Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, иҳаҩсыз амчыбжь иалагӡаны Аԥсны иахьаҵанакуа ачымазара ахҭысқәа 138 аарԥшуп, агәаҭара иахысит 910-ҩык ауаа. 

Саид Барганџьиа

Иаҳхысыз амчыбжь азы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы рыдырбалеит 138-ҩык ауаа. COVID-19 аарԥшразы агәаҭарақәа ирхысит 910-ҩык. Абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.


Аоперштаб адыррақәа рыла, абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтырҭа хадаҿы ишьҭоуп 62-ҩык апациентцәа. Урҭ рахьтә акоронавирус зцәа иалоу 59-ҩык ыҟоуп, хҩык агәҩара рзыҟоуп. Хәҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп, жәҩык бжьаратәуп. Мчыбжьык аҩнуҵҟала згәабзиара ҭышәынтәалаз хәҩык атәылауаа ахәышәтәырҭа илҩаауп. 

«Иахьазы иааидкыланы Аԥсны ачымазара здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 640-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 170-ҩык ргәы бзиахеит, фҩык рыԥсҭазаара иалҵит», – ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчарарзы аоперативтә штаб Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адырра ҟанаҵеит убасгьы, Аԥсны аус шыруа аимадара ҷыда аномерқәа, урҭ рыла уасны COVID-19 иазку иарбанзаалак аинформациа уоур улшоит, иара убас асециалист иконсультациагьы.

Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи асыр рылшоит абарҭ аномерқәа рыла: 995–02–07, 935–30–71, Очамчыра ауааԥсыра рзы 925–10–09, Тҟәарчал 925–10–03, Гал 925–10–07, Гагра 925–10–05, Гәдоуҭа 925–10–02, Агәӡера 925–10–04.