Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчарарзы аоперативтә штаб адырра злаҟанаҵо ала, аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла даҽа быжьҩык ачымазара рыдбалоуп.

Ԥхынгәы 22 раахыс Аԥсны акоронавирустә чымазара зыдбалоу рхыԥхьаӡара 17-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчарарзы аоперативтә штаб.

Аштаб адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла даҽа быжьҩык ачымазара рыдбалоуп.

Уаанӡа, ԥхынгәы 24 рзы Аоперштаб адырра ҟанаҵахьан, хәҩык ачымазара рцәа ишалоу азы, ԥхынгәы 25 рзы – даҽа хҩык ишрымоу.

Ачымазара ҿыц ахы цәырнагеит ԥхынгәы 22 рзы, Аԥсны иахьаҵанкуа ҩ-коронавирустә хҭыск анышьақәырӷәӷәаз ашьҭахь.

Зынӡа иааидкыланы Аԥсны акоронавирус ахьра ахҭысқәа 55 азгәаҭоуп. COVID-19 зцәа иалаз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит, 37 ргәы бзиахеит, аӡәы Шәачаҟа дыргеит, 16-ҩык аҳақьымцәа рхылаԥшуеит.

Уажәтәи аамҭазы иҭырҵаауеит ачымазара зцәа иалоу ирныруаз ауаа зусҭцәоу. Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчарарзы аоперативтә штаб Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа COVID-19 рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб ԥхынгәы 20, 2020 шықәсазы ирыдыркылаз аӡбамҭа шьаҭас измоу Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусдҵа инақәыршәаны, аԥсуа-аурыс ҳәаа ахыҵра иақәу аԥкырақәа рыҿҳәара ԥхынгәы 28 рҟынӡа инахоуп.