Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

21 Ԥхынҷкәын 2024
14:07
Иаку, иузеиҩымшо
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭоурых иазкны
1992 шықәса жьҭаара 7-8 рзы Лыхны ақыҭан имҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар I-тәи рконгресс. Аконгресс аусура рхы аладырхәит ихароу, иааигәоу аҳәаанырцә аҟынтәи адиаспора ахаҭарнакцәа, иара убас Ҟабардантә, Адыгатәылантә, Шаԥсыӷынтә, Абазашҭантә аделегатцәа. Ари ахҭыс лымкаала аҵак ду аман 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа жәлар ргәы ашьҭыхразы. Аҭоурыхтә ӡеибафара иахҟьаны шәышықәсеи бжаки раахыс еиҟәыҭханы иҟаз ажәлар еидгылеит, реиҳа иуадаҩыз, ашәарҭара зцыз аамҭа анырзыҟала.
Владислав Арӡынба, Ибрагим Иаӷан (арымарахь ала) Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар I-тәи рконгресс аҟны, жьҭаарамза, 1992 шықәса
© Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Владислав Арӡынба Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар (абаза) I-тәи рконгресс аҟны, жьҭаарамза, 1992 шықәса
© Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Аконгресс аҟны ирыларҳәеит Абаза жәлар Адунеизегьтәи Рассоциациа шаԥҵахо. Иалырхит апрезидиум, аредакциатә комиссиа, иара убас апресс-маӡаныҟәгарҭа. Ассоциациа анагӡаратә комитет дахагылеит аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Тарас Шамба.
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар I-тәи рконгресс аҟны ирыдкылан адокументқәа жәпакы: Адекларациа, иара убасгьы аизара алахәцәа иҟарҵаз ааԥхьарақәа – ООН ахь, Кавказ ажәларқәа рахь, Урыстәыла ахадеи, Иреиҳаӡоу Асовети рахь – Қырҭтәыла иаҿагыло асанкциақәа ахархәара рзуны, Аҧсны аибашьра аанкылара иацхраарц азы аҳәара ҟаҵо.
Актәи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс Адекларациа аҟынтә
© Аҧсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар I-тәи рконгресс аҟны Ҭырқәтәылантә аделегат иқәгылара аҟынтә
© Аҧсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра
I-тәи Аконгресс аделегатцәа аҳәамҭа ҟарҵеит аҧсуа-абаза милаҭ аиқәырхара алыршахоит ҳәа адиаспора ахаҭарнакцәа рҭоурыхтә
ҧсадгьыл ахь рырхынҳәра амҩала мацара. Убри аан иазгәаҭан ари апроцесс адунеи аҿы иазхаҵоу азинтә шьаҭала ишымҩаԥгалатәу.

Абаза жәлар Адунеизегьтәи Рассоциациа, мамзаргьы нас ишашьҭаз ала Аҧсуа-абаза милаҭ (абаза) Жәларбжьаратәи Рассоциациа (урысшәала – МАААН) Анагӡаратә комитет раҧхьатәи аилатәара аилатәара мҩаҧысит Гәдоуҭа, жьҭаара 9, 1992 шықәсазы. Аилатәараҿы ирыдыркылеит Аҧҟаҧҵәа, уи ианыҧшуан Ассоциациа ахықәкы хадақәа: аҧсуа-абаза жәлар рмилаҭтә-культуратә акзаара аиҭашьақәыргылара; адиаспора ахаҭарнакцәа рхатә гәаԥхарала рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәырц азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раҧҵара; Аҧсны аекономикатә, асоциалтә, акультуратә ҿиара аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа ралархәра; ҵабыргыла иҟаҵәҟьаз аҭоурых ашьақәырӷәӷәара, аҧсуа-абаза (абаза) жәлар рмилаҭтә хдырреи, рҵас-қьабызқәеи реиқәырхара.
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар I-тәи рконгресс алахәцәа ззыҳәоз ажәлар рконсолидациа Аԥсны ахақәиҭтәраҿы ароль ду нанагӡеит. Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны аиааира ҳгеит, абаза жәлар II-тәи Реизара ду мҩаҧысуан зхы иақәиҭу Аҧсны аҳҭнықалақь аҿы, 1994 шықәса, ҧхынгәымзазы.
Урыстәыла, Европа, Мрагылара Ааигәа атәылақәа, Еиду Америкатә Штатқәа уҳәа рҟынтә 240-ҩык инареиҳаны аделегатцәа еизеит Аҟәеи Пицундеи имҩаԥысуаз афорум аҿы. Уажәшьҭа аусура ахырхарҭа хадақәас иалкаан аԥсуа-абаза етнос аиҭаира, иара убас адунеи иқәынхо ҳџьынџьуаа зегьы аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара ралархәра.

Аиҿкаара шазыхиоу аанарԥшит шәкы инареиҳаны адунеи атәылақәа ирыланхо ҳџьынџьуаа рхатәы бызшәа дырҵараҿы ацхыраара аҟаҵара. Ассоциациа анеиҿкааха раԥхьатәи ашықәсқәа ирылагӡаны иҭнажьит ашколқәреи, ашколнӡатәи ақәреи рахь иаҵанакуа ахәыҷқәа рзы аԥсуа лакәқәеи, ашәақәеи, ажәабжьқәеи реизгақәа, Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз аԥсуа бызшәа арҵаратә курсқәа шәҟәы-быӷьшәыла еиқәнаршәон.

Ассоциациа аофисқәа аатит Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Германиа, Черқьесск, Иорданиа. Аԥсуа-абаза милаҭ жәларбжьаратәи рассоциациа аофис хада еснагь Аҟәа иҟан.
Арепатриациа азҵаарақәа ирызкны Валери Ҳаҭажәыҟәа иқәгылара аҟынтә
© Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра
1995 шықәса рашәарамза 2 рзы Аҟәа имҩаҧысит Жәларбжьаратәи аҧсуа-абаза милаҭ рассоциациа иҭнажьуа иалагаз ажурнал «Абаза» аӡыргара. «Абаза» актәи аномер ҭыжьын Аҧсуа ҭыжьырҭатә-полиграфиатә еилахәыра иатәыз Аҟәатәи атипографиаҿы, атираж хә-нызқь цыра ыҟан, уи зегьы Аҧсныи, аҳәаанырцәтәи ҳдиаспореи ирызшан.
1997 шықәса, нанҳәа 24 рзы Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика аҳҭнықалақь Черқьесск имҩаҧысит Адунеизегьәи аҧсуа-абаза жәлар III-тәи рконгресс. Аконгресс аделегатцәа азҿлымҳара арҭеит аҧсшәеи абаза бызшәеи рыҿиара апроблема, акультура аиқәырхара, амилаҭтә хдырра аизырҳара, адунеи иқәынхо абаза жәлар реизааигәатәразы «ацҳақәа» рыхҵара.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар IV-тәи рконгресс мҩаҧысит Аҟәа,цәыббра 23, 2003 шықәсазы. Владислав Арӡынба иазгәеиҭон Аконгресс қәҿиарала ажәлар реидкылара аус шынанагӡо, уи хықәкы хадасгьы ишамоу – азеиҧш доуҳатә, акультуратә, аполитикатә шьаҭа аҧҵара.

2006 шықәса, жьҭаара 6 рзы Аҧсуа-абаза милаҭ жәларбжьаратәи рассоциациа ООН амаӡаныҟәгаҩ хада Кофи Аннан иахь, уи ихьӡалагьы адунеижәларбжьара рахь ашәҟәы рышьҭит, аҧсуа репатриантцәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рырхынҳәра иадҳәалоу азҵаара аӡбара шаҭаху азы ааҧхьара ҟаҵаны.

