Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адырра ҟанаҵоит, Аԥсны иахьазы COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара 25-ҩык ыҟоуп ҳәа.

Аԥсны иахьаҵанакуа даҽа фҩык ауаа акоронавирустә чымазара ҿкы рыдбалоуп. Ачымазцәа ахәышәтәырҭахь иргоит рҭагылазаашьа бжьаратәызар, ма иуадаҩхар. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб адыррақәа рыла, иахьазы Аԥсны COVID-19 зцәа иалоу рхыԥхьаӡара 25-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Уаанӡа ачымазара зыдбалаз рахьтә жәҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп, быжьҩык аҩны рҽыԥхьакны иҟоуп, аҳақьымцәа рхылаԥшуеит.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб ԥхынгәы 27, 2020 шықәсазы ирыдыркылаз аӡбара шьаҭас измоу Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иқәҵара инақәыршәаны, аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысразы иҟоу аԥкырақәа нанҳәа 4 рҟынӡа рыҿҳәара иацҵоуп. Иара убас уи излаҳәо ала, Аԥсны атәылауаҩра змоу рыуацәа, ма рхылаԥшцәа рбарц азы знык ҳәа арахь иаауа ахәаанырцә тәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи аҳәаа рахысраан COVID-19 рцәа ишалам шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы рыцымзар ауеит.

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдырбалахьеит 63-ҩык ауаа. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит.