АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, Москватәи аԥсуа диаспора ахада, агәыҳалалратә фонд «АМШРА» ахылаԥшҩы Беслан Агрба хымз раахыс Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы аус зуа аҳақьымцәа афинанстә цхыраара риҭон.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, Москватәи аԥсуа диаспора ахада, Аԥсны аҿиара иазку ауаажәларратә-гәыҳалалратә фонд «АМШРА» ахылаԥшҩы Беслан Агрба ҭагалани аӡын аԥхьатәи азбжеи ирылагӡаны Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы COVID-19 иаҿагыланы иқәԥоз аԥсуа ҳақьымцәа афинанстә цхыраара рзыҟаиҵон. Абри ацхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны зынӡа ирызшәаз аԥара 5 879 000 мааҭ артәеит.

Акоронавирус иаҿагылоу амедусзуҩцәа рыцхыраара апрограмма нагӡоуп амеценат ихатә харџь аҟынтә, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистра иҟанаҵаз аҳәара аҭакс. Иара азыԥхьагәаҭан 2020 шықәса жьҭаара 1 инаркны ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа ҳәа, Аԥсны еиуеиԥшым амедицинатә усбарҭақәа рҟынтә Гәдоуҭатәи COVID-госпиталь ахь аусура ирышьҭуаз аҳақьымтә бригадақәа ргәы шьҭызхша руалафахәы ацҵак аҳасабала.

Агрба еиҭеиҳәеит ари афинанстә цхыраара «ацәаҳәа ҟаԥшь» аҟны аус зуа 361-ҩык амедикцәа ишрыхьӡаз. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – азеиԥш профиль змоу аҳақьымцәа, ареаниматологцәа, алаборантцәа, арентгенологцәа, амедеиҳәшьцәа, асанитартә усзуҩцәа, ацхыраара ласы амашьына арныҟәцаҩцәа, иара убас Аҟәа амбулатортә ҟазшьала аус зуа аҳақьымцәа 22. Зныкала афинанстә цхыраара еицроуит иара убас Аԥсны иакзаҵәыку асанитартә-бактериологиатә лабораториа аусзуҩцәа 14-ҩык.

«Иахьазы хымз ҿҳәарас ҳәа измаз COVID-19 иаҿагылоу аԥснытәи аҳақьымцәа афинанстә цхыраара рыҭара апрограмма аҵыхәтәанынӡа инагӡоуп», – иҳәеит Беслан Агрба.

Иара иажәақәа рыла, апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны есымза ацхыраара роуан иара убас Аҟәа иахьаҵанакуа амбулатортә ҟазшьала аус зуаз аҳақьымцәа – COVID-19 зцәа иалоу ҭелла аконсультациақәа рызҭоз.

«Апрограмма аиҿкааратә хәҭеи аҳәаақәҵареи мҩаԥысуан Москватәи аԥсуа диаспореи Аԥсны аҿиара иазку ауаажәларра-гәыҳалалратә афонд «Амшреи» рхаҭарнакцәа рымчала», - ҳәа ациҵеит Агрба.

Иара гәыкала иҭабуп ҳәа реиҳәоит Аԥсны аџьабаа збо амедицинатә персонал зегьы, есыҽны рхаҭақәа ргәабзиара ашәарҭара иҭаргыланы, ҳауаажәлар реиқәырхара иазааԥсо, COVID-19 иабашьуа.

Уаанӡа Аԥсуа телехәаԥшра аефир ала Аԥсны ахада иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба адырра ҟаиҵеит апандемиа иалагеижьҭеи ҳтәылаҿы акоронавирус аҿагылара иақәхарџьуп ҳәа 400 миллион мааҭ. Иара иазгәеиҭеит абри ахыԥхьаӡара аҟынтә 200 миллион маҷк инацны аҳәынҭқарра аԥароуп, егьи зегьы – еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи агәыҳалалцәеи иаларҵаз аԥароуп ҳәа.

Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдырбалахьеит зынӡа 11469- ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 170–ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 9782- ҩык ргәы бзиахеит.

2021 шықәса, ажьырныҳәа 11 инаркны Аԥсны ҩаԥхьа аԥкырақәа алагалан, акоронавирустә чымазара ҿкы аламырҵәара хықәкыс иҟаҵаны.