Ашәҟәаҿы иарбан, XIX-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы иҟаз Кавказтәи аибашьра иахҟьаны аҧсуааи ашәуааи мчыла рыдгьылқәа ишрыхцаз, уи ашьҭахь Аҧсныҟа ақырҭқәа ааганы ишнырхаз. «Ари ахҭыс хлымӡаах Аҧсны адемографиатә баланс шьақәнарҟьеит, шьаҭанкылагьы иаҧсахит, Қырҭтәыла аимпериатә амбициақәагьы аџьшьара рынаҭеит, уи иалҵшәаны аҧсуааи ақырҭқәеи рыбжьара ишьаарҵәыраз аибашьра ҟалеит», – аҳәоит адокумент.
2006 шықәса, ҧхынҷкәын 14-17 рзы имҩаҧысит Адунеизегьтәи
аҧсуа-абаза жәлар рконгресс ахәбатәи аизара ду. Уи лозунгс иаман «Зхьыҧшымра азхаҵоу аҳәынҭқарра – аҧсуа милаҭ реиқәырхара шьагәыҭс иамоуп». Аизара иалахәын аҧсуа диаспора ахьынхо атәылақәа жәпакы рҟынтә аделегатцәа: Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Голландиа, Канада, Германиа, ЕАШ, Болгариа, Мысра, Марокко, Франциа уҳәа уб. иҵ. Афорума аделегатцәа адунеи ажәларқәеи адунеи апарламентқәеи зегь рахь ааҧхьара ҟарҵеит Аҧсны ахьыҧшымра азхарҵарц.
Адунеизегьәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс V-тәи аизара ду. Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада иааҧхьара
© Наала Аҩӡԥҳа
Адунеизегьәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс V-тәи аизара ду аҟны Ҭырқәтәылатәи аделегат Џьамалаҭҭин Арӡынба иқәгылара
© Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра
2012 шықәса, мшаԥы 22 рзы анемец қалақь Гамбург аетнографиатә музеи анҟы Аҧсны амш мҩаҧысит, Кавказ атәылақәеи ажәларқәеи ирызку есышықәсатәи аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Амузеи аҭааҩцәа рзы иҟаҵан аҭҵаарадырратә ажәахәқәа, Аҧсны аҭоурыхи, аетнографиеи, аҧсуа бызшәеи, аҧсуа ҟазареи ирызкны. Аҧснытәи аделегациа напхгара аиҭон Аҧсуа-абаза милаҭ Жәларбжьаратәи Рассоциациа ахада Тарас Шамба, Ассоциациа аҧшьгаралоуп ари аус анагӡара шалыршахазгьы
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар VI-тәи рконгресс мҩаҧысит абҵара 22-25 рзы, Ассоциациа азы ииубилеитәыз 2012 шықәсазы. Уаҟа ҩажәашықәсазтәи Ассоциациа аусура аихшьалақәа ҟаҵан, хаҭалагьы иалкаан аџьынџьуаа рыбжьара аимадара шыӷәӷәахаз, еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аилазаарақәеи, ҳдиаспора ахьынхо атәылақәа реиҳабыреи рҟны ишымҩаҧгаз аиҧыларақәа жәпакы.
2013 шықәса, рашәарамза 27 рзы Европарламент аҟны имҩаҧысит "Аҧсныи Европеи: аилибакаареи аизааигәахареи амҩақәа" ҳәа хьӡыс измаз аконференциа. Хыҧхьаӡара рацәала аконференциа иаҭааз аԥсуааи ашәуааи рделегациа дахагылан Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза милаҭ жәларбжьаратәи Рассоциациа ахада, академик Тарас Шамба.

2017 ҧхынҷкәын 7-9 рзы Аҟәа имҩаҧысит Аконгресс VII-тәи аизара ду, уи уажәшьҭа официалла иахьыӡхеит абас: Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс (АААК).
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс VII-тәи реизара ду. Ҟарачы-Черқьессктәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра арепортаж. Ԥхынҷкәын, 2017 шықәса
Ари афорум аҟны, Аконгресс аҧҵоуижьҭеи 25 шықәса раахыс, раԥхьаӡа акәны уи анапхгара ҧсаххеит, аҽеиҭанакит иара убас ашьақәгылашьагьы. Аҧҟаҧҵәа ҿыц аҟны иарбоу аҧҟара инақәыршәаны, Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс далхын аҵарауаҩ, амеценат Мусса Екзеков.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду. Аԥсуа телехәаԥшра арепортаж. Мусса Екзеков иҿцәажәара.
Аконгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩыс дҟалеит (амаӡаныҟәгаҩ хада имаҵура ахаҭыҧан иаҧҵаз амаҵура ҿыц – аред.) Инар Гыцба, уаанӡа Азинмчра нагӡа змоу Аҧсны ахаҭарнак иаҳасабала Ҭырқәтәыла иҟаз, Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Ҭырқәтәылеи Мрагылара Ааигәеи рыҟәша аиҳабы.
Хәажәкыра 22 рзы Аҟәа имҩаҧысит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҩбатәи аилатәара. Уи аҟны аконгресс аделегатцәа Аҧҟаҧҵәа аредакциа ҿыц шьақәдырӷәӷәеит, иагьышьақәдыргылеит аконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак.
Аконгресс аҩбатәи аилатәараҟны иӡырган иара убас хара имгакәа иаартхо АААК Аинформациатә портал www.abaza.org
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аусура азынархоуп аҧсуааи ашәуааи реимадарақәа рырӷәӷәара. Аконгресс иазҧхьагәаҭаны иамоу аусқәа рҟынтә –ҳажәлар рхаҭарнакцәа ахьыҟоу зехьынџьара аҟәшақәа раартра, ҳдиаспора ахьынхо атәылақәа зеиҧшроу еиҧш, доусы ирнаалашаа апрограмма ҷыдақәа раҧҵара, иара убас Аинформациатә портал активлатәи аусура, уи адунеи еиуеиҧшым абызшәақәа рыла аҧсуаа-абазақәа рҭоурыхи ркультуреи рыӡбахә еиҭанаҳәалоит.

Атекст автор – Асҭанда Арӡынҧҳа, абильд-редактор – Наала Аҩӡыҧҳа, аредактор хада – Амина Лазҧҳа