Амениу
14 Лаҵара 2024
19:09
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

14.05.2024 12:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
10.05.2024 20:40
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Иааҧсаз, аха згәы алаҟоу: Аҷандаратәи ашколхәыҷқәа “Аимадара” апроект аҿы

Апроект “Аимадара” аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭыҧантәи аҟәшақәа аус рыцуразы АААК аҟәша еиҿнакааит Т.Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҷандаратәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы изаамҭанытәиу аекскурсиатә мшы. Уажәазы аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа аҭааит Оҭаҧ иҟоу Абраскьыл иҳаҧи Мықәтәи ауахәамеи. 

Аныҟәара ахыркәшамҭазы алахәҩцәа ирзыҧшын ргәы иаахәаша аҳамҭа - иблахкыгоу Аӡына аҩхааҿы апикник. 

0
10.05.2024 19:41
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Олег Бебиа игәалашәара иазкны

Аҧсни Урыстәылеи аспорт зҽаҧсазтәыз азҟаза Олег Бебиа дҭахеит лаҵарамза 10, 2023 шықәса рзы, ахәцәа рҭыгараан, иҷыдоу арратә операциа ахьымҩаҧысуа аҵакырадгьыл аҿы. Иааирҧшыз агәымшәаразы данҭаха ашьҭахь ианаршьеит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра амедали, Афырхаҵаразы аордени, ахьы иалху Гьаргь иџьар 1-тәи аҩаӡареи. «Сокол» ҳәа ахьӡ ҷыда змаз аибашьҩы иҧсҭазаареи иҭахареи ирызкны шәаҧхьа ажурналист, АААК Аҳәса рхеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаҧҳа лматериал аҿы. 

https://abaza.org/abk/1160

0
09.05.2024 20:31

АААК еиҿнакааит Аӡҩыбжьатәи ашкол аҵаҩцәа рзы аекскурсиатә мшы 

Апроект "Аимадара" аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭыҧантәи аҟәшақәа аус рыцуразы АААК аҟәша имҩаҧнагеит А. М. Ҷоҷуа ихьӡ зху Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы изаамҭанытәиу аекскурсиатә мшы. Аиҳабыратә классқәа рыҟнытә 20-ҩык аҵаҩцәеи урҭ рырҵаҩцәеи Афонҿыцтәи аҳаҧы иаҭааит, анаҩс Аҧсаратәи ашьха ақәцә ахь ихалеит. Убла хызхуа аҭыҧқәеи, ибеиоу урҭ рҭоурыхи еицыз зегьы хнахит. Аекскурсиа зеиӷьыҟам ала ахәыҷқәа рхаҿы иаанхеит, агәаҳәара ду рнаҭеит. Ирацәоуп рхазы иҿыцны иаадыртыз. Хҭысла ибеиаз амш хыркәшан пикникла, еилашуа аӡиас Ҧсырӡха ахықәан.

0
09.05.2024 19:50
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

Мусса Егзакь аҧхьа днаргыланы, АААК ахаҭарнакцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афырхацәа рыхьӡ ргәаладыршәеит

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзакь аҧхьа днаргыланы, Санкт-Петербург иҟоу АААК аҟәшеи, Санкт-Петербургтәи аҧсуа диаспореи, А. Ф. Можаиски ихьӡ зху Арра-космостә академиа акурсантцәеи рхы аладырхәит 1941-1945 шықәсазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахыз рыхьӡ агәаларшәара. Ацеремониа алахәҩцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Ҟарачы-Черқьесиеи Аҧсни рҵеицәа анышә иахьамадоу Пискаревтәи аҧсыжырҭаҿы. 

Архивтә материалқәа инарықәыршәаны, Асовет ари, Арра-мшынтә флоти рахь Аҧснынтәи инаҧхьан 55,5 нызқьҩык. Афронт аҟнытә ихнымҳәит 17 нызқь инареиҳаны ауаа. 

Ҟарачы-Черкесиантәи арра инаҧхьан 46 нызқьҩык инареиҳаны. Урҭ рыбжаҩык аҩныҟа изыхнымҳәит.

0
07.05.2024 14:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Акәасқьа ақыҭан имҩаҧнагеит адиспансеризациа.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Очамчыра араион Акәасқьа ақыҭан имҩаҧнагеит адиспансеризациа. Ишаҧу еиҧш, адиспансеризациа ҩ-етапк рыла ишьақәгылан: раҧхьатәи амш азы ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи азеиҧш ҭҵаара амҩаҧгареи, ашьақар аҩаӡара агәаҭареи рзы ашьа рылырхит, аҩбатәи амш азы урҭ аҭҵаарақәа рылҵшәақәа анроу, ақыҭахь ирзымҩахыҵыз аҳақьымцәа рҿы агәаҭара иахысит.
Зеиҧшла адиспансеризациа рхы аладырхәит 100-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи. Агәабзиаратә шьақәҟьарақәа здырбалаз хәыҷи-дуи зегьы инацҵаны ргәаҭаразы адәықәҵабӷьыц рырҭеит. 

Аҧсны ақыҭа школқәа рҿы адиспансеризациа амҩаҧгара - атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраарала Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс имҩаҧнаго проектуп.

0
02.05.2024 17:56
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аџьеи ааҧыни рныҳәа: Кәтол ақыҭа имҩаҧысит аҽыбӷаҟазаратә еицлабра

Кәтол ақыҭа лаҵарамза 1 имҩаҧысит аҽырҩраамҭа аартреи аҽыбӷаҟазаратә еицлабреи.

https://abaza.org/abk/1159

0
02.05.2024 12:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Афон Ҿыц имҩаҧысит амилаҭтә хәмаррақәа ирызку амастер-класс

Б.Д. Аҩӡба ихьӡ зху Афонҿыцтәи абжьаратә школ аҿы Аконгресс агәыҧ имҩаҧнагеит изаамҭанытәиу амилаҭ-баҩрҵәыратә хәмаррақәа рзы амастер-класс. Ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит "Аимҵакьачара" аҧҟарақәа, хазы инаҵшьны иазгәарҭеит ари ахәмарра уи иеиҧшу егьырҭ аицлабрақәа ирылазмырҩашьо аҷыдарақәа. Атеориатә хәҭа ашьҭахь аҵаҩцәа ҩ-гәыҧкны рыҽшаны, раҧхьатәи аматч мҩаҧыргеит. 

"Аимҵакьачара" - ҳаамҭазтәи регби угәалазыршәо, гәыҧ-гәыҧла рыҽшаны ампыл иахьалахәмаруа аҧсуа милаҭтә хәмарроуп.
Аицлабра аҧҟарақәа инарықәыршәаны, агәыҧқәа реиҳабацәа амҿы иалху алабала иасуеит рацәак идуум, ауапцәа иалху ампыл. Убри аан рҽазыршәоит ампыл дара ргәыҧ иаҵанакуа рнапахьы анагара. Ампыл шьҭызхыз ахәмарҩы, имхра иашьҭоу егьырҭ аиндаҭлаҩцәа дрыцәцаны, излауала ирласны афиниш аҟынӡа днеироуп.

Амилаҭтә хәмаррақәа ирызку апроект аус ауеит 2022 шықәса инаркны. 
Ҳазҭоу ашықәс азы АААК иацнаҵеит Аҧсны ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҿы амастер-классқәа рымҩаҧгара. Иреиӷьӡоу агәыҧқәа, аиааиҩы дахьалкаахо аицлабра аҽалархәра азин роуеит.

0
Иҵегь аҭагалара