Лента событий ВААК
31 Ҭагалан 2022
31.10.2022 19:11
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
Карате азы иаарту атурнир мҩаԥысит Акәасқьа ақыҭан АААК ацхыраарала
Аԥсны Акарате Афедерациеи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси еицхырааны карате азы (кумите WKF) иаарту атурнир еиҿыркааит. Аицлабра мҩаԥысит Очамчыра араион Акәасқьа ақыҭан. Уи иалахәын ахәыҷқәеи ахбыџқәеи ԥшьышықәса зхыҵуа инадыркны 14 шықәса зхыҵуа рҟынӡа, иааидкыланы 80-ҩык раҟара Очамчыра, Гал, Аҟәа араионқәа рҟынтә. Аиааира згақәаз зегьы амедалқәеи ахраҿақәеи ранаршьеит, аҳамҭақәа ҷыдала ари атурнир азы иаахәан Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахарџь ала.
Аԥсны Акарате Афедерациа ахада Сергеи Демианов иҭабуп ҳәа реиҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи Аконгресс агәыԥ алахәцәеи атурнир амҩаԥгараҿы иҟарҵаз адгыларазы.
0