Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҟны зымҽхак ҭбаау ахәыҷтәы ныҳәа мҩаԥнагеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс рашәара 12 рзы Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҟны ахәыҷтәы ныҳәа ду мҩаԥнагеит. Ари аныҳәа Ахәыҷқәа рыхьчара амш рашәара 1 иазкын, аха усҟан амш цәгьахеит азы, иахыган. Ус шакәугьы, ахәыҷқәа ргәырӷьара зынӡагьы иагымхеит.

АААК асоциалтә даҟьақәа рҿы алаҳәара ҟанаҵеит аныҳәа 18:00 сааҭ рзы ишалаго, аха Аҳабла ҿыц апарк аҿы ауаа уи аԥхьагьы иеизо иалагахьан.

«Ҳара маҷк заа ҳааит, избан акәзар, сыҷкәын шьыжьаахыс дсывагьежьуан, аныҳәа анбалагои, ҳанбацои ҳәа. Нас уаҳа ҳанзымԥш, ҳааит. Ахәыҷқәа даараӡа иззыԥшыз акоуп. Ишәымбои, шаҟа игәырӷьо», – ҳәа дычча-ччо иазгәалҭеит Дамир хәыҷ иан Марианна Аҩӡба.

Ииашаҵәҟьаны, ахәыҷқәа ргәырӷьара ҳәаак амамызт. Уи ус иҟаларц азы Аконгресс асиурпризқәа маҷымкәа иазнархиеит. Аныҳәа апрограмма даара ибеиан. Аԥхьа иқәгылеит ахәыҷқәа ретнографиатә ансамбль «Ашара».

Уи анаҩс илахҿыхыз аиндаҭларақәа ирылагеит, амаланыҟәеи, амалакәыри, ароликқәеи рыла зегь раԥхьа инеитәын. Аиааира згақәаз зегьы АААК аҟнытә аҳамҭақәа роуит.

Амаланыҟәа иақәтәаз дреиуоуп Иасон Ҵабриа. Иара дмаиааиӡеит, аха уи игәы иалымсӡеит.

«Сара аиааира сзымгаӡеит, аха зегь акоуп иахьатәи аныҳәа даара сгәалаҟара шьҭнахит. Ҽазны хымԥада саиааиуеит», – ҳәа игәы камыжькәа дҳацәажәеит Иасон.

Аныҳәа цонаҵы ахәыҷқәа асахьаҭыхразы амастер-класс рхы аладырхәыр рылшон. Амастер-класс мҩаԥыргон асахьаҭыхратә студиа «Сальвадор» арҵаҩцәа.

Аныҳәа апрограмма иалан иара убас афитнеси акәашареи рыстудиа «Мансарда» аҵаҩцәа рықәгыларақәагьы. Агәыԥ ApsnyCrew акәзар, абрейк-данс икәашеит.

Ахәыҷқәа аӡәырҩы адуцәа ирыцны абаҳчаҟны ажәардәынаҭрақәа хыршьит, дара заа ирхианы аныҳәахь иааргеит аиҿкааҩцәа.

«Сара уажәада аҵарақәа рыҭрақәа хысымшьӡацызт. Даара исгәаԥхеит ари аус», – иҳәеит Нестор Кәҭелиа.

Ҳәара аҭахума, аныҳәа иаҭааз зегьы рылаԥшқәа рыдхалон аниматорцәа, амультфильм «Трансформеры» афырхацәа аазырԥшуаз. Ахәыҷқәа дыргәырӷьон иара убас атәыҩазаҵәи акьанџьа ЛОЛи рхаҿсахьақәагьы.

Апарк аҟны аус ауан аквагрим астанциагьы. Ахәыҷқәа зегьы ааиуан рхы-рҿқәа рҿы асахьа ԥшӡа ҭырхырц азы.

Аныҳәахь имҩахыҵыз рахь ажәа иманы дықәгылеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба. Иара иааиз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа аԥсшәа раиҳәеит Аконгресс ахантәаҩы Мусса Егзакь ихьӡала, ахәыҷқәа агәабзиареи, ақәҿиарақәеи аҭынчреи рзеиӷьеишьеит. Ахҭыс ахҳәаа аҭауа, Гыцба иазгәеиҭеит Аконгресс ахаҭарнакцәа даара ишеигәырӷьо ауаа рацәа рбара.

«Сынтәа аныҳәа ахьымҩаԥаҳгаша ҳәа Аҳабла ҿыц алаҳхит, избан акәзар араҟа ауааԥсыра рацәоуп, насгьы ара ас зымҽхак ҭбаау аныҳәақәа мҩаԥаҳамгацызт. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҿар аус рыдулара ианакәызаалак азҿлымҳара ду анаҭоит, еиҳаракгьы ахәыҷқәа. Ахәыҷы изҳаанӡа ивара угылазароуп. Иахьатәи аныҳәа агәырӷьареи аччареи рацәаны иацын», – иҳәеит иара.

Ахәылбыҽха аныҳәа ахыркәшамҭаз ажәҩан ахь асалиутқәа рышьҭит, Аҩнусбарҭа №5 аиҳабы Ахра Кәыҵниа ибзоурала. Иазгәаҭатәуп, ари аҩнусбарҭа Адунеизегьтәи-аԥсуа-абаза конгресс аныҳәа аиҿкаараҿы зегь рыла ишацхраауаз.

Ахра Кәыҵниа Аконгрессаа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, ахәыҷқәа агәабзиареи аманшәалареи рзеиӷьеишьеит.

Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҟны иаарту АААК аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы Илона Адлеиԥҳа лакәзаргьы иазгәалҭеит, аныҳәа иалахәыз ахәыҷқәа агәахәара ду шроуз.

«Ахәыҷқәа даара иеигәырӷьеит ари аныҳәа, иазыԥшын иара. Ибзиаӡаны рхы аадырԥшит. Анацәеи абацәеи уажәи-уажәи инҳадгыланы ажәа ҟәандақәа ҳарҳәон, ҳаргьы уи азы иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп. Иахьа Аҳабла ҿыц аҟны аныҳәа хазына ҳаман», – лҳәеит лара.

Аныҳәахь имҩахыҵыз Мадина Адлеиԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс акоманда драҭабуит.

«Ахәыҷқәа ргәы алаҟоуп, апрограмма хкы рацәала еиларсын: аспорт, акультура, арлахҿыхрақәа. Иҭабуп даара иаҳзеиҿызкааз», – лҳәеит Адлеиԥҳа.

Ахәыҷқәа зегьы ахаа-мыхаақәа рзыршеит. Аныҳәа ахыркәшамҭаз ақьаад шоу ддырбеит.