Ауаажәларратә еиҿкаара «Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс» адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза, аубых жәларқәа рхаҭарнакцәа рыбжьара аимадарақәа арҳауеит, иарӷәӷәоит, ииасыз хәышықәса рыла шәкыла апроектқәа нанагӡеит, ҳажәларқәа рмилаҭтә-культуратә еилаҵәареи, ҳхатәы бызшәа, ҳҵас-қьабзқәа реиқәырхареи рыҿиареи иазкны.

Абарҭи егьырҭ аԥҟаԥҵәаҿы иарбоу ахықәкқәеи рынагӡаразы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс адунеи атәылақәа рҟны ахаҭарнакрақәа аанартуеит. Урҭ аус рыцура иалҵшәаны хәышықәса рыла акрызҵазкуа апроектқәа мҩаԥган, ҳмилаҭ ԥхьаҟатәи реизҳаразы ауасхыр ӷәӷәа акра алзыршаша. Ҳаԥхьаҟагьы ҳаидгыланы иҟаҳҵаша рацәаӡоуп.

Ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәын 7-9 рзы имҩаԥысраны иҟоу Ауаажәларратә еиҿкаара «Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс» VIII-тәи аиубилеитә Еизараду аҟны иахьазы мҽхакы ҭбаала иҟаҵоу аус бжьаратәла еихаҳшьаалоит, ԥхьаҟатәи апланқәа шьақәҳарӷәӷәоит, иара убас Аԥҟаԥҵәа ахәҭаҷ 5.4.3 инақәыршәаны, Иреиҳаӡоу ахеилак аилазаашьагьы шьақәҳарӷәӷәоит, ари Аконгресс Аизара аусдырра иаҵанакуа уалԥшьоуп, иара цонаҵы иӡбатәу акоуп.

Ҳақәгәыӷуеит Аконгресс арегионалтә хаҭарнакрақәа рҟынтә аизараду ахь аделегатцәа раашьҭраҿы адиаспоратә хеилакқәа зегьы рхы аадырԥшып ҳәа, аԥсуа-абаза жәлар реизҳазыӷьаразы АААК ахандеира аринахысгьы ацҵара хықәкыс иҟаҵаны.