Амениу
19 Мшаԥы 2024
20:47
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    11 Ҭагалан 2022
11.10.2022 18:32
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Очамчыратәи ашколхәыҷқәа Афон ҿыц ақалақьи Аацы иҟоу алымқәа рпарки ирҭааит "Аимадара" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны

АААК апроект "Аимадара" анагӡара иалагӡаны Аконгресс акоманда С.П. Басариа ихьӡ зху очамчыратәи ашкол-интернат 10-тәи, 6-тәи аклассқәа рҵаҩцәа аныҟәара рзымҩаԥыргеит. Ашколхәыҷқәа Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит, Аԥсаратәи абаашқәа ирыхәаԥшит, иара убас Аацы иҟоу алымқәа рпарк аҿы инеит. Аиҳараҩык раԥхьаӡа акәны арҭ аҭыԥқәа рбеит, аинтерес дугьы рыман.

АААК акоманда иҭабуп ҳәа рарҳәоит аекскрусиа аиҿкаараҿы ацхыраара ҟазҵаз АУН "Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс" адиректор Миорн Чалмаз, алымқәа рпарк "Праид" анапхгара, хаҭалагьы Олег Кононов.

0