Умар Маҟар ижәлар рҭоурых данылеит арккаҩы иаҳасабала. Аҵара ду змаз ауаҩы, қәра дук шныимҵазгьы, иԥсҭазаара зегь зызкыз ижәлар аҵарадырра рыҭара акәын. Дызлыҵыз аҭаацәа акрызкыз ракәын аҟнытә иара амал деигӡомызт, ихатә харџьла ашколқәа иргылон, ихаҭагьы уаҟа ахәыҷқәа аҵара дирҵон, ихала иеиқәиршәаз анбан ала.

Гьаргь Чкала 

Иаб ишьҭра даныланы

Умар Маҟар диит 1847 шықәсазы Ҟәыбинатәи аобласт иатәыз Баҭалԥашинтәи аҟәшахьы иаҵанакуаз Бибердатәи аул аҿы (ҳаамҭазы – аул Ельбырӷан – аред). Маҟараа рыжәла даара ҳаҭыр ақәын ауаа рҿы, уи ажәытәӡантә иаауа ашәыуа ҭауад жәлоуп. «Умар Маҟар иаб Залимхан жәлар рыӡбаҩыс дыҟан (амсылманцәа рҿы – кадий), дуаҩ қьиан, аиҳабыра пату рықәиҵон, даргьы игәра ргон, ҳаҭыргьы иқәырҵон» ҳәа рыҩуан 1891 шықәсазы агазеҭ «Кубанские областные ведомости» аҟны.

Иџьашьатәӡам, адинхаҵаратә ҭаацәараҿы изызҳаз Умар Маҟаргьы иаб ишьҭра дықәлар ахьиҭаххаз, убри аҟнытә зынӡа дышқәыԥшыз аҵара иҵарц дцоит Константинополь ақалақьахь. Османтәи аимпериа аҳҭнықалақь аҟны уи шықәсқәак даанхоит, уи аамҭазы иҵоит араб бызшәа, Аҟәырҟан, иара убас амсылман дин ихадароу аԥҟарақәа шьҭикаауеит.

Ажәлари аҳәынҭқарреи рымаҵ аура

Умар Маҟар рацәак иаумыз иԥсҭазаара иалагӡаны еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны амаҵурақәа ааникылон. Иҵара хыркәшаны дшааз еиԥшҵәҟьа, аиункер иаҳасабала аррамаҵура дцоит, Аурыс ар афицарс дҟалоит (апрапоршьчик ичын иман – аред.), 1877-1878 шықәсқәа рзтәи Аурыс-аҭырқәа еибашьраан Марыхәтәи акаҵәара ахыҵра дахьалахәыз иааирԥшыз агәымшәаразы (Аԥсныи Урыстәылеи рҳәааҿы мраҭашәарала иҟоу Кавказтәи ашьхақәа рхыҵырҭа – аред.).

Ирратә мҩа алагамҭаз Умар Маҟар аамҭак азы дахьиз аул асҭаршьынс дыҟан, даҽакала иуҳәозар, ақыҭа деиҳабын, ус анакәха азҵаарақәа зегьы инапы рылакын – алагарҭатә школқәеи аԥочтеи раартра инаркны, ашәахтәқәа реизгареи, ар реиқәыршәареи рҟынӡа. 1869 шықәсазы Умар Маҟар Зеленчықәтәи аокругтә ӡбарҭа акадис дҟалоит.

XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Кавказтәи ажәларқәа Османтәи аимпериахь рыхҵәара азҵаара знапы алаку аҭоурыхҭҵааҩцәа изларыԥхьаӡо ала, Умар Маҟар иоуп изыбзоуроу Бибердатәи аул ауааԥсыра, рашьцәа рлахьынҵа цәгьа рыцеиҩымшакәа, ршьам дгьыл аҿы иахьаанхаз. Аҵара ду змаз ауаҩ ҟәыш изеилымкаауа дыҟамызт ас еиԥш ахҭысқәа ацәыӡ дуқәа шрыцааиуаз, аматериалтә ганахьалагьы, ауааԥсыра рганахьалагьы. Убри аҟнытә илшоз зегь ҟаиҵеит имч ахьынаӡоз ари ахлымӡаах аԥырҟәҟәааразы, ауаа дрылабжьон, дрыҳәон рыԥсадгьыл ааныжьны иқәымҵырц.

Умар Маҟар аҭыԥантәи амчрақәагьы акырӡа дрыхәеит ақыҭауаа рыбжьара ауаажәлратә ԥсҭазаашьа ашьақәыргылара аус аҿы, ауаа азакәанқәа рықәныҟәара рашьырцылараҿы. Ареволиуциа ҟалаанӡатәи аамҭазы аул Биберда Ҟәыбинатәи атәылаҿацәа аҟны егьырҭ ираԥызгоз акәны иҟан. Абри аҿы Умар Маҟар иџьабаа, илшамҭа рацәоуп.

Иҿырԥшыгоу ашкол аԥҵаҩы

Аха лымкаала Умар Маҟар деицырдыруа дҟазҵаз, ахьӡ-аԥша изаазгаз ирккаратә усуроуп. 1869 шықәсазы акади иаҳасабала даныҟала, иқыҭа гәакьаҿы аџьаама иргылоит, уи аҟны амедресе ааиртуеит, ахәыҷқәа аҩышьеи аԥхьашьеи, амсылман дин аԥҟарақәеи ахьыдирҵашаз.

Шықәсык ааҵуаны, 1870 шықәсазы аурыс еиҳабыра ирыӡбеит Бибердатәи аул аҿы даҽа школк аадыртырц, аха уажәазы асоветтә школ акәхон уи, аҭыԥантәи ауааԥсыра рассимилиациа амҩаԥгаразы ашколқәа – реиҳа икьаҿу, узмырҩашьо мҩоуп ҳәа иԥхьаӡаны.

Иара дыргылеит Умар Маҟар иԥарала, 1897 шықәсазы. Ари ашкол – пансионатын уҳәар ауеит, 60-ҩык аҷкәынцәа аднакылар алшон иара. Ашкол аныҟәгара иалахәын аулқәа 19, ҩнаҭацыԥхьаӡа шықәсык ахь мааҭки бжаки аларҵалар рыхәҭан. Ашкол иалгаз арԥыс ииашаны, ирласны урысшәала аԥхьашьеи аҩышьеи идыруазар акәын, иара убас арифметика аԥҟарақәа ԥшьба идыруазар иқәнаган. Ашкол аҭаларазы иреиҳау қәрас ипхьаӡан жәашықәса, аха уи аԥҟара рацәак ирџьбарамызт, жәашықәса ирҭысхьаз ыҟазаргьы, ирыдыркылон.

Умар Маҟар даныԥсы ашьҭахь, агазеҭ «Кубанские областные ведомости» аҟны ирыҩуеит «иара дахьынхоз аул аҟны иҿырԥшыгаз ашкол-апансионат иргылеит, ажәлар аҵаралашара рыларҵәаразы акыр аџьабаа ибеит» ҳәа.

Агазеҭ ианылаз астатиаҿы иазгәаҭан иара убас: «Ԥсабарала иҟәышыз, абаҩхатәра злаз, иуаажәлар аҵарахьы ркылгара гәыкԥсыкала иашьҭаз арккаҩы, иҷыдоу анбан еиқәиршәеит, аҭыԥантәи ауааԥсыра рцәажәашьа аҷыдарақәа ирышьашәалаз, ихалагьы ахәыҷқәа уи ала аҵара дирҵон, адинхаҵара аԥҟарақәа реиԥш, егьырҭ амаҭәарқәагьы рызнеигон… Зыԥсаҭа бзиахаша арккаҩы араб бызшәала ажәеинраалақәеи аныҳәарақәеи аԥиҵеит, урҭ рыла арҵага шәыҟәгьы еиқәиршәеит, аха аҭыжьра дахьымӡеит умҳәозар. Ихарџь аӷьырак ажәлар рҵара иазынаирхон, ма заагарҭа маҷыз аҭаацәарақәа рыцхыраарахь ишьҭуан, даара дуаҩ қьиан, згәы былуаз, згәы разыз аӡә иакәын» ҳәа.

«Ақьиареи аиашареи хашҭра зқәым раларҵәаҩ»

Умар Маҟар агәыҵәкра изцәырҵыз иахҟьаны иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит жәабран  15, 1891 шықәсазы. Усҟан иара 44 шықәса ракәын ихыҵуаз. Агазеҭ «Кубанские областные ведомости» аҟны, Маҟар идунеи аниԥсах ашьҭахь, уи изкны астатиа зҩыз аҵарауаҩ-кавказҭҵааҩы, Ҟәыбинатәи аказакцәа рырхәҭа асҭаршьына Евгени Фелицын иазгәеиҭеит «ажәлар дрыԥхеит иреиӷьыз рҵеи, зыламыс цқьаз, изхыҽхәоз рхаҭарнак» ҳәа. Иара убри анҵамҭа далгоит абарҭ ажәақәа рыла: «Уԥсы ҭынчзааит, хашҭра зқәым ауаҩытәыҩсатә қьиареи аиашареи раларҵәаҩ!» 

Умар Маҟар ихылҵыз рыӡбахә иахьанӡа имааӡеит. Ҩыџьа иҷкәынцәа Абдул-Қьрыми, Абдул-Ҳамыҭи, иара даныԥсы ашьҭахь, аул ауааԥсыра аҵарахьы ирышьҭуеит Урыстәылаҟа. Аха урҭгьы заа рыдунеи рыԥсахуеит. Абдул-Ҳамыҭ аҟабарда ҭыԥҳа Аминаҭ ԥхәысс дааигеит, уи лҟынтә аԥҳа диоуит. Аха ачара ашьҭахь дук хара имгакәа иара дыршьуеит. Уи ашьҭахь аԥҳәыс еиба дигоит иара иашьа Абдул-Қьрым, урҭ ирхылҵуеит аԥеи аԥҳаи (ари аҩыза атрадициа – иҭахаз аиашьа иԥҳәыс лгара – ажәларқәа маҷымкәа иныҟәыргон – аред.). Аха Абдул-Қьрымгьы изхара аԥсҭазаара абара иаҭәашьамызт: 1914 шықәсазы агәыҵәкра ихьны дагоит. Зхацәа ҩыџьа зыԥхаз Аминаҭ лашьцәа рахь Ҟабардаҟа дцеит. Иаҳдыруа аинформациа ала, лыҷкәын заҵә 15 шықәса шихыҵуаз дыԥсит, лыԥҳацәа рыуаӡәы – Абдул-Қьрым иҟнытә илхылҵыз – Аԥсныҟа дааит. Анаҩстәи урҭ рлахьынҵа зеиԥшрахаз азы акгьы еилкааӡам.

 Умар Маҟар иԥа Абдул-Ҳамид иргылаз аҩны, аԥшәымада иаанхаз, асовет аамҭақәа рзы аветеринартә хәышәтәырҭас ахархәара аман, анаҩс автошколас, аколнхара аусбарҭас, аӡахратә цехс. 1996 – 2008 ашықәсқәа рзы ари аҩнаҿы иҟан аул Ельбырӷан амузеи. Уи ашьҭахь аҩны зыргылаз рыжәлантәык иааихәан, уажәазы уи аҭӡаҿы икыду аҩыра ишаҳәо ала, араҟа иҟоуп «Маҟар Нанур-иԥа Заурбек иитәу ижәытәӡатәиу аҭоурых змоу ашәыуа ҭауад гәараҭа». 

Иқыҭа гәакьаҿы ҳаҭырқәҵара дула дыргәалашәоит ажәлар рырккаҩы, урҭ реизҳаразы шьарда аџьабаа збаз. 2013 шықәса инаркны Умар Маҟар ихьӡ ахуп Ельбырӷантәи абжьаратә школ.

Астатиа азырхиараан ахархәара азуп 2016 шықәсазы Черқьесск иҭыҵыз М.Ш. Туков ишәҟәы «Бибердатәи аҭауадцәа рқыҭақәа» аҟынтә аматериал.