсуа уаажәларра-политикатә усзуҩ, Аԥсны аҭоурых аҿы зегь реиҳа иналукааша ахадацәа ируаӡәкыз Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакоба лгәалашәара ахәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа, Аурыс драматә театр аҟны, ԥхынҷкәын 5 рзы.

2019 шықәсазы 80 шықәса ҵит ари аԥсуа фырԥҳәызба гәаҟрала лыԥсҭазаара далҵиижьҭеи, абри арыцхә акәын иагьзызкыз ахәылԥаз-спектакль (Сариа Лакоба лыԥсҭазаара далҵит 35 шықәса дшырҭагылаз, Қарҭ, Ортачалтәи абахҭа ахәышәтәырҭаҿы, лаҵарамза 16, 1939 шықәсазы – аред.).

РУСДРАМ актиорцәа еиҭарҳәеит аԥҳәызба ллахьынҵа цәгьа атәы. Аспектакль шьаҭас иаиуит архивтә документқәа, Сариа илыцҭакыз ргәалашәарақәа, лыԥсҭазаараҟынтә иаагоу акрызҵазкуа атрагедиатә фактқәа. Аспектакль арежиссиор-ақәыргылаҩс дҟалеит Аԥсны жәлар рартист Џьамбул Жорданиа. Асценаристс дамоуп зыхьӡ нагоу аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ Станислав Лакоба.

Иара гәаартыла иҳәеит аматериал аус адулара шыуадаҩыз, аха ус шакәызгьы акыршықәса иара Сариа Лакоба лбиографиа аҭҵаара даҿын, убри агьицхрааит «аспектакль архитектура зегьы еидызкылаз ихадоу ахҭысқәеи аиқәҳәаларҭақәеи рыԥшаараҿы».

«Ҳәарада, иалҵыз шалҵыз зҳәарҭоу сара сакәым, аха ареакциа иҟалаз ала зегьы ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥысит ҳәа сгәы иаанагоит. Усҟантәи Аҟәа аколорит ҳзаарԥшит. Даара аламала иуԥыхьамшәо архивтә документқәеи афотосахьақәеи цәырган. Урҭгьы акрызҵазкуа атмосфера шьақәдыргылон. Сариа – уаҩ ишимбацыз ала зхы аазырԥшыз ԥҳәызбоуп. Аӡәгьы изычҳауамызт лара дзықәдыршәоз аҩыза агәаҟҵәаҟрақәа рыхҭыгара, лара дрызхәымжәеит», – иҳәеит Лакоба.

Сариа Лакоба лгәалашәаратә хәылԥазы амҩаԥгара аидеиа авторс иҟоу ируаӡәку – Нестор Лакоба иҭоурыхтә-мемориалтә музеи адиректор Лиудмила Малиа лоуп. Лара Аурыс драматә театр актиорцәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит, иагьазгәалҭеит ахәылԥаз угәы хнахуа, иԥханы ишымҩаԥысыз.

«Ҳара иаҳҭахуп аҵабырг шьақәырӷәӷәахарц, Сариа наунагӡа аҭоурых дахамшҭырц. Ҳара иаҳҭахуп лбаҟа ргылазарц, уи зегьы еицырзеиԥшу усны иҟаларц, ауааԥсыра рхы-ргәаҟынтә ирҭахны, рнапала илыздыргыларц убри абаҟа», – ҳәа лгәаанагара гәҭыӷьӷьаала илҳәеит амузеи адиректор.

Аспектакль аҟны Сариа Лакоба лхаҿсахьа аалырԥшит актриса Милана Ламиаԥҳа.

«Сара Сариа Лакоба лроль насыгӡеит ҳәа сызҳәаӡом, сара сҽазысшәеит ауп лыԥсҭазаара иалкаау ахҵәахак аарԥшра. Ари еиҳарак адокументалтә ҟазшьа змоу лаԥшыхгароуп уҳәар ҟалоит. Даара иуадаҩын аҽазыҟаҵара», – лҳәеит Ламиаԥҳа.

Азал уаала ишҭәызгьы, аҷытбжьы гомызт, зегь рлымҳа кыдҵаны иӡырҩуан. Арахь иааз ахәаԥшцәа реиҳараҩӡак Сариа Лакоба лҭоурых бзианы издыруа шракәызгьы, уажәгьы-уашьҭангьы уи лгәымшәара џьаршьон.

«Уажәыҵәҟьа ак аҳәара сҭахӡам. Аемоциақәа соурмыжьӡац макьана. Уаха сзыцәарангьы сыҟам. Лара убри аҟара ддууп, уи уаршанхоит», – ҳәа лцәаныррақәа ҳацеиҩылшеит аспектакль иаҭааз ахәаԥшҩы Саманта Маршьан.

РУСДРАМ афоие аҟны ицәырган лассы-лассы иуԥымло Сариеи уи лыуацәеи лҭынхацәеи зну архивтә фотосахьақәа, иара убас ари афырԥҳәыс илыхҭылгаз арыцҳарақәа зыршаҳаҭуа еиуеиԥшым адокументқәа рыхҩылаақәеи.

«Ҩышықәса ддыргәаҟуан, аха лара лдоуҳа рызхымжәеит. Лхаҵа иԥсы ҭаӡамызт, аха зегь акоуп длымҭиит, длымԥсахит. Лыҷкәынгьы лыла ишабоз дрыԥҟон, аха зегь дара роуп лхаҵа ажәлар драӷоуп ҳәа азхалымҵеит. Абри лдура ухәажьы аргылоит. Сылаӷырӡ уажәы-уажәы иаахаҟәҟәылон», – лҳәеит ахәаԥшҩы Миранда Агрба.

Аспектакль сааҭк аҟара ицон, убри аҟнытә, ҳәарада, икьаҿыз, аха хҭысла ибеиаз Сариа Лакоба лыԥсҭазаара зегьы азамҽханакуамызт. Ахәаԥшцәа акыраамҭа еимпуамызт, Сариа илылацәажәон, ирбаз ирнаҭаз ацәаныррақәа еибырҳәон.

Сариа Лакоба 16 шықәса шылхыҵуаз иналукааша аԥсуа политик, Аԥсны Асовнарком ахантәаҩы, Аԥсуа АССР аиҳабыс иҟаз Нестор Лакоба диццеит. Нестора Лакоба иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иԥҳәыс дҭаркит, гәымбылџьбарала ддыргәаҟуан: лыԥшәма асовет ҳәынҭқарра иаҿагылоз аусқәа мҩаԥигон, «жәлар драӷоуп» ҳәа азхалҵар рҭахын. Аха Сариа егьа ддыргәаҟзаргьы уи дақәшаҳаҭымхеит, уаҩы ихаҿы изаамго аӷәӷәаарагьы аалырԥшит. Лыԥсҭазаара далҵит 1939 шықәсазы, Қарҭ, абахҭа иатәыз ахәышәтәырҭаҿы, 34 шықәса лхыҵуан.