Анҵамҭақәа зегьы
Аҧсни Урыстәылеи аспорт зҽаҧсазтәыз азҟаза Олег Бебиа дҭахеит лаҵарамза 10, 2023 шықәса рзы, ахәцәа рҭыгараан, иҷыдоу арратә операциа ахьымҩаҧысуа аҵакырадгьыл аҿы. Иааирҧшыз агәымшәаразы данҭаха ашьҭахь ианаршьеит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра амедали, Афырхаҵаразы аордени, ахьы иалху Гьаргь иџьар 1-тәи аҩаӡареи. «Сокол» ҳәа ахьӡ ҷыда змаз аибашьҩы иҧсҭазаареи иҭахареи ирызкны шәаҧхьа ажурналист, АААК Аҳәса рхеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаҧҳа лматериал аҿы.
Кәтол ақыҭа лаҵарамза 1 имҩаҧысит аҽырҩраамҭа аартреи аҽыбӷаҟазаратә еицлабреи.
АААК аинформациатә ҟәша ихнаркәшеит апроект ҿыц “САРА ИСЫХЬӠУП” аус адулара.
Изныҧшуеи ажәлар рдоуҳа? Ажәлар рдоуҳа аныҧшуеит рбызшәала, рҵас, ркультурала. Иара убасгьы абиҧарала еимырдо, ауаа ргәалаҟазаара ашьҭыхреи ирыхәаша аҟаҵареи рзы алшара аҧызҵо анапҟазарақәа рыла. "Згәы еисуа аҟазара" – Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс апроект ҿыц ауп. Адырраҭарақәа рцикл иаҳзеиҭарҳәоит ҳаҵасқәа ҿымцәаартә, ҳаамҭазтәи акультура иахәҭакны еиқәзырхо анапҟазацәа рыӡбахә. Адырраҭарақәа рыбзоурала анапҟазара аҭоурыхи атехнологиеи рзы шәдыррақәа еизҳауеит, иҟалап аҟазараҿы шәхы ҧышәшәарц азы агәазыҳәара шәоургьы.
2022 шықәсазы Аҧсны жәлар рартист, Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Алиса Гыцҧҳа лаҧшьгарала иаҧҵан хаҭала напхгара зылҭо, анагӡаҩ ҿарацәа ралҧшаареи рӡыргареи иазку амузыкатә еицлабра. Анаҩстәи ашықәс азы аицлабра амҽхак арҭбааит, ҩ-ҳҭнықалақьк рҿы – Аҟәеи Москвеи имҩаҧысит. Иахьа аоператә шәаҳәаҩи, авокалистцәа рыла ишьақәгылоу лгәыҧи активла аконцертқәа мҩаҧыргоит. Алиса Гыцҧҳа АААК аинформациатә ҟәша еиҿнакааз аиҿцәажәараҿы еиҭалҳәеит аицлабра ашьҭахьтәи аҧсҭазаареи аҟазареи рзы лгәы иҭоу.
“Ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа” иазку Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аҩбатәи аусуратә ҭыҵра, 2024 шықәсазы Аконгресс имҩаҧнагахьоу аусқәа рҟнытә зегь реиҳа зымҽхак ҭбааз хҭысхеит.
Жəабран — ачгара Ду иалагаанӡа шықәсык ахь знык имҩаҧырго қьабзтә ныҳәоуп. Крызхыҵуа ари аҵас адац-ҧашәқәа ҳажәлар ржәытә ҭоурых иаласоуп.
2024 шықәсазы АААК имҩаҧнаго апроект ҿыцқәа ируакуп ақыҭа школқәа рҵаҩцәа асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа дырҵара.
АААКи арҵаҩы Инна Џьугьелиаҧҳаи рыпроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳазҭоу ашықәс азы раҧхьатәи алекциа мҩаҧган Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы.
Ажурналист Екатерина Бебиа лавтортә программа «Аҧсуара амҩахәасҭақәа» рцикл анҵамҭаҿ диҿцәажәоит Варлам Карамзиа. Анҵамҭа ҟаҵан 2009 шықәсазы.