Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, иҳаҩсыз амчыбжь иалагӡаны Аԥсны иахьаҵанакуа ачымазара ахҭысқәа 73 аарԥшуп, агәаҭара иахысит 662-ҩык ауаа.

Иаҳхысыз амчыбжь азы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы рыдырбалеит 73-ҩык ауаа. COVID-19 аарԥшразы агәаҭарақәа ирхысит 662-ҩык. Абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб адыррақәа рыла, абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 17-ҩык апациентцәа. Згәабзиара ҭышәынтәалаз 5-ҩык атәылауаа ахәышәтәырҭа илҩаауп.

«Иахьазы иааидкыланы Аԥсны ачымазара здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 315-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьтә 120-ҩык ргәы бзиахеит, 4-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит», – ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.

Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адырра ҟанаҵеит убасгьы, Аԥсны аус шыруа аимадара ҷыда аномерқәа, урҭ рыла уасны COVID-19 иазку иарбанзаалак аинформациа уоур улшоит, иара убас асециалист иконсультациагьы.

Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи асыр рылшоит абарҭ аномерқәа рыла: 995–02–07, 935–30–71, Очамчыра ауааԥсыра рзы 925–10–09, Тҟәарчал 925–10–03, Гал 925–10–07, Гагра 925–10–05, Гәдоуҭа 925–10–02, Агәӡера 925–10–04.

Хара имгакәа Аҟәа иҟоу атәылауаа асра рылшартә иҟалоит аимадара ҷыда иаку аномер ахьгьы 0303, абри иаку аномер атәыла зехьынџьара аус ауртә аҟаҵара азҵаара иалацәажәоит абыржәтәи аамҭазы