Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, иҳаҩсыз амчыбжь иалагӡаны Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 ачымазара ахҭысқәа 643 аарԥшуп, агәаҭара иахысит 2726-ҩык ауаа.

Саид Барганџьиа

Иаҳхысыз амчыбжь азы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы рыдырбалеит 643-ҩык ауаа. COVID-19 аарԥшразы агәаҭарақәа ирхысит 2726-ҩык. Абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб адыррақәа рыла, абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 102-ҩык апациентцәа. Урҭ рахьтә акоронавирус зцәа иалоу 92-ҩык ыҟоуп. Рҭагылазаашьа хьанҭоуп 42-ҩык, 32-ҩык бжьаратәуп. 

Аоперштаб адырра ҟанаҵоит, Аҟәа, асасааирҭа «Аиҭар» иахьаҵанакуа еиҿкаау амобилтә госпиталь аҟны акоронавирус зцәа иалоу 61-ҩык апациентцәа шьҭоуп ҳәа. Урҭ рахьтә 56-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп, хәҩык – хьанҭоуп. 

«Иахьазы иааидкыланы Аԥсны ачымазара здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 7779-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 5832-ҩык ргәы бзиахеит, 101-ы рыԥсҭазаара иалҵит», – ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчарарзы аоперативтә штаб Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

Аԥсны аус ауеит аимадара ҷыда аномерқәа, урҭ рыла уасны COVID-19 иазку иарбанзаалак аинформациа уоур улшоит, иара убас асециалист иконсультациагьы.

Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи асыр рылшоит абарҭ аномерқәа рыла: 995–02–07, 935–30–71, Очамчыра ауааԥсыра рзы 925–10–09, Тҟәарчал 925–10–03, Гал 925–10–07, Гагра 925–10–05, Гәдоуҭа 925–10–02, Агәӡера 925–10–04.