Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху амилаҭтә арҳәагақәа рҳәынҭқарратә оркестр цәыббра 23 рзы имҩаԥысыз аконцерт ахәаԥшцәа ирхамшҭуа иаанхеит.

Аҳәынҭқарратә филармониаҿы еизаз ахәаԥшцәа гәахәара дула ирыдыркылон Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху амилаҭтә арҳәагақәа роркестр инарыгӡоз ашәацыԥхьаӡа, цәыббра 23 рзы Аҟәа имҩаԥысыз аконцерт аҟны.

Ари ауха ахәаԥшцәа ирзырхиаз аҳамҭақәа рацәан: Аԥсны жәлар рартистка Виолетта Маан лықәгылара, иара убас еицырдыруа урыстәылатәи ашәаҳәаҩ, амузыкатә гәыԥ «Чичерина» асолистка Иулиа Чичерина раԥхьаӡа акәны иналыгӡеит Аԥсны иазку ашәа ҿыц. Ашәазы ажәақәа иҩит урыстәылатәи ажурналист, аамҭала аԥсуа телеканал «Абаза-ТВ» аҟны аус зуаз Сергеи Пегов. Амузыка лҩит Чичерина лхаҭа.

«Сара уажәааигәа Аҟәа сықәгылон, убасҟан срабадырит аоркестр алахәцәа (Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә оркестр – аред.). Иҿыцу ак аԥаҳҵарц ҳҭаххеит – абас ҳагьазааит абри аҩыза аексперимент. Сара даара исгәаԥхеит аоркестр имҩаԥыргаз аконцерт. Апрограмма зегьы сахәаԥшит. Агәырӷьара ду снаҭеит. Агәра ганы сыҟоуп, ари аҿы ҳарҿиаратә усеицура шхыркәшамхо, иҵегь иҟаҳҵаша ҟалоит», – лҳәеит ашәаҳәаҩ.

Аконцерт иалахәын иара убас аԥсуа артист Ерик Миқаа, аҿар рфольклортә ансамбль «Ахьышьҭра», амузыкантцәа Алексеи Самарии Антон Давидианци. Урҭ зегьы аккомпанемент рзыҟанаҵон амилаҭтә арҳәагақәа роркестр.

«Артистцәа зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит аконцерт иахьалахәыз азы. Иҭабуп ҳәа расҳәоит ҳоркестр алахәцәа. Иҭабуп аамҭа ԥшааны иахьа иаҳзыӡырҩырц иааз ахәаԥшцәа зегьы! Ҳшәеихырхәоит», – иҳәеит аорекстр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухаа.

Атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩ шыҟоугьы, Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониа азал уаала иҭәын. Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху аоркестр аԥсуа хәаԥшҩы игәы хырхиижьҭеи акрааҵуеит.

«Арҭ аҿарацәа рконцерт аныҟоу еснагь ҳрызцоит, уи аҩыза алшара ҳаҩҳажьуам. Рус иазҟазоуп. Инасыԥуп рзыӡырҩра. Аконцерт нымҵәондаз ҳәа сыҟан. Иҭабуп ҳәа расҳәоит аоркестр алахәцәеи аконцерт иалахәыз артистцәеи зегьы ари ахәылԥаз ссир азы», – ҳәа лгәалаҟара ҳацеиҩылшеит ахәаԥшҩы Миранда Рабаиа.

Аоркестр инарыгӡоз аԥсуа музыка иазыӡырҩырц иааит Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәагьы маҷҩымкәа.

«Шаҟа ибзиоузеи Аԥсны ҳаҟазаара иахьақәшәаз иџьашьахәу ари аконцерт! Уаха иҳауз агәалаҟара акыраамҭа иаҳхашҭраны иҟам. Ари насыԥуп! Ҳаҩныҟа Воронежҟа ҳаныгьежьуагьы иҳацзаауеит», – лҳәеит аԥсшьаҩы Татиана Белоусова.

Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә амилаҭтә арҳәагақәа роркестр аԥҵан 2016 шықәсазы. Аколлектив амилаҭтә мелодиақәа нарыгӡоит, иахьанаало ҳаамҭазтәи абжьы рхаҵаны. Аԥсны аҩнуҵҟа аоркестр ахьӡ бзиаӡа арҳахьеит, аҳаҭыр змоу жәларбжьаратәи афестивальқәагьы ирылахәуп.