Адокументалтә фильм ҿыц «Ставрополие иқәынхо абазақәа» раԥхьаӡа акәны Ставропольтәи ателехәаԥшрала иддырбеит ажьырныҳәамзазы.

Ставрополие инхо абазақәа ирызку адокументалтә фильм аҭыԥантәи ателехәаԥшрала ирышьҭит ажьырныҳәа анҵәамҭазы. Афильм ԥшь-хәҭкны еихшаны идырбан ажьырныҳәа 28 инаркны 31 рҟынӡа.

Афильм аԥҵара аԥшьгаҩцәа ируаӡәку, ауаажәларратә еиҿкаара «Абаза» анапхгаҩы, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Армида Чагәа лажәақәа рыла, иара зызку Ставрополь, Кисловодск, Невинномысск, Кочубеитәи, Предгорныи араионқәа рҟны инхо абазақәа роуп. Иахьазы иааидкыланы арҭ аҭыԥқәа ирықәынхоит ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа абазақәа.

Афильм аԥхьарбара аамышьҭахь аинтернет аҟны алаҵәара бзиа аиуит.

«Афильм ҳаззыԥшыз аасҭа ахыԥша духеит, ахәаԥшцәа рацәаҩны иаиуит. Ҳара ҳгәы иаанагон, ҳауаажәлар роуп уи аинтерес зкуа ҳәа, аха ус акәымхеит. Агеографиа акыр иҭбаахеит. Ахҳәаақәа иҳауа рыла, уи иахәаԥшуеит Москва, Питер, Европа, Азиа, Аԥсны. Уажәы афильм абаза бызшәахьы аиҭагара ҳнапы алакуп, аҳәаанырцә инхо ҳауаажәларгьы инагӡаны еилыркаарц азы», – лҳәеит Чагәа.

Лара иазгәалҭеит аҭыхрқәа раан аусура шьарда шымҩаԥгаз, аинтерес зҵоу аматерил мҷымкәа ишеизгаз, насгьы уи анаҩс «хымԥада ахархәара аҭахоит» ҳәа.

«Ҳара аҿар ираҳҳәаша ҳамоуп, ҳхәыҷқәа ҳҵасқәа шрылаҳааӡо уҳәа иазкны», – лҳәеит Армида Чагәа.

Ставрополие инхо абазақәа ирызкны афильм аҭыҵра ахәшьара ҳаракы аиҭеит АААК ИА ахантәаҩы Мусса Егзакь.

«Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, аиҿкаара «Абаза» ахантәаҩы Армида Чагәа лнапхгарала Ставрополие иқәынхо абазақәа зхаҭабзиара ҳараку аус ду ҟарҵеит, ҳажәлаар рытрадициақәеи, рбызшәеи, ркультуреи аԥшӡара Урыстәыла зегьы иадырдырит, уи анҭыҵгьы – аҳәаанырцәтәи ҳдиаспора ахаҭарнакцәа аӡәырҩы иддырбеит. Ҳара зегь хықәкыс еицҳамоуп абас еиԥш иҟоу аинтерес зҵоу апроектқәа рыбзоурала хәы змаӡам адыррақәа раларҵәара, ҳабдуцәа рҟынтә ҿыц еиҵагыло абиԥрақәа рызнагара», – иҳәеит иара.

Афильм ақәҿыҭра бзиаӡа аиуит, уи анҭыҵ инаркны иахьа уажәраанӡа аԥҵаҩцәа ахҳәаақәа роуеит.

«Ари адокументалтә фильм агәыбылреи, аԥхарреи, ахӡыӡаареи рыла еибаркуп. Ҳажәлар сгәы рыладууп. Ақәҿиара дуқәа роулааит, аԥеиԥш бзиа рзыԥшызааит», – лҳәеит афильм иахәаԥшыз ируаӡәку Ирина Ҟлыч.

Абаза газеҭ «Абазашҭа» аредактор хада Фардаус Ҟәыл иазгәалҭеит гәахәара дула афильм дшахәаԥшыз, лхаҭагьы абаза жәлар дахьрыхәҭаку дазыгәдуны. Лара лгәаанагарала, афильм зеиӷьыҟам ала иаанарԥшуеит Ставрополие иқәынхо абазақәа руаажәларратә-культуратә ԥсҭазаара шеилашуа. Иагьацылҵеит афырхацәа зегьы дрылаҽхәартә дшыҟоу атәы.

«Апозитивра зныԥшуа, аԥеиԥш змоу аҿар инадыркны, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны ахьӡ бзиа зырҳахьоу аиҳабацәа рҟынӡа – зегьы иалаҽхәаны иныҟәыргоит рмилаҭтә хаҿра. Даҽазныкгьы агәра згеит, ажәлар рымч ахьыҟоу рхыԥхьаӡараҿ акәӡам, ажәлар рыхьӡ ҭызго ауаа ҟәышқәа рҿы шакәу – аҭҵаарадырра, акультура, аспорт уҳәа рҟны зхы аазырԥшуа. Сгәы иахәоит афильм аҟны иахьрыхцәажәаз иахьа иҳалагылм, аха ҳажәлар реидкылараҿы зџьабаа рацәоу ҳашьцәа, ари аусумҭа абзоурала урҭ ргәалашәара акыраамҭа иҿыцәаауам», – лҳәеит лара.

Афильм «Ставрополие иқәынхо абазақәа» аҭыхра аидеиа иит Ставропольтәи атәылаҿацә иқәынхо абазақәа рмилаҭтә-культуратә автономиа арегионалтә-уаажәларратә еиҿкаара «Абаза» аилазаараҟны. Афильм ҭыхын Ставропольтәи атәылаҿацә амилаҭ русқәеи аказакцәеи рзы аилак иҟанаҵаз афинанстә цхыраарала.

Адокументалтә фильм рызкуп Ставрополь, Кисловодск, Невинномысск, Кочубеитәи, Предгорныи араионқәеи рҟны инхо абазақәа (ашәуаа). Иара еиҭанаҳәоит абазақәа иахьа ирыԥсҭазаашьоу, рнапы злаку, рмилаҭтә қьабзқәа иахьынӡарықәныҟәо, рхатәы бызшәа шеикәдырхо, изқәынхо адгьылқәа реизҳазыӷьаразы ирылшахьоу.