Мусса Егзакь алхратә штабқәа рахь Аконгресс ахьӡала иҟаиҵаз аофициалтә ааԥхьара

Иаҳԥеиԥшу ахҭысқәа ҳасаб рзуны, иахәҭоуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит абас еиԥш ааԥхьара аҟаҵара:

Ауаажәларратә еиҿкаара «Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс» политикатә еиҿкаараӡам, иарбанзаалак политикатә процесск иалахәӡам. Аха иара убри аамҭазы аполитикатә мчрақәа зегьы рацәажәара ҳазхиоуп, хазы аӡә далымкаакәа.

АААК хықәкыс ишамаз иаанхоит аԥсуа-абаза, аубых жәларқәа рмилаҭтә-культуратә ҭынха ахьчареи аизырҳареи. Ҳҿаԥхьа иқәгылоу адҵа хадақәа ируакны ҳахәаԥшуеит асоциалтә активра ацхраара, ауаа рынхашьа-бзазашьа аиӷьтәра, ауаажәларратә еилазаара реилаҵәара.

Абарҭ ахыдҵақәа рынагӡаразы Аконгресс активла аус ауеит Аԥсны араионқәа рҿы аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра аганахьала. АААК аусзуҩцәа ахаԥшьгара аазырԥшуа Аԥсны ақалақьуааи ақыҭанхацәеи ирԥылоит, реиҳа иҵарны иқәгылоу рыпроблемақәа ирылацәажәоит, анаҩс анхарҭақәа шьаҿа-шьаҿала рыҿиаразы «амҩатә хсаалақәа» шьақәдыргылоит. Иахьазы абас еиԥш иҟоу аусқәа системала имҩаԥысуеит 37 ҭыԥ рҟны.

Аҭыԥантәи аҟәшақәа ахьаԥҵоу анхарҭақәа рҟынтә АААК еиднакылеит уаҟа ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа рзы адыррақәа. Урҭ зегьы иаарласны иӡбатәны иҟоуп.

Аконгресс урҭ рыхәҭак аус рыдулара иалагахьеит. Иаҳҳәап, Баслахә ақыҭан ақыҭауааи Аконгресс аусзуҩцәеи еидгыланы аҭыԥантәи ашкол аҟны рҵаҩыс аус зуа асахьаҭыхҩы иҭаацәара рзы аҩны дыргылоит. Ӷәада ақыҭан аҩнқәа 50-еи ашколи 25 шықәса раахыс ӡыда иҟоуп. Абри аамҭазы иаҭаху аматериалқәа зегьы раахәаразы аиқәшаҳаҭра иазааихьеит. Ақыҭауаа рнапала аӡымҩангага ашьҭаҵара иазхиоуп.Абарҭи жәабала егьырҭи апроблемақәа – лшара бзиоуп атәылауаа рыбзазашьа гәыҵхас ишумоу усла аарԥшразы.

Ҳара иалаҳкааз апроблемақәеи ауснагӡатәқәеи актуалра рымазаауеит Аԥсны ахада иалхрақәа шеилгалакгьы. Убри аҟнытә ҳара ҳахиоуп алхратә кампаниа иалахәу зегьы иҳамоу аинформациа рыҭара.

Ҳара убас иҳаԥхьаӡоит: аҳәынҭқарраҿы иреиҳаӡоу амаҵураҭыԥ иеиҩаӡо дарбанзаалак ҳтәыла арҿиара астратегиа шьақәиргылалароуп ауааԥсыра ирыгу-ирыбзоу ҳасаб азуны. Убри аҟнытә Аконгресс имҩаԥнаго аусура акандидатцәа зегьы рзы ихәарҭахоит.

Акыр иаԥсоу ҳтәылауаа, ҳаҭыр зқәу акандидатцәа!

Ҳара агәра ҳгоит ҳаԥсадгьыл аԥеиԥш бзиа шамоу. Ҳара гәыкала иаҳҭахуп ишәҭыкакаҷуа атәылаҿы ҳанхаларц, амчра – ауаа рымаҵ аура иахьазку.

Агәра ганы ҳаҟоуп, атәыла ауааԥсыреи аполитикатә мчрақәеи ҳаваргыланы Аԥсны атәылауаа ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа рыӡбара иазку аицхыраареи арҿиареи рмодель бзиа ҳзаԥҵап ҳәа.