Гәдоуҭа, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҟны асахьаҭыхҩы Елена Назарова лцәыргақәҵа аатит.

Саид Барганџьиа

Санкт-петербургтәи асахьаҭыхҩы Елена Назарова лцәыргақәҵа ааатит Гәдоуҭа, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҟны ахәаша, лаҵарамза 28 рзы. Ари ахҭыс иацхрааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.

Амузеи ацәыргақәҵатә зал арысҟаҩык аҭааҩцәа амбеижьҭеи акрааҵуан. Аартраан уи азгәазҭоз ауаагьы маҷҩымызт.

Аԥхьаӡа ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рҿаԥхьа иқәгылеит афольклортә ансамбль «Риҵа». Иара уи аамҭазы асахьаҭыхҩы лхаҭа дыԥхашьа-ԥхаҵо аҭааҩцәа рырҽхәаԥхьыӡқәа рзы иҭабуп ҳәа ралҳәон.

Елена Назарова диит Красноиарск. 1985 шықәсазы далгеит Ленинградтәи абнанхамҩатә академиа. 2010 шықәсазы акандидаттә диссертациа лыхьчеит. Иара уи ашықәсазы иҭыҵит лмонографиа «Валаам. Аԥсабара апалитра». Назарова дыркьыԥхьхьеит иакымкәа-иҩбамкәа Петербургтәи ажурналқәа, асахьаҭыхҩы, апоет, алитератор лаҳасабала.

Асахьаҭыхҩы лцәыргақәҵақәа еиҿыркаауеит 1992 шықәса раахыс. Лара дрылахәын Михаил Шемиакин ифонд ацәыргақәҵақәа «Амагә аҟазараҿы», «Ахәыҷқәа аҟазараҿы» ҳәа хьӡыс измоу. 2013-2020 шықәсақәа рзы Санкт-Петербург хаҭалатәи лцәыргақәҵақәа быжьба еиҿкаан.

2015 шықәсазы Елена Назаровеи лыԥшәмеи Аԥсныҟа нхара ҳәа иааит. Уи нахыс Аԥсны атема лырҿиара иагәыцәхеит.

«Сара сзы Аԥсны – аҭоурых ӷәӷәа змоу, ишәҭыкакаҷуа, ажәлар қьиа зқәынхо дгьылуп, аха уи мацара акәым. Араҟа ацивилизациа адац ҵауланы иамшьҭӡацт. Ауаа иаарыкәыршаны аԥсабаратә мчқәа иргәылаҳәҳәаны инхоит: ашьхақәа, амшын, адгьыл чашәра, амца. Ара даҽакала ҟалашьагьы умаӡам: Кавказ еиқәхеит аиуаратә еизыҟазаашьақәа реицамкра иабзоураны, абиԥарақәа реимадара аԥымҵәарала. Нас абри абеиара зегьы ԥшшәырацәала еиларсуп. Убри азоуп ацәыргақәҵагьы изахьӡу «Аԥсны ашәыгақәа» ҳәа. Уи иаанаго сара ссахьаркыратә ҟазара аарԥшра акәӡам, ара иаԥу аԥшшәқәа рбеиареи ргәылҭәаареи роуп», – лҳәеит Назарова.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс даараӡа даҭабуит Назарова. Асахьаҭыхҩы лажәақәа рыла, Аконгресс, хаҭалагьы уи ахантәаҩы Мусса Егзакь ицхыраарада, ари ахҭыс ҟалашьа амамызт. Ԥхьаҟагьы русеицура дшақәгәыӷуа атәы азгәалҭеит.

Ацәыргақәҵа аартра лнапы ианырҵеит АААК ахаҭарнак, Аконгресс аинформациатә портал иҭзыжьуа аредактор Изольда Ҳагԥҳа. Лара еизаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихьӡала.

«Аконгресс азы ари хҭыс дууп – абас абаҩхатәра злоу, гәыкала Аԥсны бзиа избаз ауаҩы «лывара агылара». Лара лусумҭақәа ирхылҵуа алашареи аԥхарреи агәра ҳдыргеит Елена Николаи-иԥҳа ҳаԥсабара аԥшӡара дшыхнахыз. Аха, сгәанала, уи ус изыҟаломызт, лара ҳатрадициақәеи ҳкультуреи лымнырызҭгьы, илыдлымкылазҭгьы», – лҳәеит Изольда Ҳагԥҳа.

Елена Назарова лҟазаразы иҭабуп ҳәа лазҳәоз дреиуоуп амузеи аиҳабы Баҭал Гәынба.

«Ҳкультура инагӡаны еилылкааит, дагәылаԥшит, Аԥсны зегь рыла дазыразуп. Абра дынхоижьҭеи быжьшықәса рыла шәкы инареиҳаны Аԥсны аԥсабареи абзазареи аазырԥшуа асахьақәа ҭылхит. Ацәыргақәҵаҿы 60 роуп иҟоу, агәыӷра сымоуп наҟ-наҟгьы иҵегь ҳаимадазаап ҳәа лареи ҳареи», – иҳәеит адиректор.

Назарова лҟазара ахәшьара ҳаракы аиҭеит аԥснытәи лколлега, ҳтәылаҿы еицырдыруа асахьаҭыхҩы Руслан Ԥандариа.

«Автор Аԥсны аԥшӡара лныруеит, илбоит. Шаҟа илашои лыԥшшәқәа, шаҟа адинамика рыҵоузеи лпеизажқәеи лкомпозициақәеи! Даара сеигәырӷьоит ҳаԥсадгьыл алакҭа абас зыҩаӡара ҳараку асахьаҭыхҩы иаалырԥшыртә агәаԥхара ахьлоуз», – иҳәеит Ԥандариа.

Зыхьӡ нагоу санкт-петербургтәи аҟазараҭҵааҩы Григори Камер излаиԥхьаӡо ала, ари ацәыргақәҵа адунеитә ҩаӡара амоуп, иахьноугалак иԥхоумшьартә иҟоуп.

«Арҭ аусумҭақәа адунеиаҿ иҟоу ацәыргақәҵатә залқәа зегьы гәахәарыла ирыдыркылартә иҟоуп, избан акәзар автор зеиԥшыҟам колориступ, лырҿиара уамакала илықәҿиоит. Даара уарла-шәарлоуп ианысԥылахьоу џьарак еидкыланы зыԥшшәы ухнахуа жәа-сахьак инареиҳаны, арҭ асахьақәа рыԥшшәы ухнахҵәҟьоит», – ҳәа ахәшьара лиҭеит аҟазараҭҵааҩ.

Ацәыргақәҵа даҭааит Аԥсны арккареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа. Иара Елена Назарова иҭабуп ҳәа леиҳәеит Аԥсны иазкны иаԥылҵаз асахьақәа рзы, лаԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа лзеиӷьеишьеит. Иара иҳәеит аҟазара игәы шазыбылуа, зны-зынла ихаҭагьы асахьа анҭихло шыҟоу.

«Сара сыпрофессионалым, аха ацәыргақәҵа аҩаӡара ҳаракуп ҳәа ҿыӷәӷәала исҳәарц сылшоит», – ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Елена Назарова лцәыргақәҵа «Аԥсны ашәыгақәа» хымз инарзынаԥшуа иаартызаауеит, уи иаҭаар рылшоит агәаҳәара змоу зегьы. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп. Амузеи аҟны ицәыргоу асахьақәа зегьы ухәҳар ҟалоит. Дара рыхәқәа еиуеиԥшым, 20 нызқь мааҭ инаркны 200 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.