Ҳтәылаҿы иаадыртит зымҽхак уаршанхо аетнопарк «Аԥсны»: уи аҵакырадгьыл 10 гектарк ыҟоуп.

Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан иаадыртит зҵакырадгьыл 10 гектарк рҟынӡа инаӡо аетнопарк «Аԥсны». Араҟа еизгоуп аетнографиа аобиектқәеи, амилаҭтә архитектура аҿырԥшқәеи, дара зегьы акәша-мыкәша иҟоу аԥсабара иаларсуп.

Иара убас апарк аҭааҩцәа аԥсуа напҟазара ахкқәа рбарц алшара ыҟоуп, доусы анапҟазараҿы рымч ԥыршәарцгьы аҭагылазаашьа рзаԥҵоуп. Абарҭқәа зегьы рынахысгьы амузеиқәеи, аекспозициақәеи, арлахҿыхра-дәқәеи ыҟоуп.

Аидеиа авторс дамоуп Мзауҷ Ԥлиа, иара еиҭеиҳәеит апроект хықәкы хадас ишыҟоу – аԥсуа жәытә аахыс иаарыкәыршоу аԥсабара ианааланы ишынхоз аарԥшра.  

«Ари милаҭтә проектуп, аԥсуаа ҳхатәы бызшәеи, ҳкультуреи, ҳабзазареи рӡыргара иазкуп. Ҳхәыҷқәа идҳарбар ҳҭахын аԥсуаа акультура дуӡӡа шҳамаз», – иҳәеит иара.

Ԥлиа иажәақәа рыла, абри аидеиа арыцқәа раԥхьаӡа акәны ихаҿы ианааиуаз иара дхәыҷын. Апроект аус адулара шықәсқәак аҭаххеит.

«Иахьа абра иаҳзаарԥшуа аасҭагьы акырӡа ибеиоуп ҳҭоурых. Зегь ҳаицхырааны, ҳамчқәа еилаҵаны ҳҭоурых аиҭаҳәара ҳҽазаҳкроуп. Ҳмилаҭ зегьы еидызкыло проектны иҟаларц ҳҭахуп абри – ҳауаажәлар, ҳкультура, ҳҭоурых, ҳаҭҵаарадырра ахьеилаӡҩо акәны», – иҳәеит аҷкәын.

Аидеиа автор иазгәеиҭеит аетнопарк Аԥсны иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рзгьы аинтерес ду шацло – акультуратә-еилыркааратә туризм иахьа иадҵаало рацәоуп аҟнытә. 

«Абри аиԥш зеиԥшу даҽа комплекск макьана иҟаӡам, ара ицәыргоу аекспонатқәа уаҳа џьаргьы иахьуԥымло адагьы, иара апарк ахаҭа иблахкылоу аԥсабара иахәҭакуп», – ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Апарк аҭааҩцәа рыӡбахә дазааҭгыло Мзауҷ Ԥлиа иазгәеиҭеит, Аԥсны атәылауаа рзы аҭаара шхәыда-ԥсадоу, иара убас абилет ахә ршәаӡом Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база амцурауааи дара рҭаацәеи. 

«Аԥсныпарк» адиректор, уи архитектор хада Рашь Занҭариа иҳәеит, аекспозициақәа аус рыдулараан аԥхьа инаргыланы изызхәыцуаз итрадициатәу аԥсуа стиль аиқәырхара шакәыз.
«Аекспозициақәа аус рыдаҳулонаҵы ацхыраара ҳазҭоз аҵарауаа ҳрымадан, аҭоурыхтә фактқәа шьаҭас иҟаҳҵон, ҳабдуцәа рыбзазара шыҟаҵәҟьаз ааҳарԥшырц», – иҳәеит Занҭариа.

Иара еиҭеиҳәеит «Аԥсныпарк» аҟны аргыларатә усурақәа макьана ишхыркәшам, раԥхьаҟа ргәы иҭоу иҵегь ишырацәоу, урҭ зегь хымԥада аԥсҭазаара иаларҵәахоит ҳәа.

Апроект «Аԥсныпарк» аус адулараҿы ацхыраара ду ҟаиҵеит аԥсуа ҵарауаҩ Адгәыр Какоба. Иара ари апарк «ус дуӡӡоуп» ҳәа ахиҳәааит, аԥсуаа рҭоурыхи, ркультуреи, рытрадициақәеи џьарак еидызкылаз. 

«Мзауҷ абасгьы-абасгьы ҟасҵарц сҭахуп ҳәа игәҭакы анҳацеиҩиша, игәра ҳгеит, иҳалшоз ала ҳивагылеит», – иҳәеит Какоба.

Аҵарауаҩ излаиԥхьаӡо ала, ари апроект аҵак ду амазаауеит аҿар реиҵааӡара аус аҿы. 

«Ҳхәыҷқәа ашәҟәаҿы изыԥхьо уажәшьҭа лабҿаба ирбо, ираҳауа алшара роуит, уи акраҵанакуеит», – иҳәеит иара.

Еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуагьы апроект акыр иазааԥсаз дреиуоуп. Иаргьы аетнопарк ахәшьара ҳаракы аиҭоит. 

Џьапуа игәалаиршәеит уажәаԥхьагьы абри аҩыза аидеиа аԥсҭазаара аларҵәаразы аҽазышәарақәа шыҟаз, аха еиуеиԥшымыз амзызқәа ирыхҟьаны иахьа уажәраанӡа уи залыршахомызт. Аиԥш зеиԥшу аидеиа аамҭак азы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбагьы дазыразхахьан. Баҭал Џьапуа ихаҭа мышкала абри апроект дшагәыланахалаз атәы еиҭеиҳәеит.

«Мзауҷ Ԥлиа дсацәажәан абри аӡбахә сеиҳәеит, уаҵәы инаркны аусура салагоит ҳәа нацҵаны. Сара уи рацәак агәра сзымгеит азныказ, аха адырҩаҽныҵәҟьа атракторқәа аус ахьыруаз авидео ҭыхны исзааишьҭит. Абасала аусура нап аҳаркит. Мзауҷ аусураҿы убас дласуп, ҳанихьымӡозгьы ыҟан. Абри ижәбо зегь зыбзоуроу иара иоуп», – иҳәеит Баҭал Џьапуа.   

Апроект аџьабаа адызбалаз дреиуоуп иара убас ажьи Ҭемыр Ӡиӡариа. «Аԥсныпарк» аҟны ажьирагьы ыҟоуп ҳәа ҳаиҳәеит иара, иагьациҵеит апарк ахадара ргәы ишҭоу ажьира иазку жәларбжьаратәи афестиваль амҩаԥгара, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә ажьицәа ааԥхьара рыҭахоит. 

Аԥсуа иашҭа ҭбаа, анапҟазара аҳҭынра

«Аԥсныпарк» аартра иалахәыз зегьы аинтерес зҵаз аекскурсиа рзымҩаԥыргеит.

Аҵакырадгьыл атематикатә зонақәа рыла еихшоуп.

Абар итрадициатәу аԥсуа игәараҭа: ишаԥу еиԥш араҟа игылоуп аҩнду, амҳара, акәасқьа, аца, акәтыҵра, аԥацха. Агәараҭа ҟьаҟьаӡа ицырцыруа иҟоуп, аԥсуа иашҭа шакәу мҩашьо. 

Арҭ еиқәаҳаԥхьаӡаз ахыбрақәа зегьы рҿы аҩнымаҭәа игылоу, ус дара реиҿкаашьала уҳәа аханатәтәи аԥсуа цәа рыҟәнуп. Ара игылоуп амҿтәы ҟәардәқәа, ацәарҭаӷәқәа, аҭӡаҿы инапылаҟаҵароу ауарҳалқәеи ампахьшьқәеи кыдуп, ашәарах-цәа, абџьар хшьуп. 

Аекскурсиа амҩаԥгаҩ илҳәеит ари акомплекс зегьы музеиуп ҳәа, хықәкысгьы иамоуп абзазаратә маҭәарқәа рыла аматериалтә культура аҿиашьа аарԥшра. Амузеи иахьатәи аамҭазы ашьақәгылара апроцесс иаҿуп, уи аколлекциеи аекспозициақәеи есааира ихаҭәаалоит. 

Акәасқьа актәи аихагылаҿы ацәыргақәҵатә зал еиҿкаауп, араҟа имҩаԥгахоит еиуеиԥшым атематикатә цәыргақәҵақәа. Иахьа азал аҿы ицәыргоуп ажәытә аԥсуа фотосахьақәа XVIII-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи XX-тәи ашәышықәса алагамҭеи рыбжьара иҭыхыз. Ари аекспозициа иацырҵарц ргәы иҭоуп ажәытәтәи Аԥсны ахсаалақәеи агравиурақәеи.

Аԥацха акәзаргьы даара иԥшӡаны ишшуп, абарҵа ҭырҷҷаны иҟаҵоуп. Уаанӡа аԥацхақәа дыргылон аџьи арасеи ирылхны, изларышшуаз ахәажәи абыци рыла акәын.

Аекспозициаҿгьы абарҭ амаҭәахәқәа зегьы ахархәара рыҭоуп. Аԥацха аҩнуҵҟагьы узхәаԥшыша маҷым, агәҭаны аԥсуамца еиқәуп, архнышьна кнаҳауп,  ари аекспозициагьы аԥхьаҟа иҵегь иацырҵарц ргәы иҭоуп. 

Амӡырха зегьы ишышны иҭахкаауп, аха агәараанда баша-машам: еиуеиԥшым 12-хкы рыла ишышны иҟаҵоуп, аԥсуаа рнапҟазара шбеиаз, ари аус шрыцааиуаз арбаразы. Агәашә акәзаргьы ԥсыуаҵасла иҟаҵоуп, итрадициатәуп, уамакала иԥшӡоуп. 

Аетнопарк ахәҭак аҭоурыхтә ргыларақәа ирызкуп: ара игылоуп ажьира, анышәаԥшьӡырҭа. Наҟ-наҟ аӡызлагара дыргылараны иҟоуп, ауасҭацәа рҭыԥгьы убас. 

Ажәытәӡатәи, абжьарашәышықәсатәи архитектура

Апарк аԥҵаҩцәа ргәы иҭоуп ажәытәӡатәи аԥсуа архитектура абаҟақәа реизгарагьы, иаҳҳәап адольменқәеи (ажәытәтәи аԥсыжырҭақәа – аред.),аҵангәарақәеи реиԥш иҟоу, иара убас  иуникалтәу ахырӷәӷәарҭақәа ирхыԥхьаӡалоу Анаҟәаԥиатәи абааш агәашәқәа.

Апарк агәҭаны игылоуп астилизациа зызуу абааш: ари хәҭакахьала административтә хыброуп. Абааш аҭыӡқәа аԥсуа-адыга мифологиа асиужетқәа рҟынтә асахьақәа анҵахоит.

Аофисқәа рыдагьы абааш аҩнуҵҟа еиуеиԥшым аекспозициақәеи ацәыргақәҵақәеи ахьеиҿукааша ауадақәа рхиоуп, аконференц-залқәа еиҿкаауп, аҳамҭаҷқәа рыҭиирҭақәагьы иара убас. 

Аԥсшьара ахкқәа зегьы – активла, гьамала, хаала

Абааш авараҿы ахысырҭа еиҿкаауп: аԥсуа жәытәаахыс ахыци ахәымпали ныҟәыргон. Аҵәҟьарақәа ргылоуп шә-метрак набжьаны. Араҟа аинструктор ицхыраарала изҭаху зегьы ахысраҿы рхы ԥыршәарц рылшоит. Аиҿкааҩцәа ргәы иҭоуп иара абра ахыцуаа разыҟаҵарҭа ашкол ҟарҵарц. 

«Аԥсныпарк» аҟны аҽықәтәарагьы азԥхьагәаҭоуп, агәаҳәара змоу зегьы аҽқәа ирықәтәаны Оҭҳаратәи адольменқәа рҟынӡа ицаны иаар ҟалоит, амҩаныфа аашьҭыхны. Ԥхьаҟатәи агәҭакқәа иреиуоуп иара убас аҽықәтәашьеи аҽыбӷаҟазареи арҵара аиҿкаарагьы.

Апарк аҵакырадгьыл аҟны иухәҳар ҟалоит итрадициатәу афатәқәа: ашәыреиларшқәа, аџьыка, ацха, аҩы. Арҭ аалыҵқәа зегьы рхаҭабзиара шьақәзырӷәӷәо ашәҟәқәа рыцзаауеит, иахәҭоу анализқәеи аԥышәарақәеи ирхыжьны.

Апарк аҟны ишьақәыргылахоит иара убас адгьыл арельеф зынԥшуа Аԥсны ахсаала. Уи аҟны иарбахоит ҳтәылаҿы иҟоу аҭоурыхтә-культуратә баҟақәа зегьы. 

Апарк иахьаҵанакуа иргылахоит 600-700-ҩык рҟынӡа зкуа амфитеатргьы, ахәы ԥшӡа аландшафт иаршәаны. 

Аетнопарк иаҭаар рылшоит изҭаху зегьы, уи аус ауеит ашәахьада есыҽны, асааҭ 9:00 инаркны 19:00 сааҭ рҟынӡа. Аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа еснагь апарк аҿы иҟоуп.