Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресса Гәдоуҭа ақалақь ахадареи ахәыҷқәа рзы аныҳәа мҩаԥыргеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Гәдоуҭа ақалақь ахадара ацырхырааны Ахәыҷқәа рыхьчара амш азы аныҳәа мҩаԥнагеит. Аныҳәахь имҩахыҵит шәҩык инареиҳаны ахәыҷқәа, ақалақьаҿтәиқәа реиԥш ааигәатәи ақыҭақәа рҟынтәгьы.

Шьыбжьон Акультура ахан аҟны аныҳәа аҭааҩцәа зегьы иддырбеит аԥсшәахь еиҭагоу амультфильм «Агәылшьап шыбжьатәу». Амультфильм аиҭагареи арбареи зыбзоуроу аԥсуа интернет-проваидер «Система» ауп.

Амультфильм даара иазҿлымҳаны иахәаԥшуан ахәыҷқәа реиԥш, урҭ ирыцны иааиз адуцәагьы.

Гәдоуҭа инхо Амина Қәираиа аныҳәахь дааит ҩыџьа лԥацәа – Асҭани Исмеҭи Џьынџьалаа лыманы. Аҷкәынцәа руаӡәк быжьба ихыҵует, егьи – жәеиза шықәса.

«Амультфильм сшахәаԥшуаз убас сагәыланахалеит, ахәыҷқәа ишрызку схашҭны, схаҭагьы иҟалоишь ҳәа сгәы хыҭ-хыҭуан. Шаҟа игәахәароузеи ҳхәыҷқәа бзиа ирбо ахаҿсахьақәа аԥсышәала иахьцәажәо! Иҭабуп даараӡа абри зегь еиҿызкааз», – лҳәеит ан.

Амультфильм аамышьҭахь ахәыҷқәа Аԥсуара аурок рзымҩаԥыргеит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым азҵаарақәа рҭак ҟаҵатәын. Аҭак иашақәа ҟазҵоз зегьы АААК аҟынтә агәаларшәагатә ҳамҭақәа роуан.

Убас, Аконгресс аҟынтә ҩ-ҳамҭак лырҳаит Анна Ҭарқьылԥҳа. Аӡӷаб маҷк аҟара лгәы хыҭ-хыҭуан азҵаарақәа рҭак аныҟалҵоз, аха лдыррақәа шиашаз агәра ганы дыҟан.

«Авикторина даара исгәаԥхеит, ҩ-ҳамҭак ахьсоуз сеигәырӷьоит. Иҭабуп иаҳзеиҿызкааз», - лҳәеит лара.

Жәашықәса зхыҵуа Емир Базба иазгәеиҭеит ҷыдала ишаликааз авикторина аԥсышәала иахьымҩаԥысуаз, насгьы азҵаарақәа зегьы Аԥсны иахьазкыз.

«Сгәы иахәеит аԥсуа викторина сахьалахәыз. Аҵара бзианы иҵалатәуп зегь рыла уаԥсыуахарц азы», - иҳәеит иара иҩызцәа рахь ихы нарханы.

Авикторина анхыркәшаха ашьҭахь ахәыҷқәа адәаҟны аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рзеиҿыркааит.

«Сара иџьасшьеит, ахәыҷқәа шаҟа иргәаԥханы ихәмаруаз, игәырӷьаҵәа, рлакҭа еихаччо! Ари акыр иаԥсоуп. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аконгрессаа абас аныҳәа ахьеиҿыркааз азы. Ҳгәы раҳаҭуп», - лҳәеит Емма Сергегиа, хәышықәса зхыҵуа лмаҭа Нила дызманы иааиз.

Аконгресс ахаҭарнак Дмитри Жьиба иҳәеит АААК аусураҟны ианакәызаалак ахәыҷқәа азҿлымҳара ҷыда шрырҭо, хаҭалагьы урҭ рааӡара, рырлахҿыхра иазку апроектқәа. Абас иҟоу ахәмарратә формат алагьы ҳажәлар рҵас-қьабзқәеи ҳкультуреи рызноугратә еиԥш еиҿкаан ари аныҳәа.

«Агәыӷра сымоуп ҳхықәкы ҳзынагӡеит ҳәа. Ахәыҷқәа гәырӷьон-иччон. Ҳаигәырӷьоит, ауаа ҳааԥхьара рыдкыланы абас ирацәаҩны иахьааиз. Лымкаала ҳгәы рыладууп ахәыҷқәа, ҳапроект «иахьақәҿырҭыз»: ранацәеи рабацәеи рҟынтә ахҳәаа бзиаӡақәа маҷымкәа иҳауит», – иҳәеит Дмитри Жьиба.

Иара иҭабуп ҳәа раиҳәеит Гәдоуҭа ақалақь ахадара, иҟарҵаз авагыларазы, иара убас Гәдоуҭатәи аҭыԥантәи аҟәша аиҳабы Амра Лакәиа, нас аҟәша алахәцәа Софиа Ҳагԥҳаи, Софиа Наҟәаԥиеи, иара убас драҭабуит Аҿар русқәа рзы Аҟәа ақалақь аусбарҭа аусзуҩ Викториа Кәыҵниаԥҳа, АААК Аҿарацәа рхеилак алахәцәа Денис Быҭәба, Алиас Ҵәыџьба, Милана Хәаџьаа, Наала Чачхалиа.

Гәдоуҭа иҟоу АААК аҭыԥантәи аҟәша аиҳабы Амра Лакәиа лколлега диқәшаҳаҭхеит аныҳәа бзианы имҩаԥысит ҳәа ииҳәаз аҟны. Ус лҳәартә дҟазҵазгьы ахәыҷқәа рхымҩаԥгашьоуп, дара Аконгресс иазнархиаз аусмҩаԥгатәқәа зегьы ирылахәхон.

«Аныҳәа бзиаӡаны имҩаԥысит. Ахәыҷқәа ргәы алаҟоуп, уи ауп зегьы ирыцку. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит арахь иааиз зегьы», – лҳәеит Лакәиаԥҳа.

Аныҳәа ахыркәшамҭаз, уажәшьҭа ишаԥу еиԥш, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟынтә ахәыҷқәа зегьы ахаа-мыхаақәа рзыршеит, аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рҟны аиааира згақәаз ракәзар – агәаларшәагатә ҳамҭақәагьы ранашьан.

Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш – реиҳа акрызхыҵуа аныҳәақәа рхыԥхьаӡарахь иаҵанакуеит. Уи амҩаԥгара ахәҭоуп ҳәа ирыдыркылеит 1925 шықәсазы, Женева, ахәыҷқәа рыԥсҭазаара арманшәалара иазкыз адунеизегьтәи аконференциаҟны. Аха ари амш азгәаҭара раԥхьаӡа акәны ианалыршаха 25 шықәса рышьҭахь ауп – 1950 шықәсазы, уи нахыс еиԥҟьарада есышықәса иазгәарҭоит. Ахәыҷқәа рыхьчара амш – ахәыҷқәа иахьырныҳәоу адагьы аҵак ҷыда амоуп, ауаажәларра иргәаланаршәоит ахәыҷы изинқәа шыхьчалатәу, ахәыҷқәа зегьы еилых ҟамҵакәа аҵара шдырҵалатәу, насыԥ рыманы ирызҳалартә еиԥш ишныҟәалатәу, мышкызны даргьы андухалак рхәыҷқәа иаԥсоу уааны ирааӡарц.