Аԥсуа шәаҳәаҩы, асахьыҭыхҩы, амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа аԥсышәала иаԥиҵаз амультфильм «Абраскьыл ифырхаҵара» апрезентациа мҩаԥигеит.

Аԥсуа мультфильм ҿыц «Абраскьыл ифырхаҵара» аԥхьарбара мҩаԥысит Аҟәа, аԥшьаша, нанҳәа 27 рзы.

Амультфильм аԥҵаҩы – Аԥсны зыхьӡ рдыруа аоператә шәаҳәаҩы, асахьаҭыхҩы Асҭамыр Кәыҵниа, аԥсуа мифологиа шьаҭас измоу алаҵәара бзиагьы зауз акомиксқәа дравторуп. Амультипликатор иусумҭа шьаҭас иазылихит аԥсуа фырхаҵаратә епос асиужет.

Ари аҭоурых аперсонаж хада Абраскьыл – уззымиааиуа, иԥагьоу фырхаҵоуп. Иара диит, ижәлар ампыҵахалаҩцәа ирцәихьчарц азы, иагьизҳаит анарха змоу, амч ду злоу, акыр злаӡо уаҩны. Иҽы Арашь инапаҿы ианааига инаркны афырхаҵа ихықәкы анагӡара иҽазикит. Алегенда излаҳәо ала, аамҭақәак рышьҭахь, арԥыс ауаа ракәым Анцәагьы диҿагыло далагеит, убри дагьахьырхәын иара, имчқәа имхын. Абри аҭагылазаашьа рхы иадырхәеит Абраскьыл иаӷацәа – афырхаҵа иҽи иареи аҳаԥы иҭарҵәахит.

Еицырдыруа аԥсуа жәлар рҳәамҭа афырхацәа рыԥсы ҭалеит Асҭамыр Кәыҵниа иаԥиҵаз иуникалтәу ахәыҷтәы комедиа аҟны. Амультфильм абжьы ахарҵеит актиорцәа Руслан Шьакаиа, Михаил Цкәуа, Кьасоу Ҳагба, Ерик Миқаа, Ҭемыр Аршба. Абжьы арежиссиорс дҟалеит еицырдыруа аԥсуа актиор Џьамбул Жорданиа.

Амультфильм апремиера иалагаанӡа ахәаԥшцәа рҿаԥхьа дықәгылеит арежиссиор ихаҭа. Кәыҵниа еиҭеиҳәеит «Абраскьыл ифырхаҵара» ҩышықәса инареиҳаны аус шадиулоз.

«Абри амш сара акыр сазыԥшын, иара уажәгьы ишааиз агәра сызгом. Ари апроект анагӡара алшеит ацхыраара сызҭаз ауааԥсыра аӡәырҩы рыбзоурала. Абри аамҭа аҩныҵҟала аӡәымзарак иҟнытә исмаҳаит уаҩ ииҭахым аус саҿуп ҳәа, еиҳагьы исыцхраауан, исывагылон», - иҳәеит автор.

Анаҩс, апремиера рыдныҳәало еизаз рҿаԥхьа иааркьаҿны дықәгылеит Џьамбул Жорданиа. «Еснагь иҳамазааит амчи алшареи абри иаҩызоу апроектқәа рынагӡаразы, урҭ, раԥхьаӡа иргыланы аԥсуа бызшәа апопулиаризациа иазынархоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит актиор.

Аофициалтә хәҭа ашьҭахь ахәаԥшцәа идырбан Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху аԥсуа ҳәынҭқарратә оркестр ақәгылара, уи анаҩс имҩаԥган амультфильм апремиера.

Ахәаԥшцәа ирнубаалартә иҟаз ацәаныррақәа рыла еилкаахеит, ахәыҷқәа реиԥш адуцәагьы амультфильм шыргәаԥхаз.

Милана Џьынџьуа апремиерахь лыҷкәын длыманы дааит. Лара ишазгәалҭаз ала, амультфильм лара лхаҭагьы анырра лнаҭеит.

«Ҳәарада, гәахәара дууп Аԥсны ицәырҵуа иахьалагаз аԥсышәала ицәажәо, иахьатәи аамҭа иақәшәо, даҽа бызшәак аҟынтә еиҭагам, ҳара ҳмифологиа иагәылоу аҭоурыхқәа шьаҭас измоу амультфильмқәа. Ахәыҷқәеи урҭ ранацәеи рабацәеи еицыргәаԥхартә иҟоуп, даараӡа ибзиоу комедиоуп», - ҳәа лгәаанагара лҳәеит ахәаԥшҩы.

Ахәаԥшцәа хадақәа – ахәыҷқәа ракәзар, рымчқәа ирмеигӡакәа рнапы еинырҟьон. Амультфильм ахьынӡацоз ана-ара ахәыҷыччабжь гон, изхәаԥшуаз асахьақәа уамашәа ирбон, иаршанхон. Ахәыҷқәа рцәаныррақәа рҵәахуамызт.

«Сара даараӡа исгәаԥхеит амультфильм. Ҳәарада, аинтерес сзаҵан, сзырччаз аҭыԥқәагьы рацәан. Уажәшьҭа исҭахуп иацу ахәаԥшра!», - ҳәа игәҭакы ҳацеиҩишеит бжьышықәса зхыҵуа Богдан Барцыц.

Егьи арԥыс – Рамин Инаԥҳа, еиҳа деиҳабуп, 12 шықәса ихыҵуеит. Уи гәаартыла ишҳаиҳәаз ала, иара «лымкаала бзиа ибоит америкатәи акомиксқәа». Рамин игәаанагарала, амультфильм афырхаҵа Абраскьыл, адунеи зегьы еицырдыруа афырхацәа акала дрыҵахартә дыҟам.

«Амультфильм даараӡа исгәаԥхеит. Саб сиҳәахьеит Абраскьыл изку акомиксқәа сзиԥшаарцаз», - иҳәеит Рамин.

Абраскьыл изку Асҭамыр Кәыҵниа раԥхьатәи икомикс ҭыҵит 2009 шықәсазы. Усҟан уи аҭыжьраҿы ацхыраара ҟанаҵеит Аԥсуа бызшәа аҿиара афонд (2016 шықәса, ажьырныҳәамзазы еиҭашьақәыргылан Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ҳәа, иахьа Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ҳәа еидуп – аред.). Акомикс ауааԥсыра иргәаԥхеит, алаҵәара аиуит. Уи ашьҭахь Кәыҵниа иӡбеит аҩбатәи акомикс аҭыжьра, уигьы аԥсуа фырхаҵа Наԥҳа Кьагәа изку алегенда шьаҭас иамоуп. Асҭамыр Кәыҵниа иахьагьы аус рыдиулоит акомикс ҿыцқәа, урҭ рҟынтә иҟоуп ихыркәшақәоугьы, аха макьаназы акьыԥхь рымбацт.