Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адырра ҟанаҵеит, Аԥсны COVID-19 ахҭыс ҿыцқәа ааба шьақәыргылоуп ҳәа.

Аԥсны иахьаҵанакуа даҽа ааҩык ауаа COVID-19 рыдбалоуп, иахьазы ачымазара зцәа иалоу рхыԥхьаӡара 33-ҩык ыҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки ирылагӡаны акоронавирустә чымазара амазааразы агәаҭара иахысит 134-ҩык ауааԥсыра.

«Абри аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 11-ҩык апациентцәа, 20-ҩык уи аҟара зҭагылазаашьа шәарҭам аҩны рҽыԥхьакны иҟоуп», – аҳәоит аацҳамҭа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб ԥхынгәы 27, 2020 шықәсазы ирыдыркылаз аӡбара шьаҭас измоу Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иқәҵара инақәыршәаны, аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысразы иҟоу аԥкырақәа нанҳәа 4 рҟынӡа рыҿҳәара иацҵоуп. Убри аан Аԥсны атәылауаҩра змоу рыуацәа, ма рхылаԥшцәа рбарц азы знык ҳәа атәыла иҭалар рылшоит ахәаанырцә тәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи, урҭ аҳәаа рахысраан COVID-19 рцәа ишалам шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы рыцымзар ауеит.

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа зынӡа иазгәаҭоуп акоронавирустә хҭысқәа 71. Ичмазаҩхаз рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит.