Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Уарча ақыҭа абжьаратә школ аҟны аԥсуа-абаза жәлар рҭоурых иазку алекциа аԥхьара еиҿнакааит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Уарча ақыҭа ашколхәыҷқәа рзы алекциа мҩаԥнагеит аԥсуа абаза жәларқәа р́отурыхтә-культуатә, рбызшәатә акзаара иазкны. Алекциа даԥхьеит аҵарауаҩ, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба.

Алекциа мҩаԥысит Уарчатәи абжьаратә школ аҟны, аудиториахь аҵарауаҩ изыӡырҩырц имҩахыҵит ашколхәыҷқәа, арҵаҩцәа, аҭыԥантәи анхацәа.

Арда Ашәба иазгәеиҭеит дызлацәажәоз атема азҿлымҳара ду шцәырнагаз.

«Иахьа Уарча ақыҭан аиқәшәара ҳаман, аԥсуа-абаза жәлар ҳакзаара, ҳаӡәкра иазкны, еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла, ҭоурыхла, еишьарала, бызшәала, ҵас-кьабзла. Убасҟак исгәаԥхеит ахәыҷқәа рыӡырҩышьа, азҿлымҳара рыман, азҵаарақәа ҟарҵон. Аԥсуа-абаза ҳәа ус иаҳҳәо, аха убри иаанаго, аихыҵгала иҳамоу, ҳаигәыцхәра адаҵқәа ахьынӡацо, иахьа ҳашәҟәыҩҩцәа рхы ззыркуа, ҳаххьадырԥшуа уҳәа, ашколтә программа иалоу абаза шәҟәыҩҩцәеи ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәеи хшыҩҵакла иззааиуа атәы инаркны. Абарҭқәа ҳҳәеит, аха ицәырҵит даҽа зҵаарак, ҳаиқәшәара ҽазнык-ҩынтә иҟалартә еиԥш. Адҵақәа ҟаҳҵеит: ари ақыҭаҟны инхо Арасаӡыхьынтә, Отаԥынтә иаақәаз роуп, убарҭ ахьықәҵыз ақыҭақәа рҭыԥхьыӡқәа анҵаны еиқәдырхо, нас агенеологиа ҳәа ҳазҿу, убригьы напы адыркыртә еиԥш», – ҳәа еиҭеиҳәеит Ашәба.

Аҵарауаҩ иазгәеиҭеит уашьҭантәи аиқәшәарақәа раан иаԥшьугар ҟалоит ҳәа аԥсуааи абазақәеи еицырзеиԥшу ачысхкқәа рыҟаҵара, аҽырхәмарра, ахәмаррақәа – убарҭ зегь лахҿыхрыла, ахәыҷқәа аинтерес рзацзарц еиԥш.

«Иҟалоит абри ашкол аҿы имаҷу амузеи аартра, ахәыҷқәа дара рхаҭақәа рыла еиҿкааны, уада хәыҷык азыркыр ҟалоит, уи иазхьанарԥшуеит – иалгаз иҟаиҵаз, инижьыз атәы аҳәоит, ашкол иҭало ианаҳәо рацәахоит. Иҟалоит наҟ-наҟ ахәыҷқәа аӡәык-ҩыџьак абазақәа рҿы иганы ишынхо дырбазар, уантәгьы арахь иааргалартә еиԥш. Абаза бызшәала алакә дырҳазар, мультфильмк дырбазар, ушьҭа иҵегьы агәра ргаратә еиԥш ҳаӡәкра. Даара агәаҳәара снаҭеит иахьатәи ҳаиқәшәара», – иҳәеит Ашәба.

АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа дазааҭгылеит Уарча абри аҩыза алекциа амҩаԥгара ишазааиз: аҭыԥантәи аҟәша алахәцәа Аҟәа, Аконгресс аофис иадҵаалеит аԥсуа-абаза жәлар рыешьара, рдац-ԥашәқәа ирызку алекциа рзымҩаԥгазарц.

«Абас еиԥш аҳәара ыҟоуп ҳәа Арда Ашәба илымҳа ианҭаҳшь, иаразнакала даҳхаҵгылеит. Алекциа мҩаԥигеит. Ҳгәы алаҟоуп уи ацашьа, сааҭки бжаки, минуҭк еиԥш, ҳнаҳәны ҳаахьаԥшаанӡа инҭыкәкәа ицеит. Арда Енвер-иԥа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, ари алекциа ахәыҷқәа ирнаҭаз адыррақәа рынахысгьы, ргәыблыра иахьеизнарҳаз. Алекциа лахҿыхын, ҭаацәашәалатәи еицәажәарак еиԥш имҩаԥысит, алафи аччаԥшьи ацны», - лҳәеит Арӡынԥҳа.

Аконгресси алекциа иаԥхьаз аҵарауаҩи иҭабуп ҳәа реиҳәеит Уарча абжьаратә школ адиректор Омар Кархалаа.

«Адуқәа иаҳмаҳацызгьы ҳаҳаит аԥсуааи абазақәеи рыешьара иазкны. Ари даара ихәарҭоу ус дууп аҿар рааӡаразы, уаҵәтәи амш азы ишьаҿа дууп ҳәа сгәы иаанагоит. Аҵак ду амоуп ҳара ҳзы. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа иаҳҳәоит Арда Ашәба. Ҩаԥхьа иааира ҳазыԥшуп, гәыкала ҳаиԥылоит. Иахьа аилахара шыҟазгьы аамҭа ԥшааны абра дахьааиз иҭабуп ҳҳәоит, еиҿызкаазгьы, аҩызцәа ицымҩахыҵызгьы – иҭабуп!» – иҳәеит ашкол адиректор.

Алекциа даараӡа игәаԥхеит Уарча ашкол 11-тәи акласс аҵаҩы Ҳаџьараҭ Џьапуа.

«Иахьа Арда Енвер-иԥа Ашәба дзыԥхьаз алециа даара исгәаԥхеит, иҵегь убас ажәабжь ҿыцқәа саҳалар сҭахуп ҳажәларқәа ирызкны. Аҿар абри иазыӡырҩлар бзиоуп, саргьы сааилоит еиҭа аиԥыларақәа ҟалозар. Иахьа ҳаззыӡырҩыз аҿы сара еиҳарак исгәаԥхаз ашәуаа анцәахаҵарақәа, ирымаз аныхақәа ртәы, нас аишьцәа реиԥш ҳахьеидгылаз, апатуеиқәҵареи аибабареи иҳамаз атәы зҳәоз аҭоурыхқәа роуп. Убас еиԥш иахьа ҳаргьы ҳҟалап ҳәа сгәы иаанагоит. Нас, сара исаҳахьан ажәлақәа рхатәы дамыӷақәа рымоуп ҳәа, аха инҭкааны изакәыҵәҟьаз сыздыруамызт. Иахьа Арда Енвер-иԥа азҵаара исҭан, инҭкааны исеиҳәеит. Убри азыҳәан иҭабуп ҳәа иасҳәоит».

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟны ргәы иҭоуп Уарча даҽа лекциакгьы амҩаԥгара, уахь имҩахыҵыр рылшоит изҭаху зегьы. Алекциа ҿыц мҩаԥысуеит цәыббрамзазы.