АААК аинформациатә ҟәша ихнаркәшеит апроект ҿыц “САРА ИСЫХЬӠУП” аус адулара.

Аҧсуа-абаза жәлар ркультуратә ҭынхеи рмилаҭтә хаҿреи реиқәырхаразы АААК имҩаҧнаго аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, АААК аинформациатә ҟәша иӡырнагеит апроект ҿыц “САРА ИСЫХЬӠУП”. Апроект абзоурала еиқәыршәоуп АААК агәыҧ абжьгарақәа рыла ицәырганы иазырхиоу аҧсуа хьыӡқәа рсиа. Уи асиа заанаҵ иахәаҧшны ишьақәдырӷәӷәеит аспециалистцәа-аетнографцәа. Апроект хықәкыс иамоуп аҧсуа хьыӡқәа раларҵәара.

Аинфоҟәша агәҭакы инақәыршәаны, урҭ абуклетқәа хәыда-ҧсада зцәа зтәым аҳәса ирзыршалоит изаамҭанытәиу амедицинатә гәаҭара ахысырҭақәа, аҳәса рабжьгарҭақәа, ахшараиурҭақәа рҿы атерапиатә ҟәшақәа, алабораториақәа, атәыла АҬАР-қәа рҿы.

Абуклет ашьҭахьтәи адаҟьаҿы иануп аҧҳәыс лцәеижь аҿы имҩаҧысуа аҧсахрақәеи, мгәаҭа иҟоу аӡҟы иҿиашьеи, етап цыҧхьаӡа зцәа зтәым аҧҳәыс дызхысша анализқәеи ртәы зныҧшуа амзар ҷыда. Ахьӡқәа рсиеи, аҭаацәа ҿарацәа рахь ааҧхьареи еиқәыршәоуп ҩ-бызшәак рыла (аҧсшәеи аурысшәеи рыла), зцәа зтәым ирызку амзар ҷыда - урысшәала.

“Апроект аусура ишалаҳаргахьоугьы, иҳәатәуп уажәтәи алҵшәа агәаҭаратә ҟазшьа шамоу. Ахьӡқәа рхыҧхьаӡара, асиаҿы ианқәоу рыла инҵәаӡом. Иаҳа инеиҵыху ахьыӡқәа рсиа арбаразы Аконгресс аофициалтә даҟьаҿы еиҿаҳкаауеит иара мацара иазкхо ацәаҳәа. Ари абуклет хаҭала изызку рахь схы нарханы, раҧхьа иргыланы, ирыдысныҳәалоит дук хара имгакәа рыҩнаҭақәа зырлашаша ассир хәыҷы дырхылҵраны иахьыҟоу! Уеизгьы-уеизгьы анра ма абра зҧеиҧшу ауаа ахәыҷы ихьӡ алхра рцәыуадаҩхашт. Ахьӡ алхра ҭакҧхықәра дууп! Уи алхра ахәыҷы ҧхьаҟатәи иҧсҭазаара ҳәаақәнаҵоит, избанзар ахьӡ абзоуралоуп иааикәыршаны иҟоу шиныруа, иара убри алоуп ихы шибогьы. Ихьӡ аҵакы иҧсы ахьынӡаҭоу ицзаауеит. Иазҳархиаз асиа - иҧшӡоу, ҵакыла ибеиоу аҧсуа хьыӡқәа роуп. Урҭ ирныҧшуеит ҳмилаҭтә хаҿра аҵакы, ҳарзааигәартәуеит аҵасқәеи акультуреи, иаҧырҵоит абиҧарақәа реимдара. Ари асиа еиқәҳаршәеит акультуратә ҭынха ацхыраареи аиқәырхарки ирызку АААК апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ҳхәыҷқәа раҧхьатәи ршьаҿақәа реиҧш - ҳусгьы иаҳа зҵакы дуу, изаманоу акы ашҟа еихыгоу раҧхьатәи шьаҿахааит! Агәра ганы ҳаҟоуп ҳус Аҧсни зыхьӡ-зыҧша дуу уи ажәлари бзиа збо ауаа зегьы ргәы ишақәшәо. Шәааи, имаҷу ала ҳалаганы идуу ашьаҿа аҟынӡа ҳаивагыланы, ҳмилаҭтә хаҿра аиҭарҿиара алҳаршап”, - ҳәа азгәалҭеит апроект автор, АААК аинформациатә ҟәша аспециалист Алиса Хәытаба.

Зеиҧшла абуклет аҿы еизгоуп 200 инарыцны ахацәеи аҳәсеи рыхьӡқәа. Иааиуа амчыбжь инаркны, урҭ абуклетқәа атәыла ахәшәтәырҭақәа ирызшахоит.