АААК ИА ахантәаҩы Мусса Егзакь адунеи иаланхо аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа зегьы ирыдиныҳәалеит Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аԥсуа-абаза жәлар Ашықәс ҿыци Қьырсеи рыдиныҳәалеит.

«Исызгәакьоу, сгәы иазааигәоу ауаа – абаза жәлар еиднакыло зегьы! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало 2020-тәи ашықәс!» – абарҭ ажәақәа рыла далагеит Мусса Егзакь иадныҳәаларатә ажәа.

АААК ИА ахада иазгәеиҭеит, иҳаҩсуа ашықәс ивара иҟоу ауааи иареи «ргәы азҭаны» инаскьаргоит ҳәа, избан акәзар Аконгресси «Алашареи» рыпрограммақәа рҿы иазԥхьагәарҭаз аусқәа «адгылара роуеит, қәҿиаралагьы инагӡахоит».

Иара еиҭеиҳәеит, аусура зеиԥшла иззынархоу ҭаацәацыԥхьаӡа зегьы рыԥсҭазаара аиӷьтәра шакәу, аиҳабацәа рықәранҵыра иацларц, ахәыҷқәа ргәы бзианы, рылаԥшҳәаа ҭбааны ирызҳаларц.

«Ҳара аӡәы аганахь даҳцәыбжьахар ҳҭахым, ҳагьақәгәыӷуеит ҳапрограммақәа рынагӡара зхы алазырхәуа зегьы убри насыԥны ирыдыркылоит ҳәа. Есааира шәара (аԥсуа-абаза жәлар – аред.) ауаажәларратә еиҿкаарақәа, ауаажәларратә усура шәҽадшәыԥхьалоит, убри иаҳагьы ҳгәы шьҭнахуеит. Ҳара иҟаҵатәу ҳдыруеит, ҳаимадарақәа ҳарҭбаауеит, еиҳа-еиҳа ҳҽеидаҳкылоит, ҳаизыҟазаашьақәа еиӷьхоит, ҳаилибакаара еиҳахоит, убри аҟнытә ҳзеиԥш усгьы – абаза милаҭ еиднакыло зегьы рус – ашьаҭа ӷәӷәа аиуеит», – иҳәеит Мусса Егзакь.

Иара игәы азҭаны иҳәеит, еиуеиԥшым атәылақәа рҿы инхо аԥсуааи абазақәеи шаҟа игәырӷьо АААК аделегатцәа анрызнеилак.

«Ҳаргьы амҵәыжәҩақәа ҳауеит ҳанырԥыло – Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Шьамтәыла, Европа, ма Египет – ҳахьнеилакгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи анаҳбо, еиҳа насыԥ ҳауеит. Адунеизегьтәи аԥсуа-ааза конгресс Аԥҟаԥҵәаҿы иарбоу адҵақәа нагӡауа ҳара аӡәыцыԥхьаӡа ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа зегьы рҟынӡа ҳнаӡоит. Нас зегь ҳҽеидаҳкылоит», – ҳәа агәра ганы иҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы.

Иадныҳәаларатә ажәа хыркәшауа Мусса Егзакь иазгәеиҭеит Ашықәс ҿыц – ҭаацәашәатә ныҳәоуп ҳәа, ҩнаҭацыԥхьаӡа зегьы абзиабареи, аилибакаареи, агәабзиареи, аҭынчреи, аԥхарреи рзеиӷьишьеит. Абаза жәлар зегьы ҳазҭало 2020-тәи ашықәсазы «напеибаркыла, шьаҿа ӷәӷәала аԥеиԥш лашахь ҳазго амҩа ҳаныланы ҳцалааит» ҳәа азеиӷьшьара ҟаиҵеит.