Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны ашколқәа ирынаҭеит COVID-19 аламырҵәара иазынархоу амедицинатә маҭәашьарқәа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны иҟоу ашколқәа жәаба ирынаҭеит абактериақәа зшьуа арециркулиаторқәеи кьысрадатәи ашоурашәагақәа ҩажәеи. Абас иҟоу ф-комплектк шан Аҟәатәи ашколқәа рыбжьара, даҽа ԥшьба – Гагратәиқәа рҟны.

Санкт-Петербург иҟоу АААК арегионалтә ҟәша ахантәаҩы Ҭемыр Рекәаа еиҭеиҳәеит, аҵыхәтәантәи аамҭазы аҿкчымазара зкуа рхыԥхьаӡара иахьацлаз аҟынтә, Аконгресс акоманда ашколқәа рҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу ҭнаҵааит, авирус аламырҵәаразы иахәҭоу ашьаҿақәа рыҟаҵаразы.

«Ашколқәа рнапхгара ҳрацәажәеит, ирҭахыз еилаҳкааит. АААК ахантәаҩы Мусса Егзакь ишиӡбаз ала, иааҳхәеит арециркулиаторқәеи кьысрадатәи ашоурашәагақәеи», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Рекәаа.

Иара иазгәеиҭеит арҭ априборқәа ашколқәа рзы ихәарҭахоит ҳәа акоронавирус иаҿагыланы ақәԥара иазку ашьаҿақәа руак аҳасабала.

«Ҳара ашколқәа ираҳҭаз амаҭәашьарқәа цҵак еиԥш иҟалоит ҳәа ҳахәаԥшуеит, акоронавирус аламырҵәаразы иаԥу аԥҟарақәа рынахыс. Агәра ганы ҳаҟоуп аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аҿкы рацәыхьчараҿы ишыцхыраагӡа духо, рҵаратә процесс еиԥымҟьарц азы», – иҳәеит Ҭемыр Рекәаа.

Гагратәи ашколқәа арециркулиаторқәеи кьысрадатәи ашоурашәагақәеи рызналгеит Аконгресс аусзуҩ Изольда Ҳагԥҳа. Лара иазгәалҭеит аҵарашықәс ианалагоз, ауаа ашәарақәа шрымаз арҵаҩцәа чмазцәахар ауеит ҳәа, еиҳарак ашәарҭа иҭагылоу зуаҩыбжара иахысхьоу ауаа зларакәу ала.

АААК Гагратәи ашколқәа арециркулиатори кьысрадатәи ашоурашәагақәеи рынаҭеит
© АААК

«Зегь еидхәыцланы иҳаӡбеит ақалақьтә школқәа ԥшьба рҟны арҵаҩцәа руадақәа рзы аҳауа зрыцқьо арециркулиаторқәа ааҳхәарц. Ари априбор аҳауа иалоу абактериақәеи авирусқәеи зегь ашьуеит, уи хра злоу акоуп акоронавирус азы мацарагьы акәымкәан, егьырҭ ахьҭалаларақәа рзгьы», – лҳәеит Изольда Ҳагԥҳа.

АААК Аҭыԥантәи аҟәшақәа ркоординатор Дмитри Жьиба иазгәеиҭеит ари апроект аамҭа кьаҿк ала анагӡара шалыршаз. Иара еиҭеиҳәеит ашколқәа рҟны ас еиԥш иҟоу аҳамҭақәа даара ишреигәырӷьаз, избан акәзар зегьы еилыркаауеит аҵаратә усбарҭақәа излауала аҿкчымазара ишацәыхьчатәу.

«Ҳгәыӷуеит, иахьынӡауа ала арҵаҩцәа абри ачымазара иацәаҳахьчап ҳәа ашкол аҩнуҵҟа иахьынӡаҟоу, аҵаратә процесс ԥымккәа ицаларц азы. Ҳарҵаҩцәа рџьабаа ахә ҳаракны иаҳшьоит, русура аҵак ду шамоу еилаҳкаауеит, убри аҟнытә рыхьчара ҳуалны иҳаԥхьаӡоит, рыԥсҭазаара акала иаҳзырманшәалозар ҳәа ҳашьҭоуп», – иҳәеит акоординатор.

Ашколқәа шьоукы уажәаԥхьагьы Аконгресс рҭаахьан. Убас Гагратәи 1-тәи абжьаратә школ адиректор Хана Гәынԥҳа еиҭалҳәеит рышкол аҵаҩцәа АААК имҩаԥнагоз «Нарҭаа репос» иазкыз апроект рхы шаладырхәыз, аиааирагьы шыргаз.

«Хаҭала сара сыхьӡалеи ҳарҵаҩцәа зегь рыхьӡалеит гәыкала иҭабуп ҳәа расҳәоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, иҳарҭаз азҿлымҳаразы, изҿу аусқәа рҿы ақәҿиара рзеиӷьасшьоит. Даара иҭабуп! Уамакала ҳгәы иахәеит», – лҳәеит ашкол адиреткор.

АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба иазгәеиҭеит, Аконгресси аԥсуа школқәеи еицымҩаԥыргоз акциақәа ԥхьаҟагьы ишрыцҵахо. Убас, аҵыхәтәантәи аиԥыларақәа руак аҿы иӡбан алабҿабатә символқәа рхархәара аҵаҩцәа ргәынкылашьа ишаныруа еилкаазарц. Арахь иаҵанакуеит ахәыҷқәа рҵараҿы ихәарҭоу алабҿабатә хархәагақәа, рыкәша-мыкәша ирбо-ираҳауа иахәҭакны аиҿкаара.

«Ҳара ҳазааит ашьҭыхратә таблица ахәыҷқәа злахало ашкол амардуан аҿаԥсарақәа рыбжьара иаҳарбарц, иԥшӡаны ишәны. Абасала, есҽны убла зықәшәо гәныумкыларц залшом. Иара убас иҿаҳҵеит ашәаҿы икыдуҵаша акәакь аградусқәа узырбо ашәагақәагьы», – иҳәеит Гыцба.

Абри апроект анагӡара иалагахьеит Аҟәатәи ашколқәа ҩба рҿы: №5, № 15.

«Ари аидеиа даара иргәаԥхеит арҵаҩцәа реиԥш, ашколхәыҷқәа рхаҭақәагьы. Аҟәатәи 15-тәи ашкол арҵаҩцәа аҳәара ҟраҵеит абас еиԥш иҟоу алабҿабатә хархәагақәа аԥсуа алфавит азгьы иазҳархиарц, уи аусгьы нап аҳаркхьеит», – иҳәеит АААК амаӡаныҟәгаҩ.

Акоронавирус апандемиа аналага раԥхьатәи амшқәа инадыркны Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс акоманда, уи ахантәаҩы Мусса Егзакь аԥхьа днаргыланы, COVID-19 иаҿагыланы ақәԥараҿы ацхыраара ҟанаҵоит. Апроектқәа маҷымкәа инагӡоуп иахьазы. Аконгресс ԥхьаҟагьы ари азҵаара аганахьала аусура иацнаҵоит.