Хьыбла Гьерзмаа лсолотә концерт мҩаԥылгеит Русдрам асценаҿы XIX-тәи афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит» аҳәаақәа ирҭагӡаны.

XIX-тәи афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит» Аԥснытәи ахәҭа мҩаԥысит Аҟәа, Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр асценаҿы ашәаҳәаҩ лконцертқәа ҩба рыла жьҭаара 8-9 рзы. Аҟәатәи аконцертқәа – ари афестиваль аҩбатәи аетап ауп, иара хацыркын Москва.

Русдрам адиректор Иракли Хынҭәба иазгәеиҭеит, афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит» Аԥсны ахьӡ ҭызго культуратә хҭыс дууп ҳәа, уи абзоурала Аахыҵ Кавказ, иара уи анҭыҵгьы ҳтәыла акрызҵазкуа культуратә ҭыԥк аҳасабала ахыԥша цеит, иҳәеит иара.

«Акраанагоит ари афестиваль есышықәса Аԥсны иахьымҩаԥысуа, Хьыбла уи лымкаала дазыҟоуп, иҷыдоу, аинтерес ду зцу апрограмма азлырхиоит аԥсуа хәаԥшцәа рзы, даргьы рыԥсы лылаҵәоуп. Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо Хьыбла Гьерзмаа – амилаҭтә ҭынхак лакәны илыхәаԥшуеит», – иҳәеит Ираклии Хынҭәба аконцерт алагамҭазы.

Анаҩс иара еизаз дырзаԥхьеит Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова иҟалҵаз ааԥхьара.

«Афестиваль аҿиара иаҿуп, ахатә традициақәа шьҭнакаауеит, жәларбжьаратәи ахьӡ арҳауеит, абаҩхатәра злоу артистцәа аднаԥхьалоит. Уаха ишәаҳараны шәыҟоуп адунеитә музыкатә ҟазара ашедеврқәа, иреиӷьӡоу ашәаҳәаҩцәа ируаӡәку лыбжьы цқьа рыхны. Агәра ганы сыҟоуп, аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа апрограмма ашьақәыргылараан вбак уззамҭо ргьама ҳаракы шаадырԥшуа», – ҳәа аҳәон ааԥхьара атекст.

Хьыбла иналыгӡеит аромансқәеи аоператә партиақәеи. Ашәаҳәаҩ аккомпанемент лзыҟалҵон аконцертмеистер, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Екатерина Ганелина. Аконцерт апрограмма иалан Глинка, Римски-Корсаков, Дворжак уҳәа акомпозиторцәа рромансқәа, иара убас Хьыбла Гьерзмаа иналыгӡеит Беллини иопера «Норма» аҟынтә Норма лкаватина, Пуччини иопера «Агәхьаагара» аҟынтә Агәхьаагара ариа, Верди иопера «Трубадур» аҟынтә Леонора лариа.

Аконцерт ахыркәшамҭаз Хьыбла ахәаԥшцәа дрыҳәеит ашәа лыцырҳәарц. Убас, азал зегьы еицырҳәеит аԥсуа жәлар рашәа.

Аха ари ахәылԥаз иҵегь асиурпризқәагьы ацын. Аоператә шәаҳәаҩы лҩыза, амеценат Евгении Палант ицхыраарала, Хьыбла аамҭак азы аҵара ахьылҵоз Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа ҳамҭас иалҭеит ароиаль.

«Анцәа иҳәааит, амузыкатә ҵараиурҭаҿы заԥхьаҟа иартистцәа дуқәаны иҟалаша аҿар рацәаҩны аҵара рҵо. Амузыка абжьы еихсыӷьра ақәымзааит абри ахыбраҿы», – ҳәа азеиӷьшьара ҟалҵеит Хьыбла Гьерзмаа.

«Аҳауа зҩыда» иаҩызоуп ҳәа ахиҳәааит имҩаԥысыз аконцерт еицырдыруа аԥсуа меценат Николаи Ачба. Хьыбла лхаҭа акырынтә ишылҳәахьоу еиԥш, Ачба абри афестиваль анҵыра аиуртә иахьыҟалаз зыбзоуроу дыруаӡәкуп.

Николаи Ачба иазгәеиҭеит, атәылақәа шьоукы рҿы аклассикатә музыка аконцертқәа раҭаара акоронавирус зхызгаз рреабилитациазы ихәарҭоуп ҳәа ишыԥхьаӡоу.

«Иахьа ҳазҭагылоу аамҭазы, есҽны аҿкчымазара иаго рыӡбахә анҳаҳауа, агәкаҳара ҳиааиуама ҳҳәо ҳаныҟоу, сгәанала абас еиԥш иҟоу аконцертқәа иаҳгәаладыршәоит ачымазареи ауадаҩрақәеи рынахыс даҽа ԥсҭазааракгьы шыҟоу. Уи аԥсҭазаара ҳхаҳаршҭыр ҟалаӡом, ҳаигәырӷьозароуп. Сара излазбаз ала, ахәаԥшцәа зегьы насыԥ рыман», – иҳәеит амеценат.

Аԥсны уаанӡатәи акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа излалԥхьаӡо ала, Хьыбла Гьерзмаа еснагь лара лхатәы, иҷыдоу амиссиа налыгӡоит.

«Иахьа абра лцәырҵра ҳара ҳзы ԥсҭаҵагак иаҩызоуп, дырга бзиоуп, уажәшьҭарнахыс ҳкультуратә ԥсҭазаара еилашуа иалагароуп», – ҳәа лгәаанагара лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Жьҭаара 8-9 рзы Русдрам имҩаԥысыз аконцертқәа XIX-тәи афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит» аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит. Уажәаԥхьа аконцертқәа мҩаԥысхьан Москва, Аконсерваториа Азал ду аҟны. Абҵара 24 рзы Москва даараны дыҟоуп латвиатәи аоператә шәаҳәаҩы Елина Гранача, Хьыбла Гьерзмааи лареи еицықәгылоит Москватәи Аконсерваториа Азал ду аҟны. Анаҩс иара уи амзазы афестиваль иацҵахоит Аԥсны. Хьыбла Гьерзмаа лгәы иҭоуп адирижиор Владимир Спиваков иаагара, уи напхгара зиҭо аорекстр «Виртуозы Москвы» аконцерт ралархәра.

Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьрзмаа шәаалыԥхьоит» ахы лкит Хьыбла лхаҭа, Аԥсны, 2001 шықәсазы. 2014 шықәса инаркны уи аҳәаақәа еиҵыҵит, имҩаԥысуа иалагеит Москва – Аконсерваториа Азал ду аҿы, иара убас К. С. Станиславскии Вл. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр асценаҿы, Вена – Миузикфераин ахьтәы зал аҟны, Карнеги-холл, швеицариатәи ақалақь Санкт-Мориц аҟны. Афестиваль мҩаԥысуеижьҭеи уи рхы аладырхәхьеит адунеи аҿы хьӡи-ԥшеи змоу амузыкантцәа: Владимир Спиваков, Елена Образцова, Денис Мацуев, Ильдар Абдразаков, Дебора Браун уҳәа убас егьырҭгьы. Акыршықәса инеиԥынкыланы аконцертқәа мҩаԥгаҩыс дрыман аҟазараҭҵааҩ Свиатослав Белза (иԥсҭазаара далҵҳьеит – аред).

Ари афестиваль аҵак ҷыда амоуп Аԥсны амузыка згәы азыбылуа зегьы рзы, избанзар есышықәса Хьыбла Гьерзмаа лыԥсадгьыл ахь иаалгоит иреиӷьу артистцәа, зеиӷьыҟам апрограммала еиқәыршәаны